АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Цәыббра.2023

Афестиваль «Риҵатәи арифмақәа» Аҟәа ақалақь аҿы иаатит.

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәсатәи аԥсуа-адыгатә литературатә фестиваль «Риҵатәи арифмақәа» Аҟәа ақалақь, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿы иаатит.

Афестиваль адыгатәи апоет, ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Заур Налоев диижьҭеи 95-шықәса аҵра иазкны Аԥсны акультура Аминисттра ацхыраарала еиҿкаахеит.

«Риҵатәи арифмақәа» - акультуратә еимадарақәа реиқәырхара, аԥсуа-дыга жәлар рмилаҭтә литература аҿиара, уҳәа зегь реиҳа идуу ахықәкқәа зҽаԥхьа иқәзыргыло, зегь реиҳа икамертәу афестиваль ауп.

Афестиваль рхы аладырхәит Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Вахтанг Абҳазоу, Инна Ҳаџьымба, уҳәа хыԥԥхьаӡара рацәала апоезиа абзиабаҩцәа.  

Апроект «Риҵатәи арифмақәа» автор - Зарина Канукова, адыгатәи апоетесса, адраматург, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩ.

Зарина Канукова уаанӡа ари афестиваль Аԥсни Ҟабарда-Балкариеи ралахәхара мацарала имҩаԥысуан, уажәы акәзар, уи рхы аладырхәуеит Адыгееи Ҟарачы-Черқьессиатәи апоетцәагьы.

 

Уи лажәақәа рыла, аусмҩаԥгатә аиҳарак Риҵатәи амилаҭтә реликтә парк аҿы имҩаԥысуеит.

Апоет Владимир Занҭариа, Риҵа иаԥхьахо ажәеинраалақәа зынӡа даҽакала улымҳаҿы иааиуеит, еиҳа игәыҟаҵагоу абжьы рхылоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Уаҟа иҷыдоу ажәҩантә акустика ыҟоуп, ҳара аԥсышәала еиԥш адыга бызшәалагьы ажәеинраалақәа ҳрыԥхьалоит. Адыга бызшәа ықәыҩлааит Аԥсныра. Ари ахҭыс шьахә Аԥсны имҩаԥысыртә еиԥш аҭагылазаашьа ҟаларц азы, убри аҟарагьы адыгаа ршьа ақәҭәахьеит абри адгьыл», - ҳәа иҳәеит Владимир Занҭриа.

Иара Зарина Канукова алитературатә фестиваль Аԥсны аиҿкааразы иҭабуп ҳәа леиҳәеит.

Аԥсуа-адыгатә фестиваль «Риҵатәи арифмақәа» рлауреат ҳәа адипломқәа ранашьахеит аԥсуа поет ҿарацәа Шьазина Бганбеи Абзагә Колбаеи.  

Афестиваль аартра иадҳәалоу ацеремониа аҿы иқәгылеит авокал-инструменталтә ансамбль  «Гәында». Ансамбль аԥсышәала, адыга бызшәала, иара убас урысшәала ашәақәа нанагӡеит.

Актәи афестиваль «Риҵатәи арифмақәа» Аԥсны имҩаԥысит  2018 шықәсазы, 2020 шықәсазы аковиддтә ԥкрақәа инарымаданы, ари аусмҩаԥгатә онлаин режим ала имҩаԥысит.


Read 193 times - Амҽыша, 17 Цәыббра 2023 12:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.