АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Нанҳәа.2023

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа иҷыдоу иаҟәыҭхоу апалатақәа амазар ахәҭоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса алагамҭа инаркны Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы рҽырхәышәтәит  832-ҩык,  8 нызықьҩык инареиҳаны амбулатортә цхыраара рыҭан. Абри азы аԥшьаша, нанҳәамза  31 рзы аԥхынтәи аамҭахәҭазы иҟоу ақәыӷәӷәара иарбоу амедусбарҭа ишаныԥшуа аилкааразы арахь имҩахыҵыз агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи аҳҭнықалақь Ахадара агәабзиарахьчара Аусбарҭа анапхгаҩы Ирма Воубеи дырԥыло адырра ҟаиҵеит ари ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәыниа. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Агәабзиарахьчара Аминистрра ахәышәтәырҭа амбулатортә чымазцәа рзы иахәҭоу ахәшәқәа раахәараҿы ацхыраара ҟанаҵоит, ақалақь Ахадара акәзар, уи астационар аҿы иҟоу ачымазцәа рыхәшәтәра иадҳәалоу ахарџь зегьы ахахьы иагоит.

Асҭамыр Гәыниа, уахыки-ҽнаки рыла ахәышәтәырҭа иадҵаалоит 150-ҩык рҟынӡа ауаа, араҟа аус зуа аҳақьымцәа рџьабаа цәгьоуп ҳәа иазгәеиҭеит.  

Аҳақьым хада иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ахәышәтәырҭа аҿы есышықәса апациентцәа рхыԥхьаӡара ахьазҳауа инамаданы, ашьҭаларҭа ҭыԥқәа разымхара ыҟоуп. 

Едуард Быҭәба сынтәа иаартыз «Мельцеровскии бокс» ҳәа изышьҭоу аинфекциа-диагностикатә кабинет аусура геиҭеит. Ари абокс агәабзиарахьчара Аминистрра аԥшьгаралеи атәыла анапхгара иҟанаҵаз афинанстә цхырааралеи иаартын.

Абокс аамҭак ала акы-ҩба чымазара зыхьуа, мамзаргьы зчымазара шьақәыргылам, аха акыр ишәарҭоу аинфекциа злаҽыз ачымазаҩ иҿцаауаз апациентцәа раҟәыҭхара алнаршоит. Уи азы аҭаххара есааира иазҳауеит, иара убас аҳақьымцәа ишьақәдыргыло аинфекциақәа рыспекторгьы иазҳауеит.  Убас, иаагозар, иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы аԥхынразы иҳамоу амедицинатә персонал зегьы аиҳарак аротовирус ҳәа изышьҭоу аҿкы чымазара ахәышәтәра рҽазыркуазҭгьы, сынтәа аҭагылазаашьа акыр аҽаԥсахит ҳәа уҳәар алшоит. Ареспублика аҿы лассы-лассы ицәырҵуеит аимҳәаршә, абҷы, ацәаркыҷы, уҳәа ҷыдала ишәарҭоу аҿкы чымазарақәа цәырҵуа иалагеит. 

Асҭамыр Гәыниа абокс русураҿы даараӡа ицхыраагӡа бзианы иҟалеит ҳәа иазгәеиҭеит.  

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ишазгәеиҭаз ала, атәылаҿы уаҳа зда ыҟам аинфекциатә хәышәтырҭа азы бокск мацара даара имаҷуп.

«Ас еиԥш абоксқәа ҩба-хԥа ирыдамхаргьы рыҟазаара хымԥадатәиуп. Агәабзиарахьчара Аминистрра  атәыла анапхгара ацхыраарала даҽа бокс аргыларазы алшарақәа рыԥшаара алнаршоит», –  ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.

Агәабзиарахьчара аминистр апациентцәа дрыҿцәажәеит, урҭ рҭаххрақәа дрызҵааит, иара убас аинфекциатә хәышәтәырҭа ахь иаашьҭу, аҭыԥантәи аҳақьымцәа ацхыраара рызҭо урыстәылатәи аҳақьымцәа дырԥылеит. Едуард Быҭәба урҭ иҟарҵо ацхыраареи инарыгӡо аусуреи рзы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.


Read 454 times - Аԥшьаша, 31 Нанҳәа 2023 19:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.