pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны нанҳәамза  1 аҟынӡа Г.Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс иаҭааз рзеиԥш хыԥхьаӡара  зынӡа 186 053-ҩык рҟынӡа инаӡоит, иҭагалоу афинанстә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ   130 млн. 237 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ҳәа  Аԥсныпресс ахь адырра ҟалеит атуризм Аминистрра аҟынтәи.  

Убас, Риҵиатәи ареликттә милаҭтә парк 2023 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны нанҳәамза 1 аҟынӡа иаҭааз рхыԥхьаӡара 278 462-ҩык рҟынӡа инаӡоит, иҭагалоу афинанстә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ  183 млн. 925 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. XX Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аԥсны  Оpen 2023» Аҟәа ақалақь, Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҿы иаатит.

Атурнир аартуа, Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба, ари афестиваль 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵреи ирызкуп ҳәа иазгәеиҭеит.  

Иара аспортсменцәа атурнир аартра рыдиныҳәалеит. «Ари абар шьҭа 20 шықәса инеиԥынкыланы есышықәса имҩаԥгахо атурнир ауп. Уи амҩаԥгара 2008 шықәсазгьы, Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра анцозгьы еиԥымҟьаӡеит, иара убас акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аныҟазгьы ҳара турниркгьы бжьамыжькуа ҳааит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Константин Ҭыжәба.

Константин Ҭыжәба иажәақәа рыла, атурнир рхы аладырхәуеит Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи ахәыҷқәа, урҭ еибадыруеит, еиҳа еизааигәаны иҟалоит, аимадара бзиа рыбжьалоит, насгьы ашахматтә ӷәы аҿы еиндаҭлар рылшоит.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым ақәратә категориақәа ирыҵанакуа ашахматистцәа рзы атурнирқәа мҩаԥгахоит:

атурнир Д – 8-шықәса зхымҵыц аспортсменцәа рыбжьара (2015 шықәса рзы иизи урҭ иреиҵбууи),

атурнир С – 10-шықәса зхымҵыц аспортсменцәа рыбжьара (2013 шықәса рзы иизи урҭ иреиҵбууи),

атурнир В – 12-шықәса зхымҵыц аспортсменцәа рыбжьара (2011 шықәса рзы иизи урҭ иреиҵбууи),

атурнир А – ихадоу.

Аҿари аспорти русқәақәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба убасҵәҟьа аиубилеитә турнир аартра инамаданы зегьы дрыдныҳәалеит.

«Гәахәара дууп ҳара зегьы ҳзы шәара ҳтәыла ахьӡала жәларбжьаратәи арена аҿы ақәгылара ахьшәылшо. Уи зыбзоуроу шәазыҟаҵаҩцәеи Аԥсны ашахматқәа Рфедерациеи ауп. Ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит шәара еицырдыруа аспортсменцәаны шәҟалар, аха зегьы ирыцкуп шәуаа бзиақәаны шәҟаларц. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиара дуқәа, шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡара», - ҳәа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба. Аԥсны абҩарҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Џьон Гәыбаз, Аԥсны еиуеиԥшым аспорт хкқәа рыла идуу жәларбжьаратәи атурнирқәа мҩаԥысуеит, урҭ иреиуоуп ашахматтә фестивальгьы ҳәа иазгеиҭеит.  

«Атурнир есышықәса Урыстәыла ақалақьқәа жәпакы рхаҭарнакцәа алархәны имҩаԥысуеит. Ари афестиваль есымша еиԥш уажәгьы, еиҿкааны имҩаԥысуеит, ҳаԥхьаҟа идуу жәларбжьаратәи атурнирқәа ирылахәхаша ашахматистцәа маҷымкәа иаанарԥшуеит», – ҳәа иҳәеит Џьон Гәыбаз.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь аихамҩатә вокзал аҿы аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит. Авокзал аҩныҵҟа зехьынџьара ажәытә хыбра ақәгараан иаанхаз аргыларатә гәам-сам аҟынтәи  ирыцқьоуп. Иаахәаны ишьҭоуп ахыбра ҿыц азы иахәҭоу амаҭәахә зегьы.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа актәи аетап аҿы ахыб ҿыц аҟаҵара азԥхьагәаҭоуп. Аҩбатәи аетап аҿы ахыбра ахаҿратә ган рҿыцхоит.

Гагра ақалақь аплатформа «Абаҭаа» аҿы аҽазыҟаҵаратә усурақәа хыркәшоуп, иаарласны ахаҳәцәы ҿыц ақәҵара, иара убас  абаркьылкаламҭаԥсатә маакырақәа реиҭашьақәыргылара иалагоит.   Аплатформа аҿы афымцамҩангагақәа рыԥсаххьеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҿы имҩаԥысит ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Урыстәыла аҳәынҭқарратә Еилазаара «Рособоронэкспорт» ахаҭарнакцәеи реиԥылара.   

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Идҵа ала, Алеқсандр, Никита, Максим Поповаа аԥшаара-еиқәырхаратә операциақәа рымҩаԥгараан аԥсеиқәырхаҩцәа рыцхырааразы Аԥсны  Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟынтәи аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит.  

«Аџьшьара зауз арԥарцәа уажәадагьы изныкымкәа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан хабарда ибжьаӡыз ауаа рыԥшаараҿы ирыцхраахьан. Урҭ аԥсеиқәырхаҩцәа русура армариареи еиҳа алҵшәа аарԥшреи рзы ирырҭон рхатәы аԥырҩыда иԥыруа аппаратқәеи урҭ иҭырхыз аматериалқәеи», - ҳәа иазгәаҭоуп аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа иҟанаҵо адырраҭара аҿы.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. /Алеқсеи Шамба/. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы ахаша, нанҳәамза 2 рзы Аԥсны Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба Ифонд адгыларала иҭыжьыз аизакхьӡынҵа «Хазхаҭалатәи аколлекциа» аӡыргара мҩаԥысит.  

Зтираж 300 екземплиар рҟынӡа инаӡо аизахьӡынҵа иалалеит 2022 шықәсазы Аԥснытәи агәыҳалалратә Фонд «Амшра» ацхыраарала Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы ицәыргақәҵаз 100 инареиҳаны аҿыханҵеи аграфикеи рырҿиамҭақәа.   

Аӡыргара аартуа, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла асахьҭыхратә цәыргақәҵа Хада анапхгаҩы Ельвира Арсалиа, 2022 шықәсазы еиҿкааз ацәыргақәҵа аҷыдарас иамаз уи Аԥсны раԥхьаӡа еиҿкааз ахатәы коллекциақәа рцәыргақәҵаны иахьыҟаз ауп ҳәа иазгәалҭеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. К.Ҭарба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашара ансамбль «Кавказ», Б.Галаев ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи ансамбль «Симд», нанҳәамза  26 рзы Цхьынвал ақалақь аҿы  аконцерт «Аҩызара акәашара» еицымҩаԥыргоит. Уи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа ала азхаҵара амш 15-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкхоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.

«Кавказ» асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Омар Ҭарба  иажәақәа рыла, аколлектив 11 номер рыла иҟоу апрограмма ду еиқәнаршәеит. Аахыҵ Уаԥстәыла ахәаԥшцәа ирбар рылшоит абарҭ акәашарақәа: «Аԥсны аныҳәатә»,  «Исламеи», ауаԥс жәлар рыкәашара «Симд», «Аҟама ала акәашара», «Ашьхарыуаа рыкәашара», «Ауараа рыкәашара», ахореографиатә поема «Аиндаҭлара», «Аҭыԥҳацәа рыкәашара», уҳәа убас иҵегьи.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Атәылахьчара аминистр  Владимир Ануа асержантцәа, асҭаршинцәа, аунтер-афицарцәа, уҳәа разыҟаҵара азнеишьа ҿыцқәа «Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы асержантцәа, асҭаршинцәа, аунтер-афицарцәа, уҳәа разыҟаҵара асистема аҿиара» шьақәирӷәӷәеит.

Асержантцәа, асҭаршинцәа, аунтер-афицарцәа, уҳәа акомандаҟаҵаҩ еиҵбацәа разыҟаҵара акурсқәа Аҟәатәи Иреиҳаӡоу Азеиԥшарратә Командаҟаҵаратә Ҵараиурҭа абаза аҿы ишьақәыргылан, урҭ Аԥсны Арбџьармчқәа акадрқәа рзанааҭтә зыҟаҵара асистема иалагалахоит.  

Атәылахьчара Аминистрра асаит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, акурсқәа рхықәкы хаданы иҟоуп – асержантцәа, асҭаршинцәа, аунтер-афицарцәа, уҳәа акомандаҟаҵаҩ еиҵбацәа рырра-занааҭтә зыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра, аҟәшеиҵақәа рҿы азинеиҿкаареи арратә дисциплинеи аԥҟаԥҵәатә ԥҟарақәа рықәныҟәареи хаҭалатәи аилазаара разыҟаҵареи рааӡареи, иара убас иуадаҩу арра-еибашьратә ҭыгылазаашьақәа рҿы рнапаҵаҟа иҟоу аруаа рнапхгараҭареи рхылаԥшреи алыршара рзы рдыррақәа реиӷьтәра.    

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны акруизтә лаинер Astoria Grande адкылареи урыстәылатәи атуристцәа гәахәарыла рԥылареи иазхиоуп. Абри азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иажәақәа рахь азхьарԥш ҟаҵо адырра ҟанаҵоит ТАСС.  

«Ареспублика атуристтә маҵзурақәа рырҭбаара иазхиоуп, агеографиатә лшарақәа ҳасаб азуны аԥхынтәи аамҭахәҭа азы акруизтә лаинерқәа рыдкылара еиҳа аперспективра злоу усхкны иԥхьаӡоуп, – ҳәа Баҭымтәи амшынтә баӷәазаҿы урыстәылатәи атуристцәа ирҿагыланы имҩаԥгаз акциақәа рзы игәаанагара ТАСС акорреспондент изеиҭаҳәо иазгәеиҭеит  Аслан Бжьаниа. – Аҟәатәи амшынтә баӷәаза техникала Astoria Grande реиԥш иҟоу аӷбақәа рыдкылара алшоит. Гәахәарыла Аԥсныҟа ааԥхьара ҟаҳҵоит, аԥсуара ишаԥу еиԥш асасдкыларагьы ҳазхиоуп».

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 22 рзы  Р. Гәымба ихьӡ зху  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы Москватәи акәашара атеатр «Гжель» аконцерт  мҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аусмҩаԥгатә  Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеит 15-шықәса аҵра иазкны имҩаԥысуеит.  Аконцерт алагара аамҭа - 19:00 рзы, аҩналара хәыда-ԥсадоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.