pressadmin-2
РАУЛЬ ЛОЛУА АМИЛАҬТӘ ШӘАРҬАДАРЕИ АТӘЫЛАХЬЧАРЕИ РЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИАБЖЬГАҨЫС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Рауль Лолуа амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рызҵаарақәа рзы абжьгаҩыс иҟаҵаразы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.
Лолуа Рауль Валери-иԥа диит жәабранмза 20, 1976 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь аҿы.
1993 шықәсазы далгеит Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №17.
2000 шықәсазы далгеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Аҟәатәи абжьаратәи амилициа ашкол ҷыда «азанааҭдырҩы, аоператив-ԥшааратә усура» азанааҭ ала.
2005 шықәсазы далгеит Москватәи асоциал-гуманитартә Институт аҿга апсихологиа афакультет.
2013 шықәсазы «Аҳәынҭқарратәии амуниципалтәии анапхгараҭара» азанааҭ ала далгеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу аҳәынҭқарратә маҵзуреи жәлар рынхамҩеи рзы Урыстәылатәи Академиа.
1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын, Леон Иордени «Агәымшәаразы» амедали ианашьоуп.
1998 шықәасзы Ирласу анырра азы Иҷыдоу Аотриад (СОБР) аилазаараҿы Гал араион аҿы ақырҭуа адиверсиатә гәыԥқәа рықәгара иазкыз аоперациа.
2001 шықәсазы Ирласу анырра азы Иҷыдоу Аотриад (СОБР) аилазаараҿы Е. Квициании Р. Гелаеви рнапхгарала бџьарла еибыҭаз агәыԥқәа Аԥсны агәы алалара азы рҽазышәарақәа рыԥхьырҟәҟәаара далахәын.
2008 шықәсазы Атеррористҿагыларатә центр напхгара аиҭоит. Иарбоу ацентр урыстәылатәи архәҭақәа ирыцны Қырҭтәыла аҭынчра ахь мчыла азаагара азы аоперациа иалахәын.
«ҲАРА ҲАҚАЛАҚЬ» АЛАХӘЫЛАЦӘА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҬОУРЫХТӘ ХӘҬА АҾЫ АРГЫЛАРАҚӘА РЫМҨАԤГАРА ИАДҲӘАЛОУ АПРОБЛЕМАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥшьгаратә гәыԥ «Ҳара Ҳақалақь» алахәылацәа рыпресс-конференциа мҩаԥысит ашәахьа, хәажәкырамза 27 рзы. Активистцәа ақалақь акомплексттә ҿиара, зинда аргылара, аҳҭнықалақь аҭоурыхтә хәҭа иахьаҵанакуа ҿыц иргылахо аобиектқәа реихагылара, уҳәа иадҳәалоу апроблемақәа ирылацәажәеит. Конкретла ажәалагалақәагы ҟаҵан.
Архитекторқәа, арџьнырцәа, адизаинерцәа, асахьаҭыхыҩцәа, аурбанистцәа, азиндырҩцәа, ажурналистцәа зеилазаараҿы иҟоу аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа Аҟәа ақалақь аҿы иҳараку ахыбрақәа рыргылара атема ҩаԥхьа изышьҭырхуа еиҭарҳәеит.
Урҭ ргәаанагара ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы ирылагӡаны аҳҭнықалақь ауааԥсыра Аҟәа аҭоурыхтә ԥшаҳәа иахьаҵанакуа еицлабны, аиҳарак ала изакәанымкәа аргылара шымҩԥысуа рымбакәа иҟам. Раԥхьаӡа иргыланы излацәажәатәу Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа азааигәара игылоу ахыбра еихаххаа ауп.
Активистцәа агәраганы иҟоуп ас еиԥш иҟоу «архитектура» XIX ашәышықәса анҵәамҭзы ишьақәгылахьаз аҭоурыхтә ԥшаҳәа иаҵоу аԥшӡареи ауникалреи ықәнагоит, иара убас иҳаҩсыз аамҭақәа рзы аҟыбаҩ ду злаз архитеторцәа еиҷаҳаны иаԥырҵаз амшыни ашьхареи ркомпозициа ӷәӷәала еиланагоит. Иарбоу аргыламҭа амра ашәахәақәа ишиашоу ари аҭыԥ аҟынӡа рынаӡара аруадаҩуеит, иара убри ала ԥсабаратәла аҳауаеиҭарсра еиланагоит. Иара убас, иара убри адагьы еидгәыԥланы ахыбрақәа ахьыргылоу аҭыԥ ахь анеирҭақәеи амашьынаргыларҭақәеи амцарцәаратә неирҭақәеи анџьныртә инфраструктуреи иадҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуеит. Аҵыхәтәаны, хымԥада иазгәаҭатәуп даҽакгьы, – Аԥсны адгьылҵысратә (асеисмикатә) шәарҭаразы зиндекс ҳараку (9 рҟынӡа инаӡо) тәылоуп, убри аҟнытә ахыбра еихаххаақәа реизакра, еидгәыԥланы рыргылара мап ацәктәуп.
«Ҳара Хақалакь» алахәылацәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи ааигәа иҟалаз адгьылҵысра ахҟьаԥҟьа дуқәеи уи зыдҳәалахаз аргыларақәа раан асеисмикатә шьақәтәара аԥҟарақәа реилагареи ртәы ҩаԥхьа еизаз иргәаладыршәеит. Ахыбра заҟа иҳараку аҟара, аиҳарак аԥшаҳәа иахьаҵанакуа игылоу, араҟа иҟоу агеологиатә ҭагылазаашьақәа ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, адгьылҵысра аан аилыбгаразы еиҳа ишәарҭоуп. Уи иаанагогьы, ахыбрақәа иарбоу аҭыԥқәа рҿы раргылараан асеисмикатә ԥҟарақәа зегьы рықәныҟәара хымԥадатәиуп.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа азааигәара игылоу ахыбра – ари изаҵәу проблеманы иҟаӡам иахьа. Анџьныр-ргылаҩ Асҭамыр Маан игәаанагарала, И. Коӷониа имҩаду ала игылоу иҳараку аҩнқәа реиҳарак иҟалар зылшо анормақәа ирхысуа еицыҟарамкәа аиқәысра рныԥшуеит. Уи ҵаҵӷәыс иамазар алшоит – ахыбра ахьыргылаз аҭыԥ аҿы иҟоу адгьыл ианаамҭаз иахәҭоу анализ азумызм, мамзаргьы афундамент ахаҭабзиара лаҟәхеит, иара убас аргылара апроцесс аан хазхаҭала ахыбра аихагылара ацҵаразы аӡбамҭа адкылара.
АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АИЛАЗААРА ҾЫЦ ИНАГӠАНЫ ИШЬАҚӘЫРГЫЛОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц инагӡаны ишьақәыргылахеит.
Жәабранмза 20, 2023 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа ала Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәылацәас ишьақәырӷәӷәахеит:
Адлеиба Асҭамыр Борис-иԥа;
Ашба Роберт Шамсудин-иԥа;
Гериа Роман Шьоҭа-иԥа;
Џьынџьал Сократ Раҷ-иԥа;
Кьычба Гәыли Михаил-иԥҳа;
Лолуа Лиудмила Ирадион-иԥҳа;
Ломиа Оҭар Каҷ-иԥа;
Миносиан Вараздат Мелкон-иԥа;
Осиа Леонид Дмитри-иԥа;
Ԥлиа Давид Ҷыҷа-иԥа;
Ԥиԥиа Ҭемыр Ахра-иԥа;
Страничкин Алеқсандр Виктор-иԥа;
Хапат Низам Хасан-иԥа.
Ауаажәлрратә Палата аилазаара ахь Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи хәажәкырамза 11, 2023 шықәсазы иалххеит:
Алхас Гәыргәылиа (Аҟәа ақалақьтә Еизара);
Лана Цаа (Аҟәа ақалақьтә Еизара);
Дауҭ Агрба (Гагра араионтә Еизара);
Дона Малиа (Пицунда ақалақьтә Еизара);
Ахра Агрба (Гәдоуҭа араионтә Еизара);
Витали Смыр (Афон Ҿыц ақалақьтә Еизара);
Леуан Чхьеиӡе (Аҟәа араионтә Еизара);
Кочу Махмеҭ Хакан (Гәылрыԥшь араионтә Еизара);
Беслан Перцхьелиа (Очамчыра араионтә Еизара);
Омар Џьынџьал (Ҭҟәарчал араионтә Еизара);
Ҭенгиз Инал-иԥа (Гал араионтә Еизара).
Апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи хәажәкырамза 27, 2023 шықәса рзы Ауаажәларратә Палата аилазаара ахь иалырхит:
Даур Агрба – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсадгьыл»);
Ерасҭ Агәмаа – Ауаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациа;
Баҭал Аиба – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Ҳара ҳаҩны–Аԥсны»;
Асҭамыр Ахба – Ауаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны Жәларбжьаратәи афонд»;
Коба Гогохьиа – аполитикатә партиа «Амцахара»;
Ҭенгиз Џьопуа – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны аветеранцәеи аҿари Реидгыла»;
Абесалом Кәарҷиа – «Ааглыхыҩцәа, адгьылқәаарыхыҩцәеи аусдкылаҩцәеи Реидгыла»;
Едик Қриа – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥснытәи амилаҭтә конференциа»,
– Асҭамыр Логәуа – аполитикатә партиа «Аԥсны Жәлар Рфорум»,
– Изольда Ҳагба – Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс.
– Руслан Ҳашыг – Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла.
хәажәкырамза 10, 2023 шықәса рзы, «Аԥсны Ауаажәларратә Палата азы» Азакәан ахәҭаҷ 8, апункт 5 инақәыршәаны, Ауаажәларратә Палата аилазаара Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ила ишьақәырӷәӷәаз 13-ҩык Аԥсны атәылауааи 11-ҩык аконкурстә лыԥшаара апроцедура ала Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц ахь иалххо аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыла зыдгалара мҩаԥгаз араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәеи атәыла аиустициа Аминистрра аҟны ашәҟәы иҭагалоу аполиикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи 11-ҩык рхаҭарнакцәеи рыла ишьақәгылоит.
АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АШҞА ИАЛЫРХИТ 11–ҨЫК АПАРТИАҚӘЕИ АУААЖӘЛАРРАТӘ ЕИҾКААРАҚӘЕИ РХАҬАРАНАКЦӘА. ПРЕДСТАВИТЕЛЕЙ ПАРТИЙ И ОБЩЕСТВЕННЫХ ОРГАНИЗАЦИЙ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Апсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәеи еицышьақәдырӷәӷәаз Ауаажәларратә Палата алахәылацәа аконкурстә лыԥшаара апроцедура ала Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц ахь иалырхит 11-ҩык аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа.
Апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи Ауаажәларратә палата ахь иалххеит:
- Даур Агрба – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсадгьыл»),
– Ераст Агәмаа – Ауаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациа»,
– Баҭал Аиба – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Ҳара ҳаҩны –Аԥсны»,
– Коба Гогохьиа – аполитикатә партиа «Амцахара»,
– Ҭенгиз Џьопуа – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны аветеранцәеи аҿари Реидгыла» ,
ДАУР АҚАҨБА АТЕАТРАЛТӘ УСХКЫ АҾЫ АУС ЗУА ЗЕГЬЫ РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура аминистр Даур Ақаҩба атеатр аусзуҩцәа хәажәкырамза 27 рзы иазгәарҭо атеатр Адунеизегьтәи Амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә текст аҟны ахәҭкахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, шәзанааҭтә ныҳәа - Адунеизегьтәи атеатр Амш инамаданы ишәыдышәкылар сҭахуп гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара! Ари аныҳәа атеатр аусзуҩцәа рыдагьы Аԥсны есааира зхыԥхьаӡара ацло атеатр абзиабаҩцәагьы рзы иныҳәоуп.
Аԥсны беиоуп атеатралтә традициақәа рыла. Уи аиашазы иналукааша ахҭысқәа, арҿиаратә еихьӡарақәа, асахьаркыратә аартрақәа рыла игәылҭәаау амҩа ду ианысыз, зыхьӡ нагоу атеатралтә коллективқәа рыла агәы дууп. Иахьа урҭ Рыԥсадгьыл анҭыҵгьы еицырдыруеит.
ХӘАЖӘКЫРАМЗА 27 – АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АТЕАТР АМШ АУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Адунеизегьтәи атеатр Амш — адунеи зегьы аҿы есышықәса, хәажәкыраза 27 рзы иазгәарҭо атеатр аусзуҩцәа зегьы ринтернационалтә занааҭтә ныҳәа ауп. Ари ахҭыс традициала ишьақәгылаз иаку адевиз: «Атеатр ажәларқәа рыбжьара аҭынчра арӷәӷәареи аилибакаареи рхархәага аҳасабала еиԥш» ауп.
Аныҳәа азгәарҭоит арежисиорцәа, адраматургцәа, актиорцәа, атеатралтә критикцәа, апродиусерцәа. Адныҳәаларақәа рыдыркылоит зыда иагьа игениалзаргьы аспектакль зыҟамло ауаа: аибыҭаҩцәа, арлашаҩцәа, абжьырежисиорцәа, асахьаҭыхыҩцәа, адекораторцәа, абилеҭдкылаҩцәа, амаҭәакнаҳаҩцәа (амаҭәахьчаҩцәа).
Атеатралтә ҟазара абзиабаҩцәа рзы «Атеатр Амш» убасҵәҟьа иныҳәамшны иҟоуп, избан акәзар ари амш инамаданы «акультура аныхабаақәа» рҿы еиҿкаахоит еиуеиԥшым аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа, атеатралтә фестивальқәа, театрқәк рҿы ҷыдала ари амш азы аспектакль ҿыцқәа раԥхьарбарақәа мҩаԥысуеит.
Ареспублика аҿы зынӡа аус руеит ԥшь-театрк: С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр, Ф.А.Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿартә театр, Шә.Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиа атеатр.
Аԥснытәи атеатр.
С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоуп. Атеатр ахыбра атәыла аҭоурых-культуратә ҭынха иаҵанакуеит. Шьаҭанкыла ареставрациа ашьҭахь, атеатр иуникалу архитектура ала иаднаԥхьалоит атәыла ауааԥсыра реиԥш хыԥхьаӡара рцәала асасцәеи.
Уаҳа зда ыҟам, зыжәлар атрадициақәа еиқәырханы иаазго атеатр ақәыргыламҭақәа рыла, иӡны иҟаз Аԥсны аҭоурыхтә ҟазшьақәа реиҭарҿиара алнаршоит. Иуадаҩу ашьақәгылара амҩа ианысыз Аԥсуа театр атәыла иҭышәынтәалоу символны иҟалеит. Уи амиссиа хада – аԥсуа ҟазара алагала, аҷыдаҟазшьақәа иреиуоу акәзар – асцена аҿы Аԥсны аҭоурых аарԥшра ауп.
Атеатр атруппа иалоуп 46-ҩык актиорцәа. Аспектакльқәа рықәыргылара рнапы алакуп арежиссиорцәа Валери Ақаҩба, Адгәыр Ақаҩба, Мадина Аргәыни Алхас Шамбеи. Иара убас арежиссир ҿарацәа русура азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥҵоуп. Иаагозар, Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә акультура Аинститут аужьҭымҭа Гәыдиса Ҭодуа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәиргылеит абарҭ аспектакльқәа: «Анашанатә лаба», «Арасаԥҽыгаҩ» («Щелкунчик»), «Апринц хәыҷы». Уи иара убас апроект «Аԥсуа литература ашедеврқәа» ҳәа хыс измоу апроект авторс, арежиссиорс дыҟоуп.
Дыҟоуп иара убас Ақаҩбаа рактиортәии ррежисиортәии адинастиа ацҵаҩ – Атеатралтә ҟазара аҳәынҭқарратә Институти (ГИТИС) Б. Шьукин ихьӡ зху Атеатралтә ҵараиурҭеи роужьҭымҭа Бенар Ақаҩба. Уи аспектакль «Цилиндр» аҿы арежисиор иаҳасабала идебиут қәҿиарала имҩаԥысит. Ҳаамҭазтәи аетап аҿы ишахәҭоу ала аҿиареи аусуреи иаԥырхагоу Атеатр аусураҿы ауадаҩрақәак шыҟоугьы, иуникалу амилаҭтә театр хымԥада ишеиҭаҿио, ахәаԥшцәа ишьаху ақәыргыламҭақәа рыла акыр шықәса ргәалаҟазаара шышьҭнахло азы агәыҩбара цәырҵӡом.
Атетар ахәаԥшратә зал иамоуп 700 ҭыԥ, атәарҭақәа зегьы арадиофикациа рызуп, аспектакльқәа аурыс бызшәахьы еиҭагахоит. Ахԥатәи аихагылаҿы иҟоуп Аԥсны уаҳа даҽаџьара иҟам афирма «Steinway&Sons» иҭнажьыз ароиал зыҩнагылоу азал. Зеиӷьаҟам акустика иабзоураны ари азал акамертә музыка анагӡара азы, амастер-классқәа, апоезиатә хәылԥазқәа, аӡыргарақәа, уҳәа рымҩаԥгара азы зегьы бзиа еицырбо ҭыԥны иҟалеит.
Аурыс драматә театр
Ф. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр – атәылаҿы уаҳа зда ыҟам аурыс театр ауп. Уи Аԥсны, Урыстәыла, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи ахәаԥшцәа адзыԥхьало хадара злоу акультуратә центр ауп.
Атеатр арепертуар урыстәылатәи, аԥснытәи, адунеизегьтәи адараматургиа иреиӷьу ахкқәа рыла ишьаҭаркуп. Атеатр арепертуалтә политика зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку аспектакльқәа рыла излауа ала инарҭбаау аудиториа рымҽханакра иазырхоуп. Ақәыргыларазы арҿиамҭақәа ралхраан атеатр аԥснытәии аҳәаанырцәтәии аудиториа иҵабыргу гәыкалатәи рреакциа цәырызгаша аматериал иазхьаԥшуеит.
ҬАРАШЬ ҲАГБА: ҲАРА ҲХЫҚӘКЫ ХАДАНЫ ИҞОУП АԤСНЫТӘИ АШЬАПЫЛАМПЫЛАСЫҨЦӘА АКОМАНДА «ЗЕНИТ» ИХАДОУ АИЛАЗААРА АЛАЛАРА РЫЛШАРТӘ ЕИԤШ АҞАҴАРА.
Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба ашьапылампылтә Клуб «Зенит» адиректор хада ихаҭыԥуаҩ, анагӡаратә директор Максим Погорелови ашьапылампылтә Клуб «Зенит» азыҟаҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аизырҳара ацентр адиректор Сергеи Морозови дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит. Аусуратә еилатәара мҩаԥысит хәажәкырамза 25, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы.
Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩцәа Беслан Карчааи Роман Ҵкәуеи, аҿартә ҟәша анапхгаҩы Идрис Кара-Осман-оглы, Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент Шабаҭ Логәуеи уи ихаҭыԥуаҩ Анри Ҳагбеи.
Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Ҭарашь Ҳагба иҳәеит: «Бзиала Шәаабеит Аԥсныҟа, ҳара даареи ҳаигәырӷьоит араҟа иахьа шәбара. Максим Алеқсандр-иԥа, Шәареи ҳареи ҳаибадыруеижьҭеит абар шьҭа хы-шықәса ҵуеит, сара гәахәара дула исыдыскылоит ҳаибабара ахьалыршахаз. Сара сзы акырӡа аанагоит Сергеи Иури-иԥа иахь асреи ҭелла иабжьгарақәа аиуреи рзы алшара ахьсымоу. Шәара сара саҵкьысгьы аԥсуа шьапылампыл аҭоурых жәдыруеит. Уи даара ибеиоуп.
Ашьапылампыл Аԥсны ахаангьы апопулиалра зҵаз амассатә спорт хкны иҟан, аԥсуа шьапылампылтә школ Асовет Еидгыла аҿы иреиӷьу школны иҟан. Ҳара уи ҳазгәдуны ҳаҟоуп. Уажәгьы ари аспорт ҳкы ҳтәылаҿы зегьы реиҳа бзиа ирбо аспорт хкны иҟоуп».
Ҭарашь Ҳагба Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилаки ашьапылампылтә Клуб «Зенити» рыбжьара аусеицура алҵшәа бзиақәа шаанарԥшуа, Аԥсны ашьапылампыл аҿиаразы хра злоу импульсны ишыҟало азы агәрагара шимоу азгәеиҭеит.
Анаҩс Ахылаԥшырҭа анапхгаҩы асасцәа дыдирдырит Аԥсны ашьпылампыл Афедерациа апрезидент Шабаҭ Логәуа.
«Иахьа дҳадгыланы аус иуеит Шабаҭ Логәуа. Уи ааигәоуп ари аҭакԥхықәра зцу аусураҿы данышьақәдырӷәӷәа. Иара иахьа атәыла аҿы ашьапылампыл аҿиара инапы алакуп. Ҳара иҳалшо ала уи аус аҿы ацхыраара иаҳҭалоит», - ҳәа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.
Максим Погорелов, Аԥсныҟа аара дара рзы есымша гәахәара дууп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Даара ибзиоуп ҳара ари зеиӷьаҟам атәыла ахь ҳаара аҿы иҳацзраауаз ауаа иахьа русуратә уалԥшьа иацу аҭакԥхықәра ахьазҳауа. Убри аҟнытә сара агәрагара сымоуп шәара ари аҭыԥ ҿыц аҿы аихьӡарақәа шышәзыԥшу, шәыгәҭакқәа зегьы шынагӡахо. Ҳара ҳахәҭаала, зегьы иҳалшо ала ацхыраара аҟаҵара ҳазхиоп, иахьышәҳәо ҳаҟоуп», - ҳәа иҳәеит иара.
Максим Погорелов иара убас Аԥсны Ашьапылампыл Афедерациа ахада ҿыц ганарацәала адгылареи ацхыраареи ширҭало азгәеиҭеит.
«Сара агәраганы сыҟоуп, Ҭарашь Мирон-иԥа (Ҳагба – Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа ԥыхьатәи апрезидент – ред. АП) хра злоу аусура шынаигӡаз, Афедерациа аҭагылазаашьа бзиа аманы ишаанижьыз. Ҳара аринахысгьы иазԥхьагәаҳҭахьо апроектқәа реицынагӡара ҳазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Максим Погорелов.
УРЫСТӘЫЛАТӘИ АҴАРАУАА АԤСНЫ АНЫШӘҞАԤШЬ АМҼХАК АҾИАРА АҬҴААРА ИАЛАГЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа Асубтропикатә наукатә центр аҵарауаа ргәыԥ Аҟәа ақалақь акәша-мыкәша анышәҟаԥшь амҽхак аҿиара иазкны адәытә ҭҵааратә усурақәа мҩаԥнагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа Асубтропикатә наукатә центр апресс-маҵзура.
Ас еиԥш иҟоу анышәхкы Урыстәыла иахьҵанакуа иуԥылаӡом, уи аҷыдарақәа рахь иаҵанакуа ирацәаны иалоу аихеи алиумини роуп.
Аиха аҵәыҵәрикра иахҟьаны анышә ицәҩаԥшьу аԥштәы аанахәоит. Ас еиԥш анышәхкы аиҳарак асубтропикатә абыӷьҟьаҟьатә бнарақәа ирызҷыдаҟазшьаны иҟоуп. Урҭ аиҳарак иахьуԥыло ҭыԥқәаны иԥхьаӡоуп – Алада-Мрагыларатәи Азиа, Австралиа мрагыларатәи ахәҭа, иара убас Аладатәи Америкеи Африкеи агәатәи рыхәҭақәеи. Аԥсны ас еиԥш иҟоу анышәхкы Колӷьҭатәи алаҟәыра инамариашаны иуԥылоит.
Анаукатә усзуҩцәа агеодезиатә усурақәа раламҭалазтәи аҭыԥ аҭҵаара мҩаԥыргеит, анаҩстәи агәаҭарақәа рзы ихымԥадатәиу ахкқәа еизыргеит. Анаҩс иазԥхьагәаҭоуп Урыстәыла Анаукақәа ракадемиа иатәу В.В. Докучаев ихьӡ зху Асубропикатә наукатә центр амузеи азы адгьыл еилаҵәқәа ралхра.
«Иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп хы-хкык инарзынаԥшуа адгьыл-климаттә ҭагылазаашьақәа ргәаҭара: ицәҩабжьоу адгьыд (адгьылбжьаха Абрау) – аҩежьдгьыл (Шәача Ду иахьаҵанакуа) – адгьылҟаԥшь (ақалақь Аҟәа акәша-мыкәша). Ахырхарҭа ҿыц аконцепциа абасала иҟоуп: еиуеиԥшым аԥсабара-климаттә ҭагылазаашьақәа, еиуеиԥшым агеологиатә шьаҭақәа, еиуеиԥшым анышәшьақәгылара ахкқәа, еиуеиԥшым адгьыл аҷыдаҟазшьақәеи уи иадҳәалоу аԥсабаратә ҵакырақәеи шьақәдыргылоит, уи аки-аки иузаҟәымҭхо еидҳәалоу, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара абиологиатә, агеохимиатә, уҳәа арбагақәа, иааизакны аекосистема аҭагылазаашьа аадыԥшуеит», – ҳәа еиҭалҳәеит Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа Асубтропикатә наукатә центр агеоекологиеи аԥсабаратә процессқәеи рлабораториа анаукатә усзуҩ хада, абиологиатә наукақәа рдоктор Лалита Захарихина.
УРЫСТӘЫЛА АТУРОПЕРАТОРЦӘА ЛАҴАРАМЗАЗЫ ИҞАЛО АԤСШЬАРАМШҚӘА РААН АԤСНЫҞА ААРА ЗҬАХУ РХЫԤХЬАӠАРА ЕИҲА ИШЫРАЦӘАХО АЗГӘАРҬОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥхынра -2023 шықәсазы аԥсшьараамҭа азы Аԥсныҟа аара зҭаху аԥсшьаҩцәа шырацәахо ҩаԥхьа ишьақәнарӷәӷәоит лаҵарамзазтәи аныҳәамшқәа Аԥсны изхызгарц зҭаху рхыԥхьаӡара аиҳахара, ҳәа иазгәарҭоит Урыстәылатәи атуристтә операторцәа Рассоциациа аҿы.
«Урҭ иҟарҵо адыррақәа рыла, бжьаратәла уахәаԥшуазар, иарбоу аамҭахәҭа азы заа иаанкылоу аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара уажәанатә иҳаҩсыз ашықәс арбагақәа раасҭа 20-40% рыла еиҳахахьеит. Еилазаарақәак рдинамика еиҳагьы еиҳауп, урҭ лаҵарамзазтәи аныҳәамшқәа раан ԥсшьараҳәа Аԥсныҟа иаауа рхыԥхьаӡара ҩынтә аиҳахара иазыԥшуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Урыстәыла атуристтә операторцәа Рассоциациа аофициалтә саит аҟны.
Атуристә усхкы иалаху разԥхьагәаҭарақәа рыла, уи ашыкьамҭа мшаԥымза актәи азыбжа иақәшәоит.
ХӘАЖӘКЫРАМЗА 26 – 27 РЗЫ АУРЫС ДРАМАТӘ ТЕАТР АҾЫ АСПЕКТАКЛЬ «АХАҴА ԤШӠА» АԤХЬАРБАРА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 26-27 рзы Ф. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҟны Алеқсандр Островски икомедиа ала иқәыргылоу аспектакль «Ахаҵа ԥшӡа» аԥхьарбара мҩаԥысуеит.
Арежиссиор-ақәыргылаҩ Ирина Дремова, адраматург Екатерина Тимофеева, асахьаҭыхыҩ Тасиа Иудина, акомпозитор Иулиа Колченскаиа.
Ароль хадақәа нарыгӡоит Осман Абыхәба, Аманда Кәарацхьелиа.