pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны иҟоу аладатәи арратә Округ аҿы имҩаԥысит атерроризм аҿагыларазы аҟәшеиҵақәа обиектқәа рахь ихыҭҳәаау аҿагылаҩ ижәылара аԥхьырҟәҟәаара иазкны арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит.                                                             Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи Арратә Округ апресс-маҵзура.

Аусмҩаԥгатә ахықәкы инақәыршәаны ишьақәыргылаз аверсиа ала, ихыҭҳәаау изакәанымкәа ишьақәгылоу арратә гәыԥ арратә хәҭа аҵакыраҿы иҟоу арратә обиектқәа рҟынӡа анаӡаразы Аужьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа ақәыларазы аҽазышәара мҩаԥнагеит.  

Аҟәа. Цәыббрамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 3 рзы Ареспублика Никарагууа ала Аԥсны ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратә суеренитети разхаҵара ҟалеижьҭеит 15 шықәса ҵит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Ареспублика Никарагуа Аԥсны азханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра инамаданы Никарагууа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Роналдо Монкада Колиндрес ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа ишьҭит.  

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ааигәа асоциалтә ҳақәа аԥснытәи асегмент  аҿы ирыларҵәахаз ацәгьоуразы ирбаандаҩу  рхьырхәра анагӡаразы иалху аобект аҟынтәи еилкаам аамҭазы иҟаҵаз авидеонҵамҭа уажәы уаҟа иҟоу аҭагылазаашьа иақәшәаӡом.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахь хыԥхьаӡара рацәала  иааиуа иалагаз азҵаарақәа инарымаданы, цәыббрамза  2 рзы аиԥш-зеиԥшу аобиектқәа рҿы авидеонҵамҭақәа мҩаԥган.

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион ақыҭақәеи Очымчыра ақалақьи рҟынтәи 2013-2014 шш. рзы ииз аспортсмен ҿарацәа рыла ишьақәгылаз 14 командак рхы аладырхәит ашьапылампыл азы ачемпионат «Аиаҵәа аира».  

Аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит Очамчыра араион Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аҟәша. Аҟәша аиҳабы Ҭемыр Ԥачлиа иажәақәа рыла, ашьапылампыласыҩ ҿарацәа ашьапылампыл ргәы ацԥыҳәаны рҽазыҟарҵоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Вологда ақалақь аҿы инхо Арина Смирнова «Аԥсҭазаара аиқәырхаразы» амедал ланашьахеит. Уи азы Адҵа инапы аҵаиҩит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа, ҳәа адырра ҟанаҵоит аԥсеиқәырхаратә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

«Арина Смирнова ари аҳамҭа ланашьо, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, анрал-маиор Тигран Делибалтиан аминистр иҟаиҵаз Адҵа атекст иарбоу аҭыԥҳа лыуаҩратә ҟазшьа шьахәқәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 5 рзы Аԥснытәи адраматә театр аҿы Мушьни Лашәриа ипоема ала Мадина Аргәан иқәлыргылаз еихьӡылоу амузыкатә спектакль «Ахьтәы уасцәа» аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аспектакль рхы аладырхәуеит Аԥснытәи адраматә театри Аҿартә театри рартистцәа:  Аԥсны зҽаԥазтәыз артист Даур Арухаа, К. Цымцба, С. Кокосқьыр; авокалистцәа К. Ешба, Х. Мықәба, А. Ферзба, Н. Какалиа, Г. Ҳагба, Е. Гәынба, жәлар рыкәашареи рашәаҳәареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбли Аҳәынҭқарратә ансамбль «Шьараҭыни» рарстистцәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи адыррақәа Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.

 

Ҳаҭыр зқәу аҵаҩцәа, астудентцәа!

 

Гәык-ԥсык ала  ишәыдысныҳәалоит  игәырӷьахәу аныҳәа –адыррақәа Рымш!

Шәара, еизҳауа абиԥара ҿа - ҳтәыла аԥхьаҟатәи аԥеиԥш, ҳмилаҭ ахаҿра. Шәара шаҟа ҵарадыррала шәеиқәшәаны, ауаҩра шәыланы ишәызҳауа, убриаҟара еизҳазыӷьалоит, ишәҭыкакаҷлоит ҳ – Аԥсынра.

Агәра згоит шәхы аџьабаа анашәырба, зегьы иреиҳау аҩаӡарахь ахалара шшәылшо, шәеихьӡарақәа рыла ҳтәыла шәызгәдуны шәшыҟало. Ишәгәаласыршәарц сҭахуп, ҳтәыла, зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аргыларазы азинқәа хьчо акыр аԥышәарақәа шахҭнагахьоу.

Аҭынчреи асуверенитети Аԥсны иреиӷьыз аҵеицәа рыԥсҭазаарақәа ахҭнырҵеит. Агәра згоит, урҭ рфырхаҵарақәа шәхамыршҭкәа, шәымч-шәылша зегьы аҵара, адырра аиура ишазышәкуа, ҭынч нхара шәымазарц азы иқәԥоз шәеиҳабацәа рус ишацышәҵо. 

Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Тамшь ақыҭа даҭааит. Иара араҟа аӡымҩангагатә шәырақәа рышьҭаҵара шымҩаԥысуа гәеиҭеит.

Тамшь ақыҭагьы зҵанакуа алхратә ҭыԥхада №31 ала иалху Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Резо Занҭария, аӡымҩангага ҿыц ашьҭаҵара ақыҭауаа иааиԥмырҟьаӡакәа ӡыла реиқәыршәара алнаршоит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Асовет аамҭа аныҟазгьы араҟа аӡрыжәтә хыҵхырҭа рыԥшаахьан, уи ачаӡырҭатә зауад аусураҿы рхы иадырхәон. Иара зхаҭабзиара ҳараку аӡрыжәтәны иԥхьаӡан», –  ҳәа еиҭеиҳәеит адепутат.

Уи иажәақәа рыла, ақыҭауаа иара убри аӡхыҵхырҭа ахархәаразы агәазыҳәара аадырԥшит.

«Ақыҭаҿы иҟоуп иара убас егьырҭ аӡхыҵхырҭақәеи аҵеиџьқәеи, аха урҭ иахьатәи аӡрытә стандартқәа ирықәшәо иҟам. Убас ала ақыҭауаа еицҿакны рхатә харџь ала аӡымҩангага аргылара азы аӡбамҭа рыдыркылеит», – ҳәа иҳәеит Резо Занҭариа.

Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса алагамҭа инаркны Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы рҽырхәышәтәит  832-ҩык,  8 нызықьҩык инареиҳаны амбулатортә цхыраара рыҭан. Абри азы аԥшьаша, нанҳәамза  31 рзы аԥхынтәи аамҭахәҭазы иҟоу ақәыӷәӷәара иарбоу амедусбарҭа ишаныԥшуа аилкааразы арахь имҩахыҵыз агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи аҳҭнықалақь Ахадара агәабзиарахьчара Аусбарҭа анапхгаҩы Ирма Воубеи дырԥыло адырра ҟаиҵеит ари ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәыниа. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Агәабзиарахьчара Аминистрра ахәышәтәырҭа амбулатортә чымазцәа рзы иахәҭоу ахәшәқәа раахәараҿы ацхыраара ҟанаҵоит, ақалақь Ахадара акәзар, уи астационар аҿы иҟоу ачымазцәа рыхәшәтәра иадҳәалоу ахарџь зегьы ахахьы иагоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Аҭара ақыҭан игылоу, ааигәа зеиҭашьақәыргылара хыркәшахаз абжьаратәи ашкол даҭааит.

Аҳәынҭқарра Ахада аклассқәа, арҵаҩцәа руада, иара убас аспорттә зал даҭааны игәеиҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада ашкол аиҭашьақәыргылара знапы алакыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Ари даара узеигәырӷьашьа хҭысуп. Уи агәыҳалалра злоу ауаа имаҷымкәа ишҳамоу арҵабыргуеит. Иахьа ҳара араҟа зеиӷьаҟам ашкол ахыбра аабоит, зегьы иҳараку аҩаӡараҿы иҟаҵоуп.  Зегьы ахәыҷқәа арҭ аклассқәа рҿы рҵара маншәалахарц азы иҟаҵоуп. Араҟа аҵаҩцәа рзы хра злоу аинформациа зну астендқәа рацәоуп», –  ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Иара Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Резо Занҭариеи Аԥсны иқәынхо аерманцәа Реилазаара алахәылацәеи уи ахантәаҩы Алик Миносиани, ақыҭауааи, иара убас ашкол аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара ҟазҵаз егьырҭ ауаагьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. 

Аслан Бжьаниа шьҭарнахыс ашкол аҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа еиҳа ишырацәахо азы агәыӷра ааирԥшит.

Аҳәынҭқарра Ахада ашкол аиҳабы Светлана Быҭәба лнапы иаиркит акомпиутертә техника аахәаразы асертификат.

Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа убасҵәҟьа ашкол ацхыраара азҭаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Очамчыра араион Ахадара ашкол акомпиутер ҳамҭас ианаҭеит.

Ашкол аиҭашьақәыргыларазы афинанстә цхыраара ҟазҵаз иреиуоу Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Резо Занҭариа  зегьы ирыцкыз ахәыҷқәа аҵаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥҵатәын ҳәа иазгәеиҭеит.

Уи иажәақәа рыла, ҳтәылаҿы ашкол ацхырааразы агәазыҳәара змоу атәылауаа маҷӡам.

«Ауаҩы изкызаара инагӡаны еиликаауеит иԥсҭазаара ауаажәларра ианырзикуа. Сара ауаажәларра рзы схәарҭаны аҟаларазы исымаз агәазыҳәара иабзоурахазар ҟалап, алшарақәа ԥшааны урҭ ашкол аргыларахь иахьдәықәызҵаз.   Зегьы реиҳа уи азы агәазҭазаара сызҭаз, сыблала ахәыҷқәа рҵараиура аҭагылазаашьақәа ахьызбаз ауп. Ақыҭауаа зегьы уи даара еигәырӷьеит, аргыларатә маҭәахәқәа зқәыз амашьынақәа аидара рықәыхра аума, даҽакал аума,  ирылшоз ала ицхыраауан. 20 инарзынаԥшуа ахаҳәсса зқәыз аидарамҩангагақәа аидара ақәырхит. Анапеилаԥса уаҩ дааӡоит, ҳәа баша ирҳәаӡом. Ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны аус ааулар, ақәҿиарақәа ҟамлар ауӡом», –  ҳәа иҳәеит адепутат.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.