pressadmin-2
ГАГРА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤШАҲӘА ИАХЬАҴАНАКУА АШЬАҞАМҨАТӘ ХАҲӘЦӘЫ АԤСАХРА ИАЛАГЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аԥшаҳәа иахьаҵанакуа – Гагрыԥшь аӡиас инаркны Жоеквара аӡиас аҟынӡа ашьаҟамҩатә хаҳәцәы аԥсахра иаҿуп.
«Уажәы 5 квадраттә метра иахьаҵанакуа ашьаҟамҩатә хаҳәцәы аԥсахра иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥысуеит. Иара убас ацәхыԥқәа рыԥсахуеит. Аԥшаҳәа аиқәыршәазаара иазку аусурақәа мҩаԥысуеит. Аиқәыршәазааратәи аиҭашьақәыргыларатәи аусурақәа аҭыԥантәи абиуџьеҭ ахарџь ала имҩаԥысуеит, урҭ рхарџьынҵа – 36 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цишба.
Аусурақәа ахыркәшарахь инеихьеит, урҭ Адамыр Цишба иажәақәа рыла, атуристтә аамҭахәҭа аламҭалазы инагӡахоит.
АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АДЕЛЕГАЦИАҚӘА ЛИВАНИ АФГАНИСҬАНИ РАХЬ АУСУРАТӘ ҬААРАҚӘА НАРЫГӠОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациақәа Левани Афганисҭани рахь аусуратә ҭаарақәа нарыгӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.
Аусуратә ҭаарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп:
– Аԥсни Ливани, Аԥсни Афганисҭани рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рыбжьаҵара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара;
Ахәаахәҭратә ҩнқәа раартра;
АԤСНЫ ИМҨАԤЫРГО ИАЛАГЕИТ ИААРТУ АХӘЫҶТӘЫ АРЕИТИНГТӘ ШАХМАТТӘ ТУРНИР «АЛАШАРА – ИҚӘЫԤШУ АГӘЫӶРАҚӘА».
Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны «Алашара – Иқәыԥшу агәыӷрақәа» ҳәа хыс иаманы, аԥсуа милаҭтә реитинг аихшьаалақәа зцу есымзатәи ахәыҷтәы шахматтә турнирқәа хацыркхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа.
Аицлабрақәа мҩаԥысуан хәажәкырамза 18 – 19 рзы Аҟәа ақалақь, А. Карпов ихьӡ зху ашахматқәа рышкол аҿы, даарагьы аинтересс аҵаны имҩаԥысит. Атурнир рҽаладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи 230 - ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.
7-шықәса зхымҵыц аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Павел Гаврилов (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ - Георги Кәыҵниа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ - Михаил Аиба (ақ. Гагра).
7- шықәса зхымҵыц аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Адель Папба (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Софиа Шәлымба (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит – Сара Лазарева (ақ. Аҟәа).
9- шықәса зхымҵыц аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Кристиан Конџьариа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Давид Џьынџьал (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит – Сандро Аҩардан ( ақ. Гәдоуҭа).
БОРИС БАГАҬЕЛИА САМБО АЗЫ АЗҞАЗАЦӘА РЫБЖЬАРА МОСКВА АХРАҾА АГАРАЗЫ ИААРТУ АТУРНИРИ АИУБИЛЕИТӘ ТУРНИР «РЕТРО-ӠИУДО» РҾЫ АИААИРА ИГЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Борис Багаҭелиа самбо азы азҟазацәа рыбжьара Москва Ахраҿа агара азы Иаарту атурнири аспорт аветеранцәа рыбжьара аиубилеитә турнир «Ретро-Ӡиудо» рҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Азҟазацәа рыбжьара Москва Ахраҿа агаразы Иаарту атурнир мҩаԥысуан Москва ақалақь аҿы, хәажәкырамза 18 рзы. Уи еизнагеит Урыстәыла арегионқәа 19 рҟынтәи 96-ҩык асамбистцәа. Урҭ еиуеиԥшым акапантәи ақәратәи акатегориақәа рҿы иқәгылон.
Борис Багаҭелиа 65 шықәса зхыҵуеи урҭ иреиҳабууи, 98 кьыла инацны акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиааира агара илшеит.
Аӡиудо азы V аиубилеитә турнир «Ретро-Ӡиудо» (10 шықәса раԥхьа иҟаз аӡиудо азы «ажәытә» ԥҟарақәа рыла) аиҳабацәеи аспорт аветеранцәеи рыбжьара атурнир мҩаԥысит хәажәкырамза 19, Москва ақалақь аҿы. Аицлабра еизнагеит 200-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. Борис Багаҭелия +100 кьылак инацны акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиааира игеит.
АСЛАН БЖЬАНИА АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ МИХАИЛ ШУРГАЛИН ДИԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин дидикылеит.
Аиԥылараҟны ирылацәажәеит ҩ-тәылак рыдәныҟаполитикатә усеицураҟны жәларбжьаратәи амшахәаԥштә иактуалтәу азҵаарақәа.
Аиԥылара далахәын Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов.
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ ҞАРАЧЫ-ЧЕРКЕССИАТӘИ АРЕСПУБЛИКЕИ РЖУРНАЛИСТЦӘА РЕИДГЫЛАҚӘА РНАПХГАҨЦӘА АИНФОРМАЦИА АИМДАРЕИ АПРОЕКТҚӘА РЕИЦЫНАГӠАРЕИ ИРЫДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА ЖӘПАКЫ ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг Аҟәа ақалақь аҿы Урыстәылатәи Афедерациа ажурналистцәа Реидгыла Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспублика арегионалтә ҟәша ахантәаҩы Увжук Тхагапсов иԥылара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла апресс-маҵзура.
Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит апроектқәа реицынагӡареи аусмҩаԥгатәқәа реицымҩаԥгареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аиашьаратә республикақәа ржурналистцәа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаарақәа ҩба рыбжьара аусеицура абжьаҵара азы аиқәшаҳаҭра апроект аиқәыршәара азҵаара.
Руслан Ҳашыги Увжук Тхагапсови ҳаамҭазтәи ауаажәларратә еилазаара аԥсҭазаара аҿы амасс-медиа инанагӡо ароль азы ргәаанагарақәа еибырҳәеит, иара убас ажурналисттә материалқәа ремадара аганахьала Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рмассатә информациа ахархәагақәа ацхыраара рыҭара иаҵоу аҵакы ахадара азгәарҭеит.
Руслан Хашыг, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аиашьаратә республика ажурналистцәа 1992-93 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30- шықәса ахыҵра инамаданы 2023 шықәсазы имҩаԥгахо, «Цқьа идырым аибашьра аҭоурыхқәа» ҳәа хыс измоу арҿиаратә конкурс алахәхара шрыдигало азгәеиҭеит.
ИНАЛ БЕРЗЕНИА ЗХЫ ИАҚӘИҬУ АИҚӘԤАРАЗЫ САНКТ-ПЕТЕРБУРГ ИМҨАԤЫСУАЗ АԤХЬАХӘГАРА АҾЫ АИААИРА ИГЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Инал Берзениа зыкапантә категориа 86 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Санкт-Петербург Аԥхьахәгара аҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Атурнир мҩаԥысуан хәажәкырамза 17 рзы Санкт-Петербург ақалақь аҿы. Аицлабрақәа Урыстәыла Аԥхьахәгара алахәхаразы алԥшааратә ҟазшьа змаз еиндаҭларақәан.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҲАБЛА ҾЫЦ АҾЫ АЗИНХЬЧАРА АМОНИТОРИНГ АПУНКТ АԤҴОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә зинеиҿкаара амониторинг Ацентр аатит Ахылаԥшырҭа иаҵанакуа Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа актәи аҟәша аԥыԥшырҭатә хәҭа аҿы, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҟны.
Ахыдлаԥшреи азхьаԥшреи рзы апункт ҿыц даҭааит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа. Уи аспециалистцәа русура гәеиҭеит, убри аан уи «ауаажәларратә мониторинг атерриториалтә локациа араион аҿы иҟало азинеилагарақәа зегьы ианаамҭоу азхьаԥшреи аԥхьырҟәҟәаареи рзы анапхгараҭаратә ӡбамҭақәа рыдкылараҿы хадара злоу ароль нанагӡоит» ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ ЛАША АШӘБА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАХЬ ИААЗ ААХЫҴ КАВКАЗ АЗҴААРАҚӘА РЗЫ ЕВРОПАТӘИ АИДГЫЛААХАҬАРНАК ҶЫДА ТОИВО КЛААР ДИԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҟны Аахыҵ Кавказ иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқаррахь иааз Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Европатәи Аидгыла Ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар напхгара ззиуаз Европатәи адипломатцәа рделегациа идикылеит.
Аиԥылара иалахәыз Аахыҵ Кавказ ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ҷыдала, аиҿцәажәараан арегион аҟны ашәарҭадара иадҳәалоу атемазы ргәаанагарақәа еимырдеит.
ХӘАЖӘКЫРАМЗА 10 -17 РЗЫ ИААРԤШЫН ИАГЬРЫМХЫН АКРИПТОВАЛИУТА АРҲАРАЗЫ 22 АППАРАТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аппарат Хада аусзуҩцәеи аҩныҵҟатәи аусқәа атерриотриалтә ҟәшеиҵақәа русзуҩцәеи изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аԥхьырҟәҟәааразы есыҽны ареидқәа мҩаԥыргоит.
Хәажәкыра 10 инаркны 17 – нӡа иаарԥшын 22 аппарат.
Агәаҭарақәа раан Гагра араион аҿы иаарԥшхеит акриптовалиута арҳаразы 2 аппарат. Уи зтәу Пицунда ақалақь, Бзыԥтәи атупик ала игылоу аҩны аҿы инхо Коваль Игорь Владимир-иԥа иоуп. Аппаратқәа зегьы аамҭала аҵәахразы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша иатәу ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.
Гәдоуҭа араион аҿы ирыԥшааит иагьрымырхит Гәдоуҭа ақалақь, Габечиа имҩаду ала игылоу аҩны аҿы иқәыргылаз Герзмаа Ради Ленгәа-иԥа итәыз 9 аппаратк. Иара убас Ҟәланырхәа ақыҭан ирыԥшааит Бганба Геннади Аркади-иԥа итәыз 5 аппарат.
Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аусзуҩцәеи рыцырхырааны, Очамчыра ақалақь, Шьынқәба имҩаду ала игылоу аҩны аҿы ирыԥшааит иагьрымырхит Вардаиа Ҭемыр Маманти-иԥа итәыз 3 аппаратк.
Гал араион аҿы ирыԥшааит 3 аппаратк. Урҭ Гал ақалақь Оқәымтәи амҩала игылоу аҩны аҿы ишьақәыргылан. Изтәу Гамисониа Ныгәзар Виктор-иԥа иоуп.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны аус ауеит «еиԥырҟьам аимадара ацәаҳәа». Изакәанымкәа амаининг-фермақәа русура атәы здыруа зегьы «агәрагара аҭел» : +7 (940) 920-20-95 WhatsApp, Telegram Messenger; Instagram, Facebook ала адырра ҟарҵаларц азы аҳәара ҟаҵоуп.