pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа иақәшаҳаҭхеит Авҭандил Џьынџьал Аҟәа ақалақь Ахадара аекономикеи атранспорти рдепартамент адиректор имаҵураҭыԥ аҿы ишьақәырӷәӷәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақьтә Еизара  аофициалтә саит.

Авҭандил Џьынџьал икандидатура адгалара мҩаԥго, Аизара ахантәаҩы Дмитри Осиа, Авҭандил Џьынџьал ашәахтә усбарҭақәа рҿы аусуратә ԥышәа ду имоуп ҳәа иазгәеиҭеит.  

Авҭандил Џьынџьал 1994 - 2022 шш. ашәахтә усбарҭақәа рсистема аҿы еиуеиԥшым амаҵураҭыԥқәа рҿы аус иуан. Иара аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс, анаҩс Аҟәа ақалақь ала ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра Аинспекциа аиҳабыс аус иуан.

Аҟәа. Нанҳәамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба  «Хатәгәаԥхарауаа Рымш иазкны аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы» ақәҵара инапы аҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

2013 шықәса инаркны Аԥсны нанҳәамза 15 рзы официалла иазгәарҭоит хатәгәарауаҩ Имш. Ари амш аҽны имҩаԥысуеит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа, урҭ 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан ҳаԥсадгьыл  ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рыхьчаразы хатәгәаԥхарала иааны аԥсуа жәлар ирывагыланы хацәнымырха еибашьуаз афырхацәа ирызкуп.

Ақәҵара инақәыршәаны, ақалақь Ахадара акультура Аусбарҭа нанҳәамза 15,  15 сааҭ рзы, Р.Гәымба ихьӡ зху аԥснытәи аҳәынҭқарратә филарониа аҿы имҩаԥнагоит  аныҳәатә еилатәара, анаҩс исценарку ақәгылара «Аҽырдырга «Ажәаҩатәи». 

Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь ахь иусуратә ҭаара амҩаԥгараан, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  игәы ахьырахәымхаз иахҟьаны ахәышәтәырҭа ахь днеит. Уажәы уи ихымԥадатәиу амедицинатә ҭҵаарақәа дырхысуеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк аԥҵара 25-шықәса иазкны Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк анаукатә усумҭақәа аҩбатәи аҭыжьымҭа ҭыҵит.

«Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк Аусумҭақәа» Актәи аҭыжьымҭа 2017 шықәсазы иҭыҵит.

«Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк Аусумҭақәа» – аҵыхәтәантәи хәы-шықәса ирылагӡаны, 2017 -2022 шш. амилаҭтә парк иахьаҵанакуа имҩаԥгаз анаукатә ҭҵаарақәа реихшьаалақәа анылоит.  

Аҭыжьымҭа иалалеит аԥснытәи аҵарауааи Урыстәыла ақалақьқәеи еиуеиԥшым ацентрқәеи аҭҵаарадырратә институтқәеи рыҭҵааратә усурақәа рылҵшәақәа.  

Ари аҭыжьымҭа ианылеит 17 статиа, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар абиологиатә наукақәа ркандидат, аорнитолог  Виктор  Маланӡиа игәалашәара иазку астатиеи жәа-шықәса ирылагӡаны (2012 шықәса инаркны  2022шықәсанӡа) Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк аҿы имҩаԥгаз аекспедициақәа рыхроникеи уахь иналаҵаны.

Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа аҿы астационартә  хәышәтәра иахысуеит нанҳәамза  8 рзы Гагра араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аҿы ааха зауз хҩык апациентцәа. Зынӡа Гагратәи ахәышәтәырҭа ахь инаган 12 - ҩык.

«Ҩыџьа апациентцәа иуадаҩу абҩаԥҵәа ахьрылаз инамаданы, ахәышәтәразы Шәачаҟа, ақалақьтә хәышәтәырҭа №4, атравмологиа аҟәша ахь  идәықәырҵеит», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо илҳәеит Гагратәи ахәышәтәырҭа Хада аҳақьым хада Индира Арсалиа.

Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи аелектронтә напынҵамҭақәа рынаҭо иалагеит, ҳәа аанацҳауеит Аилак асаит.

«Аелектронтә напынҵамҭа азы» азакәан 2015 шықәсазы ирыдкылан, аха анагӡара алшо иҟалеит сынтәа, жәабранмзазы  Апарламент аҿы азакәан ахь аиҭакрақәеи ацҵақәеи анрыдыркылаз ашьҭахь.

«Аелектронтә напынҵамҭа азы» азакәан атәылауаҩра-зинтә еилаӡарақәа рымҩаԥгараан, аҳәынҭқарратә маҵзурақәеи аҳәынҭқарратә функциақәеи,  аҳасабырбатә ҳасабырбара уахь иналаҵаны егьырҭ аиуристтә ҵакы змоу ауснагӡатәқәеи рынагӡараан аелектронтә напынҵамҭа ахархәара аганахьала аизыҟазаашьақәа ҳәаақәнаҵоит.   

Аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аинформациатә технологиақәа русхкы аҿы анорма-зинтә еиҿкаареи  аҳәынҭқарратә политика ашьақәгылареи амҩаԥгареи    рзы афункциақәа рынагӡареи аелектронтә напынҵамҭа ахархәареи  рганахьала аҷыдалкаатә закәанмчы змоу аҳәынҭқарратә усбарҭаны иҟоуп.  Уажәы  Аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа реиԥш аҭыԥантәи ахаланаԥхгаратә усбарҭақәа, абиуџьеттә усхкы аҿы аус зуа аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи  реиԥш, иалкаам ауаа – аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи  хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи аелектронтә напынҵа рыҭара шьақәзырӷәӷәо ацентр афункциақәа нанагӡоит.

Аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аҭыԥантәи ахаланаԥхгаратә усбарҭақәеи абиуџьеттә усхкы аҿы аус зуа аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи рзы аелектронтә напынҵамҭа аҟаҵареи аҭареи рзы амаҵзурақәа хәыда-ԥсада имҩаԥысуеит, егьырҭ акатегориақәа ирыҵанакуа  аиуристтә хаҿқәеи атәылауааи рзы ишьақәырӷәӷәоу атариф инақәыршәаны зыхә шәатәу маҵзурахоит.

Ашьақәырӷәӷәаратә центр аҟынтәи амаҵзурақәа раиура аԥҟарақәеи урҭ ртарифқәеи рзы аинформациа зегьы аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит  уи иазку аҟәша аҿы иарбахоит.   < https://gks.apsny.land/novosti/zayav1 > Аелектронтә напынҵамҭа Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны,  ақьаад ала иарбоу адокумент иаваҟәалоит, ахархәара алшоит аилаӡарақәеи аҳәынҭқарратә маҵзурақәеи рымҩаԥгараан, аҳасабеилыргаратә ҳасабырба аҭараан.

Аелектронтә напынҵамҭа ахархәара аԥыжәара абжьааԥнытәи аԥсҭазаараҿы, аусураҿы, аҳәынҭқарратә маҵзура, аусдкылара-абизнес амҩаԥгараан уи ахархәараан иубоит. «Аҳасабырбатә ҳасабырбара азы» азакәан иалагалоу аиҭакрақәа ирыбзоураны, аиҿкаарақәа аҳасабырбатә ҳасабырбара аҳәынҭқарратә статистика атерриториалтә ҟәша, мамзаргьы Аԥсны аҳәынҭқарратә статистика аҳәынҭқарратә напхгараҭара  аусбарҭа хада ахь аелекторнтә еимадара аканалқәа рыла, аелектронтә напынҵамҭа ахархәаралагьы уахь иналаҵаны, анагара рылшоит.   

Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадууеи хаҭала ахылаԥшра зырҭоз ареидтә профилактикатә усмҩаԥгатә  мҩаԥысит нанҳәамза 9 рзы. Абри азы адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.  

Аҳәынҭқарратә автоинспекциа, Ирласны анырра аҭаразы Иҷыдоу Аотриад, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу Аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа Хада аусбарҭақәеи атерриториалтә ҟәшеиҵақәеи русзуҩцәа ареспублика зегьы иахьаҵанакуа ареидқәа мҩаԥыргеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Гәдоуҭа араиони Гагра араиони, араҟа акурорттә сезон аилашымҭа инамаданы ареспубликатә трасса аҿы амашьынақәа рныҟара еиҳа ирацәоуп.

Ареид мҩаԥызгоз ауааԥсыра административтә зинеилагарақәа рзы ахьырхәрақәа рырӷәӷәара шыҟалаз азы аилыркааратә дыррақәа рызнагаразы  анапынҵақәа рыҭан.  

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб хазы игоу акатегориақәа  ирыҵанакуа атәылауаа ртәанчаратә еиқәыршәара азҵаарақәа ирызкны аилатәара мҩаԥигеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз анапынҵа ала, атәыла Анапхгара ҳазҭоу ашықәс азы 4 категориак ирыҵанакуа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз  рҭаацәа зныктәи аԥаратә цхыраара рыҭаразы ажәалагалақәа  еиқәнаршәеит.

Зныктәи аԥаратә цхыраара аицҵалыҵ иҭахаз рҭаацәа зегьы рыцыԥхьаӡа рзы 20 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Иалкаауп абарҭ акатегориақәа:

1) Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәа иреиуоу аусура злымшо доусы рыцыԥхьаӡа  рзы;

2) Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа;

3) 1993 шықәса жьҭаарамза инаркны 1994 шықәса ԥхынҷкәынмзанӡа иҭахаз хатәгәаԥхарауаа рҭаацәа;

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб хазы игоу акатегориақәа  ирыҵанакуа атәылауаа ртәанчаратә еиқәыршәара азҵаарақәа ирызкны аилатәара мҩаԥигеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз анапынҵа ала, атәыла Анапхгара ҳазҭоу ашықәс азы 4 категориак ирыҵанакуа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз  рҭаацәа зныктәи аԥаратә цхыраара рыҭаразы ажәалагалақәа  еиқәнаршәеит.

Зныктәи аԥаратә цхыраара аицҵалыҵ иҭахаз рҭаацәа зегьы рыцыԥхьаӡа рзы 20 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Иалкаауп абарҭ акатегориақәа:

1) Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәа иреиуоу аусура злымшо доусы рыцыԥхьаӡа  рзы;

2) Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа;

3) 1993 шықәса жьҭаарамза инаркны 1994 шықәса ԥхынҷкәынмзанӡа иҭахаз хатәгәаԥхарауаа рҭаацәа;

4) аинвалидразы атәанчахәы аиуразы азин змоу, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәа иреиуоу ахаҿқәа.

Аԥаратә цхыраара заураны иҟоу рзеиԥш хыԥхьаӡара 1 150-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ашәатәқәа мҩаԥгахоит Атәанчаҩратә фонд абиуџьет аҟынтәи.  

Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 10 - 22  рзы Аԥсны аус аулоит алагерь «Ахьышьҭрахь». Ара рыԥсы ршьараны иҟоуп Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика рҟынтәи 79-ҩык ахәыҷқәа. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантаҩы Вадим Ҳаразиа.

Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ахәыҷқәа реиҳараҩык Аԥсныҟа иаахьеит, ахәылбыҽха Ливанынтәи ахәыҷқәа раара иазыԥшуп.

«Ҭырқәтәылантәи иаҳзааит 49-ҩык ахәыҷқәа, Иорданиантәи – 5-ҩык, Ливанынтәи – 9-ҩык, Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика аҟынтәи – 17-ҩык. Алагерь алахәылацәа рықәра – 12 - 16 шықәса рҟынӡа инаӡоит. Ахәыҷқәа зегьы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет азеиԥшеиланхарҭа аҟны инырхахоит», - ҳәа еиҭеиҳәеит Вадим Ҳаразиа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.