АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Цәыббра.2023

Мықә ақыҭан имҩаԥысуеит акультура-ҟазаратә фестиваль.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, цәыббрамза  15 рзы аҭоурыхтә дәы Мықәашҭа (Очамчыра араион, Мықә ақыҭа) аҿы акультура-ҟазаратә фестиваль мҩаԥысит.

Афестиваль алахәылацәаны иҟалеит хә-раионк: Гал, Ҭҟәарчал, Очамчыра, Гәдоуҭа, Гагра араионқәа рҟынтәи 14–17 шықәса зхыҵуа 125-ҩык рҟынӡа  ашколхәыҷқәа.

Ашколхәыҷқәа хә-командак рыла еихшан: «Аҳаԥшьаӡҩцәа», «Аҽыбӷаҟазацәа», «Хыцла ахысыҩцәа»», «Асҩы», «Ачысҟаҵаҩы». Акомандақәа зегьы рзы хазы апрограмма еиқәыршәан.

Амш иалагӡаны ашколхәыҷқәа жәлар ринструментқәа рзы, Аԥсны ахәыҷқәа рааӡара аганахьала иҟоу аҵасқәа, аԥсуа кьанџьақәа,  аҽыааӡареи аҽыбӷаҟазареи еиуеиԥшым ажәларқәа рыԥсҭазаараҿы иааннакыло ароль азы, уҳәа атемақәа рыла алекциақәа ирзыӡырҩуан, иара убас анышәаԥшь иалхны аҳаԥшьаӡра рҵон, Аԥсны иқәынхо ажәларқәа рорнаментқәа рҭыхра, амилаҭтә фатә хкқәа рыҟаҵара, иара убас ахыци ахәымпали рыла ахысра рҵон.

Алахәылацәа реиҳараҩык ишазгәарҭаз ала, зегьы реиҳа дара иргәаԥхеит ажәытә аԥсуа хәмарра «ахылԥахас» алахәхареи ахыци ахәымпали рыла ахысреи.

«Сара зегьы реиҳа ахыци ахәымпали рыла ахысра сгәаԥхеит. Сара уажәаԥхьа ахыци ахәымпали ала сымхысӡацызт. Уи сара занааҭс ашьҭыхра сҭахуп ҳәа сҳәаӡом, аха уеизгьы даара аинтерес зҵоу аԥышәа соуит ҳәа исыԥхьаӡоит», - ҳәа лгәаанагара лҳәеит Ҟәланырхәантәи афестиваль алахәыла Ариана Смыр.

«Сара сзы зегьы реиҳа аинтерес зҵаз амастер-класс арԥшьшьара ауп. Ҳара уажәада арԥшьшьара ҳнапы алаҳамкыцызт, аха уи даара иаҳгәаԥхеит, ҳазлагаз аусумҭақәа ҳрылгартә еиԥш аамҭа нацҵаны иҳамазар ҳҭахын, избан акәзар маҷ-маҷ акахьы ҳкылсуа ҳалагеит», - ҳәа еиҭарҳәеит «Асҩцәа» ркоманда аҟынтәи аӡӷабцәа.

Афестиваль амҩаԥгара азы аидеиа Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал, Гәдоуҭа, Гагра араионқәа раԥшьгаратә гәыԥқәа рҿы ицәырҵит. Уи  Европатәи Аидгылареи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу ақыҭатә ҵакырақәа рыҿиаразы апрограммеи жәларбжьаратәи аиҿкаара «Амлакра аҿагыларзы аиҿкаареи» еицынарыгӡо апрограмма ацхыраарала имҩаԥысит.

Афестиваль ахықәкы хада – аиҳабыратәи аклассқәа рҵаҩцәа итрадициатәу Аԥсны иқәынхо ажәларқәа рнапҟазара, иара убас акультуреи аҵасқәеи ақьабзқәеи еиҳа еиӷьны рырдарра, иара убас еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи ахәыҷқәа реибадырреи араионбжьаратәи аимадара рыбжьҵареи.

Зынӡа Афестиваль иаҭааит 250-ҩык рҟынӡа  ауаа.

 

 


Read 263 times - Асабша, 16 Цәыббра 2023 18:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.