
pressadmin-2
Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаатит Аракьычтәи ашкол.
Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Аракьыч ақыҭан иҟоу, хәажәкырамза, 2023 шықәсазы иҟалаз абылра иахҟьаны акыр ааха зауз ашкол даҭааит.
Ашкол аҿы ихыркәшахеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, цәыббрамза 1 азы арахь иаараны иҟоуп ашколхәыҷқәа.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ашкол арҵаҩратә коллектив аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшара рыдиныҳәалеит.
«Арыцҳара ҟалеит, ашкол блит. Аӡәырҩы хьаас ирыман, цәыббрамза 1 аҟынӡа ашкол аиҭашьақәыргылара ахыркәшареи аҵаратә процесс алагареи иахьымӡар ҳәа ишәон. Адунеи аҿы аџьашьахәқәа маҷӡам, Аԥсныгьы имаҷымкәа иҟоуп ауаа аџьашьахә аҟаҵара зылшо», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҟәатәи аспортсменцәа таитәи абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир аҿы аҩбатәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааныркылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аспортсменцәа таитәи абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир «Аиааирагаҩы Иԥшьоу Гьаргь Ихраҿа» аҿы аҩбатәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааныркылеит. Актәи аҭыԥ ааныркылеит шәачатәи аспортсменцәа, ахԥатәи – Нхық Уаԥстәылатәи Ареспублика-Аланиа.
Атурнир нанҳәамза 26 - 28 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуан. Аицлабрақәа рымҩаԥгара 1992-1993 шш. Аҵсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеи 15- шықәса аҵреи иазкны еиҿкаахеит.
Атурнир рхы аладырхәит Аԥсны, Ермантәыла, Урыстәыла (Краснодартәии Ставропольтәи атәылаҿацәқәа, Донецктәи Жәлартә Республика, Чечентәи Ареспублика, Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика-Аланиа, Москватәи аобласть, ақалақьқәа – Москва, Пермь, Краснодар, Калининград) рҟынтәи 250-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.
15-шықәса зхыҵуа аӡӷаб амшын иагоз 9-шықәса зхыҵуа аҷкәын иԥсы еиқәлырхеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 15-шықәса зхыҵуа Вологда ақалақь аҟынтәи Алина Смирнова амшын иагоз 9-шықәса зхыҵуа Нижни Тагил ақалақь аҟынтәи Матвеи Паламачук иԥсы еиқәлырхеит. Аҷкәын амшын дышҭаз ишьапқәа ҷыркәалкит, уи иахҟьаны иԥсы еивҵахо иалагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
«Иҷыдоу аҭагылазаашьа ҟалеит нанҳәамза 26 рзы Пицунда ақалақь аплиажқәа руак аҿы. Алина Смирнова лажәақәа рыла, лара амшын дышҭаз ҷкәынак хӡааҟәрыла шыҟаиҵаз, аха акыраамҭа дышхәыҵымҵуаз лылаԥш иҵашәеит. Аӡӷаб иаразнак иҽеим акы шыҟалаз еилкааны ахәыҷы иԥсеиқәырхара лҽазылшәеит. Зегьы Анцәа иџьшьаны ибзианы еилгеит», – ҳәа иазгәаҭоуп ацҳамҭа аҿы.
Аҟәа ақалақь аҿы инхо ахаҵа зыкапан рацәоу анаркотикқәа реиҭарсра аҿы гәҩарас дҟаҵоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы инхо ахаҵа анаҩс реиҭарсра хықәкыс иҟаҵаны зыкапан рацәоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи рыиагареи рзы гәҩарас дҟаҵоуп.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра ахылаԥшратә Усбарҭеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аҟәа ақалақь, Гәымсҭатәи амҩала дааныркылеит автомашьына «Митсубиси» ала иҟаз, 1978 шықәса рзы ииз Амҷба Ерик Гиви-иԥа.
Хаҭалатәи игәаҭараан ахаҵа идырбалеит иҭалаҳәаз аилаҳәарақәа. Урҭ ирылаҳәан зыԥштәы шкәакәоу аххыраԥшра змоу амаҭәашьар. Анаҩс аекспертцәа рыла ишеилкаахаз ала – уи «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар акәын. Иара убас ахаҵа имхын абанктә хсаалагақәеи ҩ-мобилтә ҭелқәеи.
Автомашьына аҩныҵҟа иҭаҵәахыз ақьаадтә ҿыхьшьы илаҳәаз аиԥш-зеиԥшу аилаҳәарақәа рыԥшааит. Иааизакны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра ахылаԥшратә Усбарҭа аусзуҩцәа ирыԥшааит 8 рҟынӡа аҭиразы ирхиаз метадон злаҳәаз аилаҳәарақәа.
Атәылауаҩ Ерик Амҷба ихаҭа ишазгәеиҭаз ала, идырбалаз анаркотикатә маҭәашьарқәа злаҳәаз аилаҳәарақәа рыхәҭак иара ихатә хархәаразы ирхианы иман, егьи ахәҭа имаӡоу аҭаҵәахқәа раҳасабала рыҭиразы иман.
Анаҩстәи аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан Ерик Амҷба уаанӡа иҟаиҵахьаз имаӡоу аҭаҵәахқәа рҭыԥқәа аирбеит.
Аслан Бжьаниа Алеқсандр Лукашенко иира Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Белорусь Ахада Алеқсандр Лукашенко иира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҟны иарбоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Григори-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәира Амш! Шәара шәԥышәа дууи шәзанааҭдырра ҳараки, аполитикатә ӡбамҭақәа рыдкылараан ишәа-иза азнеиреи рыла аҭакԥхықәра зду аҳәынҭқарратә усзуҩ иаҳасабала шәҿырԥшыгоуп. Акыр шықәса инеиԥынкыланы Шәара хамеигӡарыла шәыжәлари шәыԥсадгьыли рымаҵ аура шәаҿуп. Агәра ганы сыҟоуп, аҩганктәи аусеицура аганахьала ҳтәылақәа рыбжьара иҟаҵоу раԥхьатәи ашьаҿақәа аиҩызаратәи аимабзиаратәи аизыҟазаашьақәа рышьақәгылара шалдыршо.
Атуристә индустриа Урыстәылатәи Аидгылара: 1,2 миллионҩык рҟынӡа Урыстәылатәи атуристцәа заанаҵы аҭыԥ ркааны, мамзаргьы атурфирмақәа рыла аԥхын Аԥсныҟа ԥсшьараҳәа иааит.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 5 миллионҩык рҟынӡа Урыстәылатәи атуристцәа заанаҵы аҭыԥ ркааны, мамзаргьы атурфирмақәа рыла аԥхын, 2023 шықәсазы аҳәаанырцәҟа ԥсшьара ицеит. Урыстәыла атәылауаа еиҳа лассы-лассы атурқәа аархәон Ҭырқәтәылаҟа, Аԥсныҟа, Еиду Арабтәи Емиратқәа рахь, ҳәа ТАСС имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы иҳәеит Атуристә индустриа Урыстәылатәи Аидгылара апрезидент ихаҭыԥуаҩ Дмитри Горин.
«Аԥхынтәи хымз ирылагӡаны 5 миллионҩык рҟынӡа Урыстәылатәи атуристцәа заанаҵы аҭыԥ ркааны, мамзаргьы атурфирмақәа рыла егьырҭ атәылақәа рахь ԥсшьараҳәа ицеит» , - ҳәа иҳәеит иара.
Гагратәи апарк аҿы иҟалаз аӷьычра иаразнак аартра алыршахеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагратәи апарк аҿы иҟалаз аӷьычра иаразнак аартра алыршахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзра.
Апринц Ольденбургтәи ипарк аҿы зыԥсы зшьоз аԥсшьаҩы аԥарақәеи аусшәҟәқәеи зҭаз иарҭмаҟ ицәырӷьычит.
Ахаҵа Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа араионтә ҟәша ахь арзаҳал ҩны иалеиҵеит.
Имҩаԥгаз аоперативтә уснагӡатәқәа рыла ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа ари ацәгьоура аҿы игәҩараз ахаҿы дшьақәдыргылеит. Уи 1980 шықәсазы ииз, Аԥсны ԥсшьараҳәа иааз, Ермантәыла атәылауаҩ Ниазиан Дереник Баграҭ-иԥа иоуп. Иара Гагра араион Багрыԥшь ақыҭан дааныркылеит.
Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Москваҟа аусуратә ҭаара налыгӡеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьал Москваҟа аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҩаша, нанҳәамза 29 рзы ахәыҷқәеи аҭаацәеи ацхыраара рыҭаразы Аҭаацәаратә Центр «Непоседы» (Анаҩс- Ацентр) даҭааит.
Ацентр аҭаара хықәкыс иаман аиԥш-зеиԥшу аусбарҭақәа русушьа абара, урҭ рԥышәа Аԥсны анаҩс ахархәаразы амадара, избан акәзар Аԥсны иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа аҿы иҟалаз ахәыҷқәа аамҭала рнырхаразы Акризисттә центр аартра азҵаара ықәгылоужьҭеи акыр ҵуеит.
Ацентр анапхгаҩы Наталиа Курышова Мактина Џьынџьалԥҳа лзы аусбарҭа аҿы аекскурсиа лзеиҿылкааит, уи аусура атәы инарҭбааны илзеиҭалҳәеит.
«Непоседы» - ари Москватәи аобласт аҿы иҟоу иарбоу ахырхарҭала аус зуа иреиҳау аусбарҭақәа иреиуоуп.
Ацентр аусура ахықәы хадақәа иреиуоуп:
- асоциалтәи анаҩстәи аиаҭымра, ахылаԥшыдара, аҭынхадара, ахәыҷқәа змоу аҭаацәа рыманшәаламзаара, уҳәа апрофилактика;
- ахәыҷқәа зыхшаз аҭаацәа рҿы раанхара алыршара;
- аҭаацәа рхылаԥшрада иаанхаз ахәыҷқәа ааӡараҳәа егьырҭ аҭаацәа рыҭара, мамзаргьы аамҭала раанкылара, уҳәа аиҿкаара.
Аԥснытәи амҵәышәмпыласыҩцәа Урыстәыла аенергоатом Аконцерн амҵәышәмпыл 3х3 афестиваль «Смоленская Крепость» рхы аладырхәраны иҟоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 26 – 27 рзы Смоленск ақалақь аҿы имҩаԥысит Урыстәыла аенергоатом Аконцерн амҵәышәмпыл 3х3 Жәларбжьаратәи афестиваль «Лига регионов». Уаҟа қәҿиарала иқәгылеит Аԥсны акоманда.
Смоленсктәи аҳәынҭқарратә аспорт ауниверситет атренер Павел Захаров иажәақәа рыла, аԥснытәи амҵәышәмпыласыҩцәа ицәгьамкәа рхы аадырԥшит.
Цәыббрамза 2 аҟынӡа аԥснытәи аспортсменцәа аҽазыҟаҵара-ҵаратә еизгарақәа рхы аладырхәлоит, иҿыцу аицлабрақәа – Смоленск ақалақь 1360-шықәса ахыҵра иазку Урыстәыла аенергоатом Аконцерн амҵәышәмпыл 3х3 афестиваль «Смоленская Крепость» рхы аладырхәраны иҟоуп.
69 – ҩык амашьынарныҟәцҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы акразы административтә хьырхәра иақәыршәоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амҩатә шәарҭадара аиқәыршәара иазкны имҩаԥгаз акомплекстә реидтә профилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, иҳаҩсыз амчыбжьи аныҳәатә ԥсшьарамшқәеи рзы, нанҳәамза 21 -29 рзы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа 1904 зинеилагара аадырԥшит, урҭ рахьынтә 103 – автомашьынақәа рсаркьақәа рыԥшшәахәыркра анормақәа реилагара иадҳәалоуп.