pressadmin-2
Атәыла Анапхгара аҳәынҭқарратә хықәкытә программа «Анхарҭа-2022» анагӡаразы аҳасабырба шьақәнарӷәӷәеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭқарратә хықәкытә программа «Анхарҭа-2022» анагӡаразы аихшьаалатә ҳасабырба рыдыркылеит.
Апрограмма ахықәкы хада – социалла ихьчам акатегориақәа ирыҵанакуа Аԥсны атәылауаа аҳәынҭқарратә финанстәи аиҿкаара-зинтәи адгыларала оперативла ахықәкытә социалтә цхыраара рыҭара ауп.
Апрограмма аҿы:
Апрограмма алахәылаҩ истатус аиуразы азин змоу социалла ихьчам акатегориа иаҵанакуа Аԥсны атәылауаҩ;
Апрограмма иалахәу рҟынтәи зырзаҳалқәа аԥхьа иахәаԥштәу атәылауаа ркатегориақәа рахь иаҵанакуа шьақәыргылоуп;
Афинанстә цхыраара мҩаԥысуеит ахнырҳәрадаратә шьаҭа аманы, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.
Апрограмма алахәылаҩ истатус роурц рылшоит:
а) I агәыԥ аинвалидцәа, 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра I агәыԥ аинвалидцәагьы уахь иналаҵаны;
б) 1992-1993шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахаз, мамзаргьы змаҵзурақәа рынагӡараан иҭахаз, хабарда ибжьаӡыз, иара убас ауаҩы иԥсҭазаара аиқәырхареи Аԥсны амазареи азинеиҿкаареи рыхьчара азы Аԥсны атәылауаҩ иуалԥшьа анагӡара зхы ақәызҵаз рҭаацәа;
в) Хәҩыки инареиҳани ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа;
г) Аинвалид, ма ихәыҷаахыс зхы иамыхәо ахәыҷы знапы дану аҭаацәа;
д) заби зани ҭахаз, мамзаргьы хабарда ибжьаӡыз рхәыҷқәа.
Апрограмма алахәылаҩык иҭахо афинанстә цхыраара – 500 нызықь мааҭ еиҳаӡам, аҭаацәа рыцыԥхьаӡа рзы – 100 нызықь мааҭ иреиҳаӡам. Араҟа зыӡбахә ҳәоу апрограмма алахәылаҩ ицынхо, зхатәы нхарҭаҭыԥ змам аԥҳәысеиба, зықәра наӡам ахәыҷқәа, иара убас зусуралшара ԥку аҭаацәа.
Убри аан афинанстә цхыраара 1 млн. мааҭ еиҳамзароуп.
Апрограмма ала афинанстә цхыраара хықәкыла, ахнырҳәрадаратә шьаҭа аманы, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи имҩаԥысуеит.
Апрограмма «Анхарҭа– 2022» анагӡара аҽҳәара–абҵарамза 17, 2021 шықәса инаркны ԥхынҷкәынмза 31, 2022 шықәсанӡа иҭагӡоуп. Уи анагӡаразы иазоужьын 80 млн. мааҭ, 40 млн. мааҭ 2021 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аҟынтәи, иаанхаз 40 млн. мааҭ - 2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Дмитри Торгашови Бесик Липартиеи рҭаацәа зныктәи асоциалтә цхыраара рыҭахоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Донбасс имҩаԥысуа иҷыдоу арратә операциа аҿы иҭахаз Дмитри Торгашови Бесик Липартиеи рҭаацәа рзы зныктәи асоциалтә цхыраара шьақәнарӷәӷәеит.
Дмитри Торгашов иаб 1 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо зныктәи асоциалтә цхыраара изшәахоит Бесик Липартиа иҭаацәа – 500 нызықь мааҭ.
Атәыла Анапхгара ала иара убас ишьақәыргылахеит Адам Лагәлаа иҭаацәа рзы иназыцҵоу асоциалтә цхыраара.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Анас Кьышьмариа Ауаҩы изинқәа рзы азинмчы змоу Аппарат дыдирдырит.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Анас Кьышьмариа Ауаҩы изинқәа рзы азинмчы змоу Аппарат дыдирдырит.
Лаша Ашәба ԥасатәи Аппарат анапхгаҩы Шьаҟрыл Асидеи аколлективи иҭабуп ҳәа реиҳәеит хәышықәса рыҩныҵҟала имҩаԥгоу аусуразы: «Иҟаҵаз рацәоуп ари аинститут аҿиаразы. Ишьақәыргылоуп зусура профессионалла иназыгӡо аҿарацәа ргәыԥ. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсназы аҵак ду змоу ари аусбарҭа ашьақәгылараҟны шәлагаламҭазы, ҳтәылауаа рзинқәа рыхьчараҟны ирышәҭо ацхырааразы».
Асида Шьаҟрыл лганахьала, иара убас напхгара зылҭоз аколлектив иҭабуп ҳәа ралҳәеит, Ауаҩы изинқәа рзы азинмчы змоу Кьышьмариа Анас ақәҿиарақәа лзеиӷьалшьеит.
«Сгәы иаанагоит Ауаҩы изинқәа рзы азинмчы змоу лофис аҿиара иацнаҵоит ҳәа. Ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит. Ҳара, азинхьчаратә уаажәларроуп, есқьынгьы ҳшәыдгылоуп, ҳшәыцхраалоит», - ҳәа илҳәеит лара.
Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Асида Шьакрыл Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи, закәанла ирымоу ринтересқәеи рыхьчараҟны ллагаламҭазы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҳаҭыртә шәҟәы ланеишьеит.
Аԥснытәи астудентцәа Москватәи автомашьына-мҩатә аҳәынҭқарратә Институт аҿы имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс «Сара стәыла» рхы аладырхәит.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москватәи автомашьына-мҩатә аҳәынҭқарратә техникатә университет (МАДИ) аҿы имҩаԥысит жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс «Сара стәыла»
Традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, аусмҩаԥгатә иаҭааит аҳәаанырцәтәи ацҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа. Москватәи автомашьына-мҩатә аҳәынҭқарратә техникатә университет (МАДИ) аректор инапынҵақәа назыгӡо Артиом Ажгиревичи, апроректорцәа Игорь Артемиеви Марат Бадашкееви злахәыз астол гьежь аҿы Аԥсны, Виетнам, Доминикантәи Ареспублика, Египет, Иорданиа, Ирак, Ливан, Шьамтәыла, Судан, Таџьыкьысҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи асасцәа аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәарц еизеит.
Астол гьежь аԥснытәи аган аҟынтәи рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ Нури Хәарцкьиеи атташе Станислав Қаџьааи.
Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Нури Хәарцкьиа адныҳәаларатә ажәхә ҟаиҵеит, уи аҵараиурҭа анапхгара ҿыц дрыдныҳәалеит, аринахысгьы ари аҵараиурҭеи Аԥсни аусеицура шрыбжьало азы агәыӷра шимоу ааирԥшит: «Аҵараиурҭа анапхгараҭара ҳџьынџьуаа ирынаҭо адгылара азы ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп. Иахьа ауниверситет Аԥсны азы акыр зҵазкуа ахырхарҭақәа рыла зыквалификациа ҳараку аспециалистцәа азыҟаҵаны иоунажьуеит. Аҵараиурҭа аужьҭымҭацәа аӡәырҩы рзанааҭ ала қәҿиарала аус руеит. Ишьақәгылахьоу арҭ зеиӷьаҟам атрадициақәа рыцҵара шалыршахо азы агәыӷра ҳамоуп» - ҳәа иазгәеиҭеит Нури Хәарцкьиа.
Аслан Бжьаниа: атуристтә усхкы, ақыҭанхамҩа, алогистикеи IT-технологиақәеи аекономика ԥхьаҟа изго хырхарҭақәаны иҟоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2023 шықәса I аԥшьбара азы аусура аихшьаалақәа ирызкны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит.
Амш азҵаараҟны иқәгылан атәыла асоциал-економикатә ԥсҭазаараҟны иактуалтәу азҵаарақәеи 2023 шықәса актәи аԥшьбара азы имҩаԥгоу аусура аихшьалақәеи.
Араионқәа рхадацәа имҩаԥгаз аусуразы аҳасабырба ҟарҵеит.
Аҳәынҭқарра Ахада араионқәа рхадацәа зыӡбара афинансқәа разымхара иадҳәалоу апроблемақәа рыхәҭак ауп ицәырыргаз ҳәа иазгәеиҭеит.
Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарра апроблемақәа зегьы ахала иаӡбалароуп, аԥарақәа рырҳара ҵатәуп.
«Иҳамоу активқәа аԥара ҳзаанагалароуп. Араион ахада араион аҿы 20 нызықь гектар ақыҭанхамҩатә дгьыл ыҟоуп, аха убри аҟынтәи аус зыдулахо 10 -15% роуп ҳәа аниҳәо – убри ауп ахархәара змауз ҳара ҳпатенциал. Ҳара уи ҵыхәаԥҵәарада ҳалацәажәалоит ҷыдала ауснагӡатәқәа наҳмыгӡар», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада аԥсуа економика ԥхьаҟа агара зылшо аусхкқәа дрылацәажәеит. Уи атуристтә усхкы, ақыҭанхамҩа, алогистикеи IT-технологиақәеи роуп.
Аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара иазку аусмҩаԥгатәқәа рзы 2023 шықәсазы иазоужьхоит 5 млн. мааҭ.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аԥсны аҳәынҭқарратә Усбарҭа аппарат аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара аҩаӡареи аппарат аҭаххрақәа рзы 2023 шықәсазы иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵи ашьақәыргылара азы» Ақәҵара рыдыркылеит.
Аԥсны аҳәынҭқарратә Усбарҭа аппарат аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара аҩаӡара – 9 аштаттә акқәа.
Аԥсны аҳәынҭқарратә Усбарҭа аппарат аҭаххрақәа рзы 2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 3 млн. 174 нызықь мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоуп.
Арҭ атәыла Анапхгара аӡбамҭақәа ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәса инаркны ишьақәгылаз азинеизыҟазаашьақәа ирыдҳәалахоит.
Аԥшьаша, мшаԥымза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара азы аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәырӷәӷәахеит. Урҭ рынагӡаразы иазоужьхоит 5 млн. мааҭ.
Аумҩаԥгатәқәа рыплан абарҭ апроектқәа рынагӡара азԥхьагәанаҭоит:
Ирласны аԥсуа бызшәа аҵаразы акурсқәа;
Аофициалтә документациа, аусеилыргара, иара убас иҷыдоу атерминологиа аԥсуа бызшәахьы аиҭагара;
Арҵагатә цхыраагӡа «Аԥсуа бызшәа зықәра маҷӡоу рзы. Ицәажәо анбан» аелектронтә версиа аԥҵара;
Арҵагатә цхыраагӡа «Аԥсуа бызшәа» (алагаратә ихадоу аҩаӡара) аиқәыршәареи аҭыжьреи;
Ашколнӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәеи аиҵбыратә классқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәеи рзы аԥсышәала ицәажәо аудиошәҟәқәа рҭыжьра;
Амультфильмқәеи асахьаркыратә фильмқәеи аԥсуа бызшәахьы реиҭагареи рдублиаж аҟаҵареи;
Аԥсышәала ицәажәо, асахьақәа рыла еиқәыршәоу ажәар «Сара раԥхьатәи сышәҟәы» аҭыжьра;
Лабҿабатәи ацхыраагӡақәа «Ахәыҷтәы плакатқәа» аԥсышәала рҭыжьра;
Ахәыҷқәа рзы Платон Бебиа иажәеинраалақәа реизга «Амра ԥхоит» аԥсышәала аҭыжьра;
Анзор Мықәба ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәала ииҩыз ипиеса-алакә «Ажьа-афырхаҵа» аҭыжьра;
Гәында Кәыҵниа ашколнӡатәи ақәра змоу ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәала илҩыз, асахьақәа рыла еиқәыршәоу ажәеинралақәа реизга «Асааҭи аамҭеи» аҭыжьра;
Владимир Аҵнариа аиҵбыратәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәала ииҩыз, асахьақәа рыла еиқәыршәоу ажәеинралақәа реизга «Сыԥсадгьыл амра» аҭыжьра;
«Андерсен илакәқәа» аԥсшәа бызшәахьы аиҭагара;
Гәында Сақаниа илҩыз ашәҭқәа рыхьӡқәа зну, асахьақәа рыла еиқәыршәоу ахәыҷтәы жәеинраалақәа реизга «Ашәҭқәа рашәа» аҭыжьра;
Аҵара аминистр Инал Габлиа аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара азы аусмҩаԥгатәқәа рыплан апроект заанаҵы Аминистрра ахь ахәаԥшразы иахьынашьҭымыз азы агәынамӡара ааирԥшит.
«Аҵара Аминистрра ахь аплан апроект нашьҭӡамызт. Раԥхьаӡа иргыланы иазгәасҭарц исҭаху, ашәҟәы «Ицәажәо анбан» ҳара ахәыҷбаҳчақәеи аҽазыҟаҵаратә классқәеи ирзаҳшахьеит. Аҳәынҭқарра уи азы аԥара азоунажьхьеит. Иҩбахаз, ашколхәыҷқәа рзы аодиошәҟәы атәы ҳәа ҳара акгьы ҳмаҳаӡацт. Ҳара иҳамоуп Аҵара аминистрра, апедагогика Аинститут. Сара сгәаанагарала, арҵагашәҟәқәа рҭыжьра абызшәатә политика аҿиара азы аҳәынҭқарратә Еилакы афункциақәа ирыҵанакӡом. Ҳара хазы-хазы аусура ҳалагар, усҟан уи иахәҭоу алҵшәақәа аанарԥшӡом. Насгьы, дара Аминистрра ақәыршаҭаҭра ада џьара акыр ҭрыжьзар, урҭ ахәыҷқәа рыбжьара аларҵәара шԥаҟалои? Аҭыжьымҭа Аминистрра аҟны ақәыршаҳаҭра иахымсзар, усҟан иара ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рахь анашьҭра зыҟалаӡом», -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.
Аԥсны Амшын Еиқәа аӡымҽхак аҿы ааглыхратә ԥсыӡкра азы ззин ыҟоу азеиԥш хыԥхьаӡара асистема аԥҵара мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иузахмырԥо азеиԥш хықәкыттә программа «Амшын Еиқәа аӡымҽхак аҿы ааглыхратә ԥсыӡкра азы ззин ыҟоу азеиԥш хыԥхьаӡара асистема аԥҵареи алагалареи» шьақәдырӷәӷәеит аԥшьаша, мшаԥымза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы.
Апрограмма аус адулара мҩаԥысуан Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут аҿы. Уи 2023–2027 шш. ирҭагӡахароуп. Апрограмма анагӡаразы 2023–2027 шықәсқәа рзы арепубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьхоит 7,5 млн. мааҭ.
Апрграмма ахықәкы хадақәа рахь иаҵанакуеит:
- Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут аихтиологиа алабораториа ахархәаратәии афундаменталтәии аҭҵаарақәа рымҩаԥгара азы иназыцҵоу аиқәыршәагақәа рыла аибыҭара;
2023 шықәсазы анаркотикатә хархәагақәеи арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи рыҵәахреи рыиагареи рзы аквотақәа шьақәырӷәӷәоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара 2023 шықәсазы анаркотикатә хархәагақәеи арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи рыҵәахреи рыиагареи рзы аҳәынҭқарратә квотақәа шьақәнарӷәӷәеит.
Убас, асиа иалагалоуп 13 хьӡы:
Алпразолам – 4,0 грамм.
Буторфанол – 20,0 грамм.
Диазепам – 700,0 грамм.
Кетамин – 2700,0 грамм.
Клоназепам – 200,0 грамм.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амцарцәаҩцәа рзы 100 комплектк инарзынаԥшуа аҷыдамаҭәақәеи аинструментқәеи аанахәеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амцарцәаҩцәа рзы 100 комплектк инарзынаԥшуа аҷыдамаҭәақәеи аинструментқәеи аанахәеит.
Иарбоу ахархәагақәа раахәаразы аԥара азоужьын аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи, ҳәа иаанацҳауеит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
«Араионтә ҟәшеиҵақәа, ахәҭакахьала ироуеит акәалӡхылԥақәа, амагәқәа, анапхазқәа, акәалӡхылԥаҵаҵақәа, ашоуралшара змоу аматериал иалху амаҟақәа, иара убас амцарцәаратә еигәышәқәа. Аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа анапхгаҩы иажәақәа рыла, иаахәаз амцарцәаратә ҟәшеиҵақәа русура аспециафика иадҳәалоу амаругақәа акыр иаҭахны иҟаз акакәын», - ҳәа иазгәаҭоуп ацҳамҭа аҿы.
Лаша Ашәба Валентина Матвиенкои Виачеслав Володини Урыстәылатәи Апарламентаризм амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпркесс. Аԥсны Жәлар Реиазара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша УА Афедералтә Еизара апалатақәа рнапхгаҩцәа Урыстәылатәи Апарламентаризм амш рыдиныҳәалеит.
Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко лыхьӡала ишьҭыз дныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Урытәылатәи Афедерациа апарламент аусура, апарламентарицәа рыпрофессионализми иныҟәырго аҭакԥхықәреи Урыстәылеи уи атәылауааи рԥеиԥш ауасхыр ӷәӷәа азышьҭанаҵоит.
Агәра ганы иазгәасҭар сҭахуп ҳтәылақәа рпарламентқәа русеицура Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аусеицура азинтә шьаҭа аԥхьаҟа аиӷьтәра ишазкхо».
Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Вичеслав Володин ихы иқәкны Ашәба Лаша иҳәеит:
«Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Виктор-иԥа! Аԥсны Жәлар Реиазара-Апарламент ахьӡала Шәаргьы шәколлегацәа– УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәагьы ирыдысныҳәалоит Урыстәылатәи Апарламентаризм амш!