АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Цәыббра.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи адыррақәа Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи адыррақәа Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.

 

Ҳаҭыр зқәу аҵаҩцәа, астудентцәа!

 

Гәык-ԥсык ала  ишәыдысныҳәалоит  игәырӷьахәу аныҳәа –адыррақәа Рымш!

Шәара, еизҳауа абиԥара ҿа - ҳтәыла аԥхьаҟатәи аԥеиԥш, ҳмилаҭ ахаҿра. Шәара шаҟа ҵарадыррала шәеиқәшәаны, ауаҩра шәыланы ишәызҳауа, убриаҟара еизҳазыӷьалоит, ишәҭыкакаҷлоит ҳ – Аԥсынра.

Агәра згоит шәхы аџьабаа анашәырба, зегьы иреиҳау аҩаӡарахь ахалара шшәылшо, шәеихьӡарақәа рыла ҳтәыла шәызгәдуны шәшыҟало. Ишәгәаласыршәарц сҭахуп, ҳтәыла, зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аргыларазы азинқәа хьчо акыр аԥышәарақәа шахҭнагахьоу.

Аҭынчреи асуверенитети Аԥсны иреиӷьыз аҵеицәа рыԥсҭазаарақәа ахҭнырҵеит. Агәра згоит, урҭ рфырхаҵарақәа шәхамыршҭкәа, шәымч-шәылша зегьы аҵара, адырра аиура ишазышәкуа, ҭынч нхара шәымазарц азы иқәԥоз шәеиҳабацәа рус ишацышәҵо. 

Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа!

Гәык-ԥсык ала иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп Аԥсны аҿар реиҵааӡара, рдыррақәа реизырҳара зымч-зылша, зхы-зыԥсы азызкуа зегьы. Шәара шәҟәыӷареи шәԥышәеи шьаҭас иаҭаны, ҳхәыҷқәа аҵара ргәы азыҳәо иҟашәҵоит, рааӡара  шәнапы алакуп.

Абри аныҳәамш азы аҵаҩцәеи астудентцәеи, ишәзеиӷьасшьоит адыррақәа инарываргыланы, аиҩызара, аҵараҿы агәацԥыҳәара. Ижәдыруазааит, дасу шәылшарақәа шмаҷым шәхы аус адужәлалар. Шәхы агәра жәгала, аҵара шәҵала, аҿыц аартрақәа шәрызнеила. Шәахьыҟазаалак аԥеиԥш бзиа змоу Аԥсны шәахаҭарнакуп.

Арҵаҩратә еилазаара зегьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәҿиарақәа, арҿиаратә гәацԥыҳәара, ачҳара имариам ахиррра зҵоу шәус аҟны.

Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит Адыррақәа рымш!

 


Read 152 times - Ашәахьа, 04 Цәыббра 2023 15:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.