pressadmin-2
Аԥсны аҳәынҭқарра аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аусзуҩцәа аҽазыҟаҵаратә семинар «Ацифратә технологиақәа рыларҵәара аамҭа азы ауаҩы изинқәа рыхьчара алыршара» рхы аладырхәраны иҟоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аусзуҩцәа О.Е. Кутафин ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә Азиндырратә Университет аҟны иҟоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Анаука-ҭҵааратә Центр имҩаԥнаго аҽазыҟаҵаратә семинар рхы аладырхәраны иҟоуп. Хәажәкырамза 17 рзы авидео-конференц еимадара аформат ала имҩаԥысло асеминар атема «Ацифратә технологиақәа рыларҵәара аамҭа азы ауаҩы изинқәа рыхьчара алыршара».
«Аԥснытәи азинхьчаратә институт иарбоу аусмҩаԥгатә алахәхара Аԥсни Урыстәылеи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппаратқәа ирыбжьоу аусеицура иабзоурахеит. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа лыхьӡала Урыстәылатәи Афедерациа ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Татиана Москалькова лҟынтәи ааԥхьара ашәҟәы ааит.
Анас Кьышьмариа урыстәылатәи лколлега иҟалҵаз ааԥхьара азы иҭабуп ҳәа лалҳәеит.
Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу аҵәиԥрыга аекипаж аҟынтәи руаӡәы Шәача ақалақь аҿы аоперациа изыруит.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 2 рзы Кыцикыҭ ақыҭан авариатә тәара назыгӡаз Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу аҵәиԥрыга Ми-24 аекипаж аҟынтәи руаӡәы амедицинатә цхыраара азы Шәача ақалақь ахь амедусбарҭа ахь дыргар акәхеит. Уаҟа уи ахирургиатә ԥҟара изыруит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аҩбатәи апациент Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы астационартә хәышәтәра дахысуеит, уи игәабзиара аҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
Аҳәынҭқарратә Миграциатә Маҵзура аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы иҟоу аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥқәа рҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рышәҟәҭагалара мҩаԥнагалоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәии аҵыхәтәантәи аԥхьарақәа рҿы азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа аларгалеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.
Аҳәынҭқарратә Миграциатә Маҵзура аҳәаанырцәтәи атәылауаа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә отриад ала ирыҭахо амиграциатә хсаалагақәа ралагалара ҟалаанӡа аҳәаанырцәтәи атәылауаа рышәҟәҭагалара аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥқәа рҿы амҩаԥгара азы азин аҭара аганахьала адгалара ҟаҵоуп.
Аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы Аԥсны иаагахо аҩыҟаҵаратә материалқәа рзы акцизқәа рҟынтәи ақәиҭтәра азԥхьагәазҭо азакәан ахь аиҭакра рыдыркылеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы «Акцизқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект рыдыркылеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аҷыдалкаатә зинмчы змоу ихаҭарнак Баҭал Аиба.
«Акцизқәа рзы» азакәан Аԥсныҟа иаагахо аҩыҟаҵаратә материалқәа акцизқәа рыхшәаара аҟынтәи ақәиҭтәра азԥхьагәазҭо аиҭакра алагалара азы адгалара ҟаҵоуп.
Иарбоу аиҭакра аҩыҟаҵара аусхкы назыгӡо аҭыԥантәи анаплакқәа реикәыршаратә ԥаратә хархәагақәа даҽаџьара ахьарԥшра армаҷра алнаршоит.
Азакәан апроект адкылара ахымԥадатәра анаҩс експортла идәықәҵахо аалыҵ аҭыжьразы аӡа аҳасабала ахархәара зауа аҩыҟаҵаратә материалқәа Аԥсныҟа раагараан ишьақәыргылоу ашәахтәқәҵара иадҳәалоуп.
Убас ала, аҭыԥантәи аҭыжьыҩцәа рконкуреттә лшара адгылара аҭара азы абарҭ атауарқәа рзы акцизқәа ршәара азы иҟоу аԥҟара аиҭакрақәа ралагалара азы адгалара ҟаҵоуп:
I, II , III агәыԥ иаҵанакуа аибашьра аинвалидцәа аҳәынҭқарратә аԥтекақәа рҿы амедицинатә маҭәахәқәеи ахәшәқәеи хәыда-ԥсада иргар рылшалоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәлатәи еибашьреи Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа имҩаԥысуаз аибашьратә еиҿагыларақәеи рветеранцәа рзы» Азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
Иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсны аҳәынҭқарратә напхгараҭара аҭыԥантәии ареспубликатәии аусбарҭақәа рҿы агәабзиарахьчаратә еиҿкаарақәа рыла ирыҭоу арецептқәа рыҟазараан, I, II агәыԥқәа ирыҵанакуа аинвалидцәа Аԥсны аус зуа аҳәынҭқарратә аԥтекақәеи ахәышәтәра-профилактикатә усбарҭақәеи рҿы хәыда-ԥсада ахәшәқәа ргара, III агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа – ахәԥса 50-процент рҟынӡа иагырханы агара азин рымоуп.
Саида Амҷба Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә ӡбарҭа аӡбаҩыс далхуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Аҳәынҭқарра Ахада зыдгалара мҩаԥигаз Ареспублика Аԥсны Гагра араион аӡбарҭеи Арратә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәа рмаҵураҭыԥ аанкыларазы акандидатурақәа иахәаԥшит.
Аҳәынҭқарратә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Ҳагба Аилак аилатәара аҿы арҭ акандидатурақәа рылацәажәара мҩаԥган, урҭ ақәыршаҳаҭра роуит ҳәа иазгәеиҭеит.
Апарламент аҿы адепутат Инар Гыцба ҽҳәраанӡа изынмчы аанкылара ишақәшаҳаҭым азы рыбжьы рҭиит.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа адепутат Инар Гыцба ҽҳәараанӡа изинмчы аанкылара иақәшаҳаҭымхаӡеит.
Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба адепутат Инар Гыцба ас еиԥш аӡбамҭа адкылара дахыццакцәеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Аԥсны Абанк иҭнажьит агәалашәаратә ԥараҿырпы «Аԥсҳа Леон».
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә Банк агәалашәаратә ԥараҿырпы «Аԥсҳа Леон» ҭнажьит.
Аԥараҿырпы атираж - 300 цыра рҟынӡа инаӡоит. Аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа 25 ԥсар рҟынӡа инаӡоит, уи зыцқьара 999 ыҟоу ахьы иалхуп. Аԥараҿырпы агәҭаӡа - 30 мм, акапан - 15,72 грамм ыҟоуп.
Асахьаҭыхыҩ – Руслан Габлиа.
2024 шықәса I аԥшьбара азы аҳазалхратә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 732 млн. мааҭ рҟнӡа инаӡоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭоу ашықәс хәажәкырамзазы иҟаҵаз аҳазалхратә лагалақәа реицҵалыҵ 312,8 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.
Хәажәкырамзазы Аԥсны абиуџьет иалагалахеит 300 млн. мааҭ рҟынӡа ашәахтә шәатәқәа.
Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамзазы ареспублика абиуџьет ашәахтә шәатәқәа раҳасабала иалагалаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 300,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар, 103%. Убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 292,7 млн. мааҭ, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
2024 шықәса хымз рыҩныҵҟа ашәатхтә шәатәқәа раҳасабала ареспубликатә биуџьет иалагалан 1 012,2 млн. мааҭ. Убри аан, планла иазԥхьагәаҭан 820,7 млн. мааҭ. Аплан анагӡара 123% рҟынӡа инаӡоит. 2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ашәахтә шәатәқәа ралагалара адинамика 117% рҟынӡа инаӡоит, уи иааизакны аицҵалыҵтә рбага ала 150,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.








