pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, ԥхынҷкәынмза 1 азы аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы  «Аԥсны 2023-2024 шықәсазтәи ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭазы аԥсыӡнхамҩа аусура аҭышәныртәаларазы ауснагӡатәқәа рышьақәырӷәӷәаразы» Ақәҵара рыдыркылеит.

Аӡы-биологиатә ресурсқәа еффективла рхархәареи Ареспублика Аԥсны Амшын Еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа  ааглыхратә ԥсыӡкра аҭышәынтәалареи ралыршара азы, Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра 2023-2024 шықәсқәа рзы ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭазы аӡы-биологиатә ресурсқәа рхархәаразы аквотақәа рзоужьра мҩаԥнагоит. Убас ала:

а) Акамшьиа акреи уи аԥсыӡшшеи ашылеи ралхреи назыгӡо аиуристтә хаҿқәа 9: Аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа злоу Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара (ЗҲәА) «Хамса»,  Еилаху Анаплакы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара (ЗҲәА) «Абхазморпром», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара (ЗҲәА) «БлэкСииФиш», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара (ЗҲәА) «Апсыдз Бат и Бек», Еилаху Анаплакы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара (ЗҲәА) «Сухумский рыбокомбинат плюс», Еилаху Анаплакы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара (ЗҲәА) «Аҟәатәи Аԥсыӡкомбинат», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара (ЗҲәА) «Аҟәатәи аԥсыӡкратә нхамҩа», Еилаху Анаплакы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара (ЗҲәА) «Аҟәатәи аԥыӡкратә нхамҩа №1»,  Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара (ЗҲәА) «Дениз» 20 аԥсыӡкратә ӷбақәа рхархәарала.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу Николаи Смецкои ихьӡ зху ԥыхьатәи асанатори ахыбра аинвестор қьырала иҭахар ҟалоит.   

Аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рнапхгараҭаразы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, уаанӡатәи асанатори ахыбра ареспублика иахатәуп, аҳәынҭмазара иаҵанакуеит.

Уажәы ари ахыбра аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, уи еилаҟәыбаса ишьҭоуп, аҭыӡқәа роуп мацара иаанханы иҟоу, ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рнапхгараҭаразы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа.

«2011 рзы ахыбра кыраамҭа қьырала рыҭаразы аӡбара рыдыркылеит, аха 2016 шықәсазы арендаҟаҵаҩ ихыдҵақәа мап рцәикит. Иҟалап аобиект аиҭашьақәыргылара илшом ҳәа ибазар. Убри азы аилаӡара аԥыххеит. Иахьагьы аобиект шыҟац иҟоуп, уи аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Акыраамҭа қьырала изгар зҭаху ауаҩы дыҟоуп. Уи урыстәылатәи аинвестор иоуп. Уи ҳара иқәҳаргылаз адҵа инақәыршәаны аԥснытәи резидентс дҟаларц, ҳшәахтә системахь аԥарақәа алеигаларц Аиустициа аминистрраҟны анаплакы ашәҟәы иҭаиҩит», - ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы ахәыҷы ииразы иҟарҵо зныктәи аԥаратә цхыраагӡақәа 5 нызықь мааҭ рҟынӡа ашьҭыхразы Ақәҵара рыдыркылеит.

Ахәыҷы данилак, аҭаацәа руаӡәк, мамзаргьы рҩыџьагьы аус руазар – зныктәи аԥаратә цхыраагӡа аҳасабала 27 000 мааҭ роулоит, уаанӡатәи ашәарақәа - 22 000 мааҭ рҟынӡа инаӡон.

Ахәыҷы данилак, аҭаацәа руаӡәк ма рҩыџьагьы аус рымуазар – зныктәи аԥаратә цхыраагӡа аҳасабала 22 000 мааҭ роулоит, уаанӡатәи ашәарақәа - 17 000 мааҭ  рҟынӡа инаӡон.

Ақәҵара 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны азинмчы аиуоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны аԥсыӡнхамҩа аусура аҭышәныртәалараз ауснагӡатәқәа шьақәнарӷәӷәеит. Убас, 2023-2024 шықәсқәа ҭагалан-аӡынтә аԥсыӡкраамҭазы аӡы-биологиатә ресурсқәа  рҭагылазаашьа  ҳасаб азуны шаҟа укыр ҟало азы Ақәҵара рыдыркылеит.

Иҟоуп ҳәа иазгәаҭоу аԥсыӡ аресурси шаҟа укыр ҟалои шьақәырӷәӷәан:

Акамшьиа - 90 000 тонна ыҟоуп ҳәа иазгәаҭоу аресурс аҟынтәи акра ҟалоит  - 27 000 тонна,аресурс аҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

2023 – 2024 шықәсқәа ҭагалан-аӡынтә аԥсыӡкраамҭазы азин ыҟам аҿыцкыра ԥсыӡ, ирхьшәашәоу, иҵаарку аԥсыӡ аекспорт. Мацара урыстәылатәи аԥсыӡкратә наплакқәа раархәаразы азин ыҟоуп.

Иазгәаҭоу аресурс аҟынтәи егьырҭ аԥсыӡқхкқәа акра ҟалоит:

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы  Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрреи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика  ақыҭанхамҩеи аграртә реформеи рзы Аминистрреи рыбжьара аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгареи ақыҭанхамҩа аусхкы ала аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵареи рзы Ақәҵара рыдыркылеит. Аганқәа абарҭ ахырхарҭақәа рыла аусеицура азԥхьагәаҭаны ирымоуп:

– анаукатә ақыҭанхамҩатә ҭҵаарақәа;

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амилициа аусзуҩцәа зинда аԥсаҵлақәа рыԥҟареи рыҭиреи рыԥхьырҟәҟәаара иазку акомплекстә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Абҵарамза 29 рзы Мамзышьха абнара аҿы амилициа аусзуҩцәа изакәанымкәа аԥсаҵлақәа рыԥҟара иадҳәалоу афактқәа хԥа аадырԥшит.  Азинеилагаҩцәа – Аҟәа  ақалақь аҿы инхо Гембер Чхьеиӡе,  Гәдоуҭа ақалақь аҿы инхо Дамеи Цәеиба, Лыхны ақыҭан инхо Алиас Ҳалуашь  рганахьала аматериалқәа зегьы аусеилыргара аҳәаахәҭара аусбарҭа ахь идәықәҵоуп. Иқәхыз, зыхкыжәла бзиоу 64 ҵла Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҿы ишьҭаҵоуп, автомашьынақәа ракәзар иҷыдоу  ргыларҭаҿы иргылоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Апрокуратура Аҟәа ақалақь Ахадара Амуниципалтә унитартә Наплакы «Аҟәатәи ақалақьтә џьармыкьа Хада» аусура агәаҭара мҩаԥнагоит. Ахәҭакахьала, иара убас абылрацәыхьчаратә нормақәа рықәныҟәара ахьынӡазалыршоугьы гәарҭоит.

Абҵарамза 29, 2023 шықәсазы Апрокуратура аԥшьгарала, Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рыхьчара азы абылрацәыхьчаратә отриад алархәны Аҟәатәи аџьармыкьа иаҵанакуа ахәаахәҭратәи егьырҭ аобиектқәеи абылрацәыхьчаратә нормақәа ишрықәныҟәо азы  агәаҭара мҩаԥган.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апаспорттә усбарҭа ԥыхьатәи аусзуҩцәа – аусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, амилициа аполковник Кәаӡба Вадим Сергеи-иԥеи Афон Ҿыц ақалақь аҿы апаспорттә гәыԥ аинспектор хада Џьениа Фатима Вадим-иԥҳаи, иара убас, Украина атәылауаҩ  Мыльцев О.С. 10 000 доллар рҟынӡа инаӡоз аҵарҭыша азы изакәанымкәа апаспорт иҭара аус аҿы урҭ ирыцлахәыз - Ҳалуашь Лолита Заканбеи-иԥҳаи Кәыҵниа Гәырам Омар-иԥеи рганахьала ихацыркыз аусеилыргара ахәаԥшра хнаркәшеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Кавканҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аилацәажәарақәа рҿы аԥснытәи аделегациа аиҳабы  Иракли Ҭыжәбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. Аԥсуа ган аҟынтәи аиԥылара иара убас ихы алаирхәит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.

Аиԥылара аҿы аганқәа ԥхынҷкәынмза 5-6 рзы имҩаԥысраны иҟоу адискуссиақәа изаамҭанытәиу 59-тәи араунд амшхәаԥштә иалацәажәеит.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аҭыԥаҿы ашәарҭареи аҭышәынтәалареи реиқәыршәара азҵаарақәа.

Аԥснытәи аделегациа аҽазныкгьы ишьҭнахуеит Қырҭтәылеи Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәараз ашәҟәы анапаҵаҩра азҵаара.

Аиԥылараҿы иара убасгьы ирылацәажәан Гал ақалақь аҿы ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи хырыҩ рыҭареи рзы Амеханизм аусура ахацыркра, арегион аҿы ашәарҭадара азҵаарақәа.

Иракли Ҭыжәба аԥсуа ган Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахаҭарнакцәа рыла иарбоу амеханизм аусура арҿыцра азы ажәалагала ҿыцқәа рынашьҭра еиҿнакааит ҳәа иазгәеҭеит.  

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа, атлетика ласы азы Асовет Еидгыла зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥснытәи АССР абаҩрҵәыратә культуреи аспорти зҽаԥазтәыз аусзуҩ Акоп Керселиан дахьынхоз, Аҟәа ақалақь, Лакоба имҩала игылоу аҩны № 103 ахаҿратә ган аҿы агәалашәаратә мемориалтә ӷәы ашьақәыргылара иақәшаҳаҭхеит.

Акоп Керселиан аҟәатәи аспортсмен, аҭоурых аҿы зда дыҟам хынттәи аолимпиатә чемпион  (1968, 1972, 1976), 1980 шықәсазтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы араӡнытә медал згаз, Европа ҩынттәи ачемпион (1969, 1974 шш). –  Виктор Санеев раԥхьатәи изыҟаҵаҩ иакәын.

Виктор Санеев хынттәи аԥара аҿы хынтә адунеитә реконд шьақәиргылахьан: 17,23 м. (жьҭаарамза 17, 1968 шықәсазы, Мехико ақалақь аҿы), 17,39 м. (жьҭаарамза 17, 1968 шықәсазы, Мехико ақалақь аҿы), 17,44 м. (жьҭаарамза 17, 1972 шықәсазы, Аҟәа ақалақь аҿы).

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.