АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Цәыббра.2023

Атуризм аусхкы аҿы аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Ҟазахсҭан имҩаԥысуа афорум аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  I Жәларбжьаратәи атуристтә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Занҭариа Мангистаустәи аобласть атуризм аубарҭа аиҳабы Маулен Габдулкалиев диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.

Аусуратә еиԥылараҿы аганқәа атуризм аусхкы  аҿы аусеицурацы иҟоу алшарақәа ирылацәажәеит.  

Иара убас арҿиаратә коллективқәа наҟ-ааҟ реимадара азы ажәалагала ҟаҵан.


Read 236 times - Ашәахьа, 18 Цәыббра 2023 11:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.