
pressadmin-2
Лаша Ашәба Белорусиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩ Сергеи Стрельченко дидикылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш 15- шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааз Белорусиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩ Сергеи Стрельченко дидикылеит.
Аиԥылара аартуа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба асас бзиала уаабеит ҳәа еиҳәеит.
«Ҳара ареспублика азы иныҳәа дуу ахьыԥшымра азхаҵара Амш азгәаҭара аламҭалазы араҟа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент аҿы шәбара даара ҳаигәырӷьоит. Ҳара ҳзы насыԥ дууп Шәара шәеиԥш иҟоу асас даӷьқәа рыдкылара. Шәара ажәала адагьы аус аҿы ишьақәшәырӷәӷәахьеит Аԥсны жәлар гәыкала шәшырзыҟоу», – ҳәа иҳәеит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы.
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Ҭаҭарсҭан жәларбжьаратәи акампус “Атехнологиақәа рмаршрутқәа” иаҭааит.
Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашкол иҭоу аҭыԥҳацәа ҩыџьа Ареспублика Ҭаҭарсҭан иҟоу жәларбжьаратәи аҿартә кампус иаҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра.
Ақалақь Набережные Челны иҟоу ахәыҷтәы технопарк «Кванториум» аҿы имҩаԥысуан жәларбжьаратәи акампус «Атехнологиақәа рмаршрутқәа» асмена. Уи рхы аладырхәит ҩыџьа аԥснытәи ашколхыҷқәа. Арҭ аҭыԥҳацәа уаанӡа имҩаԥгаз атуристтә маршрутқәа «Акультуратә аартрақәа» рыпроектҟаҵара азы жәларбжьаратәи ахакатон аҿы аиааира ргеит.
Аконкурс «Акультуратә аартрақәа» ареспубликатә етап аҿы аиааира згаз – Гиачрыԥшьтәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Диана Туркмениани Дариа Хлебниковеи «Акинотә Аԥсны, мамзаргьы акульттә кинофырхаҵақәа рышьҭала» ҳәа атуристтә маршрут аӡыргара мҩаԥыргеит. Урҭ Набережные Челны ахь акыр иззыԥшыз апутиовка роуит.
Хәымш ирылагӡаны Ҭаҭарсҭан, Египет, Монголиа, Казахсҭан, Аԥсны, Белоруссиа аҟынтәи 60-ҩык ахәыҷқәа атуристтә маршрутқәа реиқәыршәара, 3D-акьыԥхьра ахархәарала апроектқәа раԥҵара, VR-технологиақәа, акартографиа, иԥсабаратәым аинтеллект ахархәарала апанораматә ҭыхреи атехнологиақәеи уҳәа азы иҿыцӡоу атехнологиақәа ҭырҵаауан.
Акампус апрограмма аҵарадырратә усҩаԥгатәқәа рнаҩс еиуеиԥшым аекскурсиақәа рыла игәылҭәаан. Убас ахәыҷқәа Ареспублика Ҭаҭарсҭан агәы — Казантәи Кремль иаҭааит, аҭоурыхтә Елабуга рбеит, акоманда «КАМАЗ-мастер» аспорттә база иаҭааит.
Баҭал Џьапуа ицәыргақәҵа “Аӷба шкәакәа” аатит ацәыргақәҵатә зал хада аҿы.
Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахаша, нанҳәамза 23 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа иусумҭақәа рцәыргақәҵа «Аӷба шкәакәа» аатит.
Аекспозициа иалалеит 81 инарзынаԥшуа асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа. Асахьақәа ҟаҵоуп аҵыхәтәантәи хы-шықәса ирылагӡаны.
Аҭыхымҭақәа равтор ишеиҭеиҳәаз ала, хы-шықәса рыла иҟаҵоу аусумҭақәа рхыԥхьаӡара еиҳа еиҳауп иахьа ацәыргақәҵахь инагоу раасҭа. Уажәазы иалху абарҭ ицәыргақәҵоу роуп, урҭ аиҳарак аграфика астиль ала инагӡоуп.
Асахьаҭыхыҩ аҟазадырыҩцәа џьоукы акварель ҿыханҵоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, даҽа џьоукы аграфика ҳәа иашьҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Сара сгәаанагарала, акварель – ари аграфика злоу ҿыханҵоуп. Акварель аганахьала уахцәажәозар, араҟа иҟоуп даара иҿыханҵаны инагӡоу аусмҭақәагьы, аха иҟоуп аграфикатә ҟазшьа еиҳа изныԥшуагьы. «Ажәытә ҩны аҭыӡқәа» асериа аагозар, уи, жәаҳәарада, аграфика ду ауп. Аха араҟа иҿыханҵоу апеизажқәагьы цәыргақәҵоуп», – ҳәа иҳәеит Баҭал Џьопуа.
Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рылаԥш маахар ауам «Воздушное погребение» ҳәа ахьӡ змоу, аԥсуа аԥсреи аԥсҭазаареи рхаҿы ишаарго атәы зҳәо аграфикатә усумҭақәа рсериа.
«Ари аԥсуа рытрадициатә культура, ииасхьоу аамҭа, иара убас амифологиа акыр изныԥшуа Аԥсны аҭоурых анырреи адырреи ҳзырбоу акакәны иҟоуп. Ус еиԥш аԥсыжра атрадициа зқьышықәсала ишьақәгыланы ишыҟазгьы, ҳаамҭазтәи ауаа рыхдырраҿы ирзаагаӡом», – ҳәа иазгәеиҭеит Баҭал Џьапуа.
Аслан Бжьаниеи Даниил Егорови Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәтә напхгараҭараҟны урыстәылатәи атехнологиақәа рхархәара алшарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит аусуратә визитла Москва иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәахтә маҵзура Анапхгаҩы Даниил Егорови реиԥылара.
Аиԥылараҿы ирылацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәтә напхгараҭараҟны урыстәылатәи атехнологиақәа рхархәара алшарақәа.
Аҳазылхыҩцәа Цандрыԥшь ақыҭан аҭаҭын аалыҵ ааныркылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рҿагыларазы аусбарҭа аусзуҩцәа Цандрыԥшь ақыҭан ахыбрақәа руак аҿы ирыԥшааит Аԥсны Аҳәынҭқарра акцизатә дырга змамыз 137 пачка рҟынӡа аколиан азы аҭаҭын, иара убас иахәҭоу атауар - мҩаԥгаратә шәҟәынцҵа зцымыз 127 цыра афымцатә сигареҭ. Иарбоу аҭаҭын аалыҵ зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә ԥҟарақәа реилагарала Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсныҟа иааган, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.
Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Жәларбжьаратәи атурнир «Ажәларқәа реиҩызара».
Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы, нанҳәмза 23 рзы аусура иалагеит зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Жәларбжьаратәи атурнир «Ажәларқәа реиҩызара».
Уи рхы аладырхәуеит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи, Ҟабарда-Балкариатәи ақалақь Бексан, Ареспублика Даӷьсҭан, Краснодартәи атәылаҿацә, Шәача ақалақь, Адыгеиатәи Ареспублика, Москватәи аобласть рҟынтәи 150-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.
Аицлабрақәа 2008 - 2009, 2010 - 2011, 2012 – 2013 шықәсқәа рзы ииз арԥарцәа рыбжьара имҩаԥысуеит.
Атурнир аартра иазкны имҩаԥгаз аныҳәатә церемониа аҿы атурнир алахәылацәеи асасцәеи бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит аспорт азы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы Ельза Ҳагба, иара убас атурнир аӡбаҩ хада Алихан Карацев.
Курсктәи аибашьра алагара 80 - шықәса иазку ацәыргақәҵа «Закат Цитадели» Аҟәа ақалақь аҿы иаатит.
Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ацәыргақәҵа «Закат Цитадели» нанҳәамза 23 азы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны иаатит. Уи аартра асовет аруаа рфырхаҵареи ргәымшәареи рхачҳареи реицамкреи ирсимволны иҟалаз илегендатәу Курсктәи аибашьра иазкхеит.
«Ари ацәыргақәҵатә проект вермахт ажәыларатә операциа «Цитадель» ампыҵахаларатә гәҭакқәа ҵызшәааз, анемец архәҭақәа ажәыларатә стратегиатә инициатива зынӡа ихзырбгалаз, 1943 шықәса, ԥхынгәымза 5 инаркны нанҳәамза 23 -нӡа ицоз Курсктәи аибашьра аан ишьаарҵәыраз аидысларақәа ирылахәыз асовет аруаа рфырхаҵара атәы ҳнарбоит», — ҳәа иазгәарҭоит Аиааира Амузеи ахаҭарнакцәа.
Иракли Хьынҭәба: «Ҳара акаҿы ҳашьҭаханы ҳҟамлароуп».
Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. /Алеқсеи Шамба/. Ф.Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр адиректор Хада Иракли Хьынҭәба ахаша, нанҳәамза 23 рзы апресс- конференциа мҩаԥигеит. Араҟа уи атеатр изаамҭанытәиу аусура атәы, ҳаԥхьаҟа имҩаԥысраны иҟоу аԥхьарбарақәеи цәыббрамзазы иазԥхьагәаҭоу Григори Козлов инапхгарала аус зуа Санкт-Петербург ақалақь атеатр «Мастерская» Аԥсныҟа агастрольқәеи ртәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит.
Иракли Хьынҭәба, Ф.Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр (РУСДРАМ) актавла абар шьҭа бжьышықәса ирылагӡаны аус ауеит ҳәа иазгәеиҭеит. Ари аамҭа иалагӡаны атеатр аусура аҩаӡара аларҟәра алзмыршо ашьаҭа акра алыршахеит. Уи убри аан атеатр амаҵзурақәа зегьи актиорцәа рыпрфессионализм азҳара ишаҿу азгәеиҭеит.
Уи иацхраауеит есымша аспектакльқәа рырбара ахьалыршоу.
«Фазиль Искандер итеатр – ари ихьыԥшым аҳынҭқарра аҳҭнықалақь атеатр ауп, убри аҟнытә ҳара акаҿы ҳашьҭаханы аҟалара азы азин ҳамаӡам», – ҳәа иҳәеит иара.
Ҳазҭоу ашықәс азы ахәаԥшцәа идырбан аспектакльқәа «Софичка», «Ахаҵа ԥшӡа», «Аԥра цәаԥшьқәа», «Ашәахәақәа рыҩныҵҟа», «Оз атәыла аҟынтәи ахынҳәра», «Роман с кокаином». Урҭ зегьы Аԥсны адагьы уи анҭыҵгьы, ахәҭакахьала Урыстәыла аншлаг ацны имҩаԥысуеит.
Атеатр адиректор Хада ишеиҭаиҳәаз ала, ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы Москвеи Санкт-Петербурги ақалақьқәа рҿы Беслан Агрба напхгара зиҭо Москватәи аԥсуа диаспора адгыларала қәҿиарала имҩаԥысит агастрольқәа. Лаҵарамзазы атеатр аспектакль «Солярис» ала Архангельск ақалақь ахь ицеит, рашәарамзазы агастрольқәа мҩаԥысит Горно-Алтайск, Набережные Челны, иара убас Новокузнецк ақалақьқәа рҿы. Цәыббрамза 22 рзы атеатр Иркутск ақалақь ахәаԥшцәа иднарбоит аспектакль «Солярис», жьҭаарамза 1 азы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуеит аспектакль «Ашәахәақәа рыҩныҵҟа» арбара, абҵарамзазы аурыс драматә театр Санкт-Петербург ақалақь аҿы ихәмаруеит аспектакль «Аԥынгыларақәа зегьы ириааиуа агәырӷьара» («Радость вопреки всему»).
Иракли Хьынҭәба, агастрольқәа зегьы рфинанстәра издызкыло аган ала имҩаԥысуеит, иара убри ала Аԥсны абиуџьет аҟынтәи ахарџьтә қәыӷәӷәара ҳәа акгьы ацӡам ҳәа иазгеиҭеит. Убри аан уи аҳәынҭқарра атеатр ахыбра ҭеиҭыԥшлатәи аиҭашьақәыргылара аҿы иҟанаҵаз ацхыраара азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.
«Аӡәгьы ирџьареи акритика изуреи аҭахӡам. Зегьы ирыцку – доусы инапы злаку аус ибзианы анагӡара ауп», – ҳәа иҳәеит иара.
Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор: ахаҳәлеира лассы-лассы аҟалара ашыц аҩара ауп изыдҳәалоу.
Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы ахаҳәлеира лассы-лассы аҟалара Риҵатәи ареликтә милҭтә парк иахьаҵанакуа ашыц аҩара ауп изыдҳәалоу, ҳәа амедиа-клуб «Апсны.иахьа» акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор Адамыр Багаҭелиа.
Уи иажәақәа рыла, араҟа, аиҳарак аҩхааҭшәа аҿҟьарсҭақәа рҿы акыр еилачны изызҳауаз ашыц адацтә система ибзианы ашьхараҿы адгьылҳәазара аҟынтәи иахьчон.
Урыстәыла абылтәы ахәԥса абиржатә зҳара иадҳәалоу аҭагылазаашьа ҩаԥхьа ишьақәгылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла абылтәы ахәԥса абиржатә зҳара иадҳәалоу аҭагылазаашьа ҩаԥхьа ишьақәгылеит.
Санкт-Петербургтәи жәларбжьаратәи атауар-аӡатә биржа адыррақәа рыла, абылтәы ахәԥса арекордла аизҳара иаҿуп. Еиҳа ипопулиару абылтәы маркақәа ҩба аҭоурыхтә хәыԥсатә максимум инеиԥынкыланы жә-хәаахәҭратә сессиақәа рҿы ишьақәдыргылеит.
Санкт-Петербургтәи жәларбжьаратәи атауар-аӡатә биржа аҿы абылтәы Аи-95 литрак ахәԥса нанҳәамза 18 рзы имҩаԥгаз ахәаахәҭрақәа реихшьаалақәа рыла, тоннак азы 70 нызықь мааҭ адгаларала ҩымш инеиԥынкыланы ахәԥсатә рекорд арҿыцуан.