АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Цәыббра.2023

Даур Агәхаа иҽыҩ - Абхазиан Сонг Краснодар имҩаԥысыз аҽырыҩрақәа рҿы ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа аҽыааӡаҩ Даур Агәхаа иҽыҩ Абхазиан Сонг ашьацқьа злоу англыз ҽыжәла иаҵанакуа, хы-шықәса зхыҵуеи еиҳабууи аҽыҩқәа рзы Гранит II аԥхьахә агаразы имҩаԥысыз аҽырыҩраан, 1600 метра рҟынӡа инаӡо адистанциа аҿы ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.   

Аҽырыҩрақәа мҩаԥысит цәыббрамза 16 рзы Павловтәи аипподром аҿы.

Аҟаза-аҽыбӷаҟаза - Џьубеи Аҩӡба, азыҟаҵаҩ - О. Самохина.

Аҽырыҩратә мшы аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара амш 15-шықәса ахыҵра иазкыз аҽырыҩра мҩаԥысит. Аиԥхныҩра 1400 метра рҟынӡа инаӡо адистанциа аҿы, ҩышықәа зхыҵуа англызтә шьацқьа злоу аҽыҩқәа рыбжьара  имҩаԥган.  

Аиааира агеит Мистер Шторм Кет ҳәа ахьӡҷыда змоу аҽыҩ, аҽааӡаҩ - Надир СХПК.

 


Read 206 times - Ашәахьа, 18 Цәыббра 2023 11:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.