pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥстәбара зцу амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс ҟалеит Аԥсны, нанҳәамза  10 рзы.

Ашьыжьымҭан, амҩаду «Бзыԥ-аӡиа Риҵа» 24-тәи  акилометр аҿы иҟалаз авариа иахҟьаны дҭахеит 1959 шықәсазы ииз Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс. Амҩан иааҳәит автомашьына  УАЗ.  

Иара убас иҟоуп еиуеиԥшым аахақәа зауз ауаагьы, урҭ Гагратәи ахәышәтәырҭахь инагоуп, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа анапхгаҩы Зосма Гыцба.

Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет аделегациа – Кавказ хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара азҵаарақәа рзы Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет ахаҭарнак Аниес Коту, Аԥсны амиссииа ахада Родриго де Резендеи  уи ихаҭыԥуаҩ  Борис Казанбеи дырԥылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Анапхгара апресс-маҵзура.

Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет ахаҭарнакцәа Алеқсандр Анқәаб Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылараан хабарда ибжьаӡыз рыԥшаареи иԥшааз аԥсыбаҩқәа аиндентификациа рзуреи рганахьала имҩаԥгаз аусура азы  адырра ирҭеит.

Аниес Коту иҟалҵаз адыррақәа рыла, иахьазы даҽа ҩыџьа Аԥсны атәылауаа рыԥсыбаҩ аиндентификациа азура алыршахеит. Иарбоу ахырхарҭала аусура иацҵахоит, уи Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет иҷыдоу алабораториа аҿы имҩаԥыргоит аӡбаратә медицинатә експертцәеи агенетикцәеи. Аамҭак ала амиссиа иара убас хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иадҳәаланы активла аусура мҩаԥнагоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра аныҟала амш инаркны жәохә шықәса аҵра инамаданы, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Апарламент Ахантәаҩы  Алан Алборов ихьӡала ашәҟәы дықәиҵеит.

Ашәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Алан Иура-иԥа! Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи хаҭала сареи ҳахьӡала Ари алахьеиқәҵара Амш аҽны, нанҳәамза  8, 2008 шықәсазы Қырҭтәыла аганахьала иҟаҵаз агрессиа аҿы акыр ацәыӡ ду зауз Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар зегьы ргәырҩеи рхьааи шрыцеиҩаҳшо сҳәар сҭахуп.  

Аҭынч уааԥсыра, аахыҵуаԥстәылатәи ахьчаҩцәа, урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа, ацхырааразы иааз Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа аруаа, уҳәа ажәлар хыԥхьаӡара рацәала рҭахара азы иҳауаз адыррақәа хьаа ӷәӷәаны ҳгәаҵанӡа инаӡон.

Агәра ганы ҳаҟоуп, ус еиԥш аамҭа шыҟало аҭоурых  иара ахала ианаӡбо ари аус, уи  ауаԥс дгьыл аҿы имҩаԥысыз атрагедиатә хҭысқәа иахәҭоу ахәшьара шанаҭо. Ари арратә цәгьоура ду аҿы ахара зду рхьырхәра аганахьала аамҭаԥҵәа ыҟаӡам.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра Урыстәылатәи Афедерациа аҵараиурҭақәа рахь 2023-2024 аҵарашықәс азы абитуриенцәа иназыцҵоу рыдкылара  шыҟало азы алаҳәара ҟанаҵоит.

Иназыцҵоу аквотақәа азоужьхеит абарҭ азанааҭҵарақәа рзы:

Аԥырратә аппаратқәа аԥырратә експлуатациа рзура (Улиановск  ақалақь иҟоу авиациа амаршал Хада Б.П. Бугаев ихьӡ зху ауаажәларратә авиациа Аинститут);

Аҳаирнавигациа (аҳаирныҟәара) (Москватәи аҳәынҭқарратә ауаажәларратә авиациа ауниверситет);

Аҳаирбаӷәазақәа рексплуатациа амҩаԥгареи аҳаирпланқәа рыԥырра аиҿкаареи (А.А. Новиков ихьӡ зху  Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә ауаажәларратә авиациа ауниверситет);

Амашьынаргылара (Москватәи аҳәынҭқарратә автомашьына-мҩатә техникатә университет);

Аихамҩақәа, ацҳақәеи атранспорттә тоннельқәеи рыргылара;

архитектура;

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Аҳәынҭқарратә капелла ашәаҳәаҩ нага Раико Шьакаиа «Аԥсны жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.  

«Иҳараку анагӡаратә ҟазареи аԥснытәи ахортә ҟазара аҿиареи апропагандеи рус аҿы илагала дууи рзы «Аԥсны жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьазааит Шьакаиа Раико  Кирилл-иԥа», –  ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа атекст аҟны.

Аҟәа. Нанҳәаза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 6 рзы Аҟәа ақалақь Апрокуратура Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа  1 (ауаҩшьра), ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 (иҭҟьо амцабџьар, уи ахәҭа хадақәа, аџьаԥҳаны, арҭҟәацгақәеи арҭҟәацгатә шьақәгылагақәеи  изакәанымкәа раахәара, реиҭарсра, рыҭира, рыҵәахра, рыиагара, мамзаргьы рныҟәгара) инарықәыршәаны ишьақәыргылам ахаҿы иганахьала ашьаусеилыргара хацнаркит.   

Заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭала ишышьақәыргылахаз ала, нанҳәамза 6, 2023 шықәса,  21 сааҭи 30 минуҭи инарзынаԥшуа, уажәазы ишьақәыргылам ахаҿы, Аҟәа ақалақь, Џьонуа имҩала игылоу  аҩнеихагыла №4 ашҭа аҿы, уи азы ишиашоу агәҭакы иманы, уаанӡа изакәанымкәа иаахәаны иныҟәигоз зыхкы шьақәыргылам, зыхҭаларшә 9 мм рҟынӡа инаӡо амцабџьар ала Хан-иԥа Рыдван Илхан-иԥа 8-нтәы диеихсит.  Иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны,  Рыдван Хан-иԥа иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа академик Зинаида Габниа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.  

Зинаида Габниа аҳаҭыртә хьӡы ланашьахеит активла анаука-практикатә усуреи анаукатә усураҿы ллагала дууи рзы.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 8 рзы, Аахыҵ-Уаԥстәыла Қырҭтәыла аганахь ала ареспублика арратә агрессиа аназыҟаҵаз амш 15 шықәса ахыҵра азгәарҭоит.  Ари Уаԥстәыла аҭоурых аҿы атрагедиатә рыцхәқәа иреиуоуп.

Аҳәынҭқарра Ахада Ихҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аԥсны иҟоу Аахыҵ-Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит. Уи араҟа нанҳәамза, 2008 шықәсазы иҟалаз, анаҩс «хәымштәи аибашьра» ҳәа хьӡыс изауз Аахыҵ-Уаԥстәыла аибашьратә хҭысқәа раан иҭахаз  ауаа ҳаҭырла игәалаиршәеит.

Бадра Гәынба Аԥсны Ахадеи ажәлари рыхьӡала аиашьаратә ауаԥс жәлар рхьаа шрыцырҩыршо атәы иҳәеит.

«15 шықәса ҵит ауаԥс жәлар зегьы рзы атрагедиатә хҭысқәа анымҩаԥысуаз инаркны.

Усҟан аиҿцәажәаратә процесс шымҩаԥсыуазгьы, Қырҭтәыла амчрақәа Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Ареспублика ампыҵахалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аха акыр ирацәаны ацәыӡқәа шамазгьы, Аахыҵ-Уаԥстәыла, уи ахьчаҩцәа ргымшәара иабзоураны, имхьаҵӡеит. Қырҭтәыла аҭынчра ашьақәыргылара азаагара иазкны Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара  ианаамҭаз имҩаԥнагаз аусеиҿкаара иабзоураны аиҿагылара аанкылара алыршахеит.

Ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит Қырҭтәыла анапхгара раԥхьа Аахыҵ-Уаԥстәыла Ареспублика шьаҭанкыла ақәхра, анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқаррагьы ақәгара азы аӡбара шаднакылаз.  Ҳара иахьа Аахыҵ-Уаԥстәыла ажәлар рхьааи ргәырҩеи рыцеиҩаҳшоит», - ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 8 рзы анаҩс «хәымштәи аибашьра» ҳәа хьӡыс изауз Аахыҵ-Уаԥстәыла аибашьратә хҭысқәа ианрылага амш инаркны   15 шықәса ҵуеит. 2008 шықәса, нанҳәамза 7- 8 ауха, ҭынч ицәаз ақалақь Цхьынвали уи ааигәа-сигәа иҟаз араионқәеи рганахьала имҩаԥган раԥхьатәи артилериатә хысрақәа. Қырҭтәылатәи архәҭақәа ареспублика «Адәы цқьа» алхра хықәкыс иҟаҵаны ижәылеит.

Уи аԥхьа, ахәылбыҽха, нанҳәамза 7, асааҭ 19:40 рзы,  Михаил Саакашвили  Қырҭтәыла ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иара қырҭтәылатәи арбџьармчқәа зегьы адҵа риҭеит Цхьынвалтәи арегион аҿы аҭак аҳасабала ахысрақәа мап ацәыркырц. «Сара уажәы қырҭтәылатәи аполициа аусзуҩцәа иреихсуа рахь схы рханы, аҭакԥхықәра зегьы схахьы иганы исҳәарц сҭахуп, сааҭқәак раԥхьа — амца мцала аҭак аҟамҵара» азы  даара иуадаҩыз аӡбамҭа сшыдыскылаз», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Ахада Михаил Саакашвили.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 8 рзы анаҩс «хәымштәи аибашьра» ҳәа хьӡыс изауз Аахыҵ-Уаԥстәыла аибашьратә хҭысқәа ианрылага амш инаркны   15 шықәса ҵуеит. 2008 шықәса, нанҳәамза 7- 8 ауха, ҭынч ицәаз ақалақь Цхьынвали уи ааигәа-сигәа иҟаз араионқәеи рганахьала имҩаԥган раԥхьатәи артилериатә хысрақәа. Қырҭтәылатәи архәҭақәа ареспублика «Адәы цқьа» алхра хықәкыс иҟаҵаны ижәылеит.

Уи аԥхьа, ахәылбыҽха, нанҳәамза 7, асааҭ 19:40 рзы,  Михаил Саакашвили  Қырҭтәыла ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иара қырҭтәылатәи арбџьармчқәа зегьы адҵа риҭеит Цхьынвалтәи арегион аҿы аҭак аҳасабала ахысрақәа мап ацәыркырц. «Сара уажәы қырҭтәылатәи аполициа аусзуҩцәа иреихсуа рахь схы рханы, аҭакԥхықәра зегьы схахьы иганы исҳәарц сҭахуп, сааҭқәак раԥхьа — амца мцала аҭак аҟамҵара» азы  даара иуадаҩыз аӡбамҭа сшыдыскылаз», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Ахада Михаил Саакашвили.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.