pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ақыҭанхамҩеи ақыҭеи рыҿиара Ацентр ахаҭарнакцәа абҵарамза  21-24 рзы Урыстәыла, Краснодар ақалақь аҿы имҩаԥысуаз 29-тәи Жәларбжьаратәи ақыҭанхамҩатә техника, аиқәыршәагақәа, аҵиааӡареи ақыҭанхамҩеи раалыҵ аҭыжьреи аарыхреи аус адулареи рзы аматериалқәа рцәыргақәҵа рхы аладырхәит.

Ацәыргақәҵа рхы аладырхәит адунеи 14-тәыла  рҟынтәи  600 еилазаара инареиҳаны. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа Агроааглыхратә комплекс (АПК) аҿы иҿыцу ацәырҵрақәа ԥшь–ҟәшакны еихшаны рыдгалара мҩаԥыргоит: ақыҭанхамҩатә техникеи уи аԥсахга хәҭақәеи, агрохимиатә аалыҵи  ажәлақәеи, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҵәахреи аус адулареи рзы аиқәыршәагақәеи амаругақәеи, иара убас аӡақәаҭәареи арԥхагақәеи рзы амаругақәа.

Ацентр аспециалист Ҭемыр Мықәба ацәыргақәа алахәхара атәы еиҭеиҳәеит: 

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҿы аусура иацнаҵоит ацәыргақәҵатә експозициа. Уи ахықәкы хаданы иҟоуп Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара акультура-ҵарадырратә диалог ашьақәыргылара, иара убас ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи аурыс культура аԥшӡареи абеиареи рырдырра. Аусмҩаԥгатә Урыстәылатәи Афедерациа аҵара Аминистрра адгыларала Автономтә Икоммерциатәым Аиҿкаара Иаарту аҵарадыра Ацентр «ПРОсвет» еиҿнакааз апроект «Акультуратә Цҳа: Урыстәыла – Аԥсны» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.

«Апроект анагӡара азы ихадоу астимулқәа ируакхеит ауаажәларра рыԥсҭазааратә шьақәгылара аусхкқәа зегьы рыла Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ессаира изызҳауа аусеицура амҽхак. Уи анаука, аҵарадырра, акультура, уҳәа аусхкқәа рҿы аганқәа еиҳа изырааигәо ажәалагала ҿыцқәеи аԥшьгарақәеи  реиқәыршәара иазкхоит», - ҳәа иазгәарҭоит аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа.  

Аҟәа. Абҵарамза  28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч», Аҟәа ақалақь Ахадара, Гагра араион Ахадара анапхгараҭара ахаҭарнакцәа  алархәны, абҵарамза 26 – 27 ауха Аԥсны, Амшын Еиқәа аԥшаҳәа аҿы иҟалаз амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа рықәгара иадҳәалоу азҵаарақәа дрылацәажәеит.

Быжь балк рҟынӡа инаӡоз ацәқәырԥеисра аԥшаҳәа иаҵанакуа аинфраструктуреи ахатәы ҩнқәеи ӷәӷәала ааха анаҭеит. Аӡы рыҵалеит атрансформатортә станцеиҵақәеи аӡхагаларатә станциақәеи, иара убас Гагра ақалақь еиԥш Пицунда ақалақьи Алаҳаӡы ақыҭеи аӡрыжәтә, афымцалашара, уҳәа рыла реиқәыршәара  асистема аиԥҟьарақәа аиуит.  

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа рыԥсадгьыл ахь иааргеит Донбасс ахақәиҭтәразы иҭахаз, 1992 шықәсазы ииз Дасаниа Шамил Анӡор-иԥеи, 1988 шықәсазы ииз Ачба Марзакан Зураб-иԥеи рыԥсыбаҩ.

Иҭахаз рыԥсыбаҩ Гагра араион Цандрыԥшь аҳаблеи Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭеи инхо рҭаацәа ирырҭеит.

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иҳаҩсыз аҵх азы иҟалаз быжь-балк рҟынӡа инаӡоз амшынеисра иахҟьаны, Гагра 32 ҭӡы аӡы рыҵалеит, Пицунда – 8, Алаҳаӡы ақыҭан – 7 ҩны, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

Гагра ақалақь Аиқәырхара-ԥшааратә Отриад аусзуҩцәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәхра иадҳәалоу аусурақәа нарыгӡоит. Аусурақәа рхы аладырхәуеит хаҭалатәи аилазаара иатәу 28-ҩык.

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахаша, абҵарамза 29 рзы,   Аԥсны Амшын Еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа  ихьшәашәоу аҳауа зцу антициклон анырра аиуоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аекологиа азы аҳәынҭқарратә  Еилакы   Агидрометеорологиа аҟәша.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Идҵа инақәыршәаны, Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵреи раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» 105 шықәса ахыҵреи азгәаҭаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.  

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 21 ауха аҳәынҭқарратә дача «Афон Ҿыц» амазара гәҭакыла аԥхасҭа аҭаа азы ауеилыгара хацыркуп. Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭа аусзуҩцәа ашаҳаҭцәеи ахҭыгәлаҩцәеи рҿахәы рҿырхуеит. Ацәгьара зуз ҳәа зыгәҩара рымоу ҳәа аӡәгьы даанкылаӡам, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура Хада аусеилыргаратә Усбарҭа  2011 шықәса, ԥхынгәымза 5 рзы Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблан иҟалаз Раули Валеиан-иԥа Цоцориа ишьразы ашьаус амҩаԥгара арҿыцит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Абҵарамза 17, 2023 шықәсазы Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа  дааныркылеит аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны 2011 шықәса раахыс изышьҭаз, 1981 шықәсазы ииз  Сақаниа Рудольф Рудик-иԥа.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 21, 2023 шықәсазы Аҟәатәи ақалақьтә Ӡбарҭа Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «в» иазԥхьагәанаҭо ашьаус еилырганы, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ, 1975 шықәсазы ииз Козиев Борис Виктор-иԥа иганахьала  ахарадҵатә зыӡба аднакылеит, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭа ала Борис Козиев зыкапан 16,531 грамм рҟынӡа инаӡо анаркотикатә маҭәашьар  «метадон»  анаҩс аҭиразы агәҭакы иманы, изакәанымкәа аахәара, аҵәахра, аиагара азы дыгәҩаран, ахарагьы  идҵан.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.