АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Цәыббра.2023

Едуард Быҭәба ашьха иаԥну Ԥсҳәы ақыҭа аҿы адиспансеризациа амҩаԥысшьа гәеиҭеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭан  30 шықәса рыла раԥхьаӡа акәны ауааԥсыра рдиспансеризациа мҩаԥысуеит.

Асабша, цәыббрамза 16 рзы, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба адиспансеризациа шымҩаԥысуа хаҭала агәаҭаразы ашьха иаԥну ақыҭа даҭааит.  

Агәабзиарахьчара Аминистрра ала Ԥсҳәы ақаҭахь идәықәҵахеит амобилтә бригада. Уи аилазаараҿы иҟоуп аҟәатәи амедицинатә усбарҭақәа апрофильтә специалистцәа, урҭ адиагностикатә ҭҵаарақәа зегьы рыхкқәа нарыгӡоит.

Аҭыԥ аҿы ахирургиа, амаммологиа, аонкологиа, атравмотологиа, аортопедиа,  оториноларингологиа, апедиатриа, офтальмологиа, неврологиа, акардиологиа, атерапиа, аурологиа, агинекологиа, уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рганахьала ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭан. Ауааԥсыра рчымазара ашьақәыргылара азы ақыҭахь иара убас иааргеит еиҭаҵуа арентген аппарат, аультрабжьытә диагностика аппарат.

Ԥсҳәы инхо ауааԥсыра ихымԥадатәиу аҭҵаарақәа рымҩаԥгара азы ршьа рылырхит, уи аҳаирплан ала аҳҭнықалақь алабораториа ахь идәықәҵахеит.

Амобилтә хәышәтәырҭа даҭааит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.  

Иара ақыҭауаа рыбжьара апрофилактикатә гәаҭареи рдиспансеризациеи шымҩаԥысуа гәеиҭеит, анҭыҵтәи аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахәшьара ҳарак аиҭеит.  

Аминистр иара убас Ԥсҳәы ақыҭаҿы инхо ауаа дрыҿцәажәеит. Урҭ  аиҳарак ирызцәырҵуа ачымазарақәа ирылацәажәеит, иара убас аҵыхәтәантәи 30 шықәса раахыс рқыҭаҿы иҩаԥымсыцыз ас еиԥш амҽхак змоу адиспансеризациа амҩаԥгара азы аминистр иҭабуп ҳәа иарҳәеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс ацхыраарала имҩаԥысыз адиспансеризациа аихшьаалақәа рыла, астатитика аԥҵахоит. Аоперативла ахәышәтәра зҭаху апациентцәа зегьы Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы, Аԥсны егьырҭ амедицинатә усбарҭақәа рҿы, иаҭаххоны иҟалозар, Урыстәыла аклиникақәа рҿы иахәҭоу  амедицинатә цхыраара роуртә аҭагылазаашьа аԥҵахоит.

Иара убас агәабзиарахьчара Аминистрра ала Ԥсҳәы ақыҭа афелшар-аԥҳәысеилыргаратә Пункт азы ахәшәқәа азоужьхеит.  Аиҳарак уи раԥхьатәи амедицинатә цхыраара аҭара иазку апрепаратқәа роуп. Иара убас иарбоу афелшар-аԥҳәысеилыргаратә Пункт ашоурартәагатә, аҿкыҿагыларатә, аллергиа рҵысҩы иаҿагыло, уҳәа егьырҭ ихымԥадатәиу ахәшәқәеи амаҭәашьарқәеи рыла еиқәыршәахеит.


Read 261 times - Амҽыша, 17 Цәыббра 2023 10:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.