pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа амаҵзурақәа зегьы агаҭарақәа шыхдыркәшаз азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит. 

«Арҭҟәацга ҳәа акгьы ҳамбаӡеит, аусурақәа хыркәшоит, зегьы еимпит. Аинформациа мцыркын», - ҳәа иҳәеит Лев Кәыҵниа.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыԥшырҭатә ҟәша ахь зхаҭара шьақәыргылам џьоукы рҟынтәи Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 амина аҵаҵоуп ҳәа  адырра ҟалеит.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо ишьақәгылаз аҭагылазаашьа азы адырра ҟаиҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 11 рзы Уфа ақалақь аҿы ахәаԥшцәа идырбан Славомир Мрожек ипиеса ала Аԥсны жәлар рартист Валери Ақаҩба иқәиргылаз  аспектакль «Шьапыла».  

Цәыббрамза 13 рзы Уфатәи атеатр абзиабаҩцәа идырбан Зарина Канукова лыпиеса ала Аԥсны зҽаԥазтәыз артистка Мадина Аргәын иқәлыргылаз аспектакль «Сариа».

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа аӡымҽхак  аҿы иахьа ашьжьымҭан аӡы дагеит 1995 шықәсазы ииз ахаҵа.  

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, атрагедиа ҟалеит «Алашарбага» аҳабла иахьаҵанакуа.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵара Аминистрра зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩуи ахәыҷы рацәа змоуи аҭаацәа рзы араионтә ҵарадырра аҟәшақәа ашколтә формақәа рзоунажьит.  Ашколтә форма аахәан Аминистрра абиуџьет ахарџь ала.

«Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажәо ауаажәларра рымадара аҟәша аиҳабы Аслан Кәыҭелиа, абар шьҭа ԥшьышықәса инеиԥынкыланы Аминистрра зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәа ашколтә формала реиқәыршәара еиҿнакаауеит. Сынтәа аӡӷабцәеи аҷкәынцәеи рзы  600 комплект  аахәан, ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара араионтә аҵара ҟәшақәа ҳрыдҵаалоит, урҭ ацхыраара зҭаху рсиақәа ҳарҭоит, анаҩс Аминистрра иалшо ала ахәыҷқәа рзы ашколтә формақәа аанахәоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Кәыҭелиа.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 00 сааҭи 27 минуҭи рзы Очамчыра араион Маркәыла ақыҭа азааигәара автомашьына  «Лексус» амҩа аҿықә аҿы игылаз аҵла иаахеит. Амашьына аԥсҟы зкыз,  1987 шықәсазы ииз, Тула ақалақь аҿы инхоз ахаҵа иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны еизгоу акоманда адунеи Ачемпионат CONIFA 2024 ахы аланархәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа.  

Адунеи ачемпионат CONIFA 2024 алахәхаразы Аԥсны еизгоу акомандеи Арцах еизгоу акомандеи рыбжьара Алхратә матч мҩаԥысраны иҟан сынтәа, ԥхынгәымза 10 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы.  Аха, ареспублика аҿы аҭагылазаашьа ахьҭышәынтәалам иахҟьаны, акоманда Аԥсныҟа изымааӡеит.  Убри инамаданы, CONIFA Аԥсны еизгоу акоманда иназыцҵоу ахәмаррақәа рымҩаԥгарада адунеи ачемпионат алахәхаразы аӡбамҭа аднакылеит.  

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика иҟоу азинҷыда змоу Аԥсны ахаҭарнак Алеқсандр Ватаман Приднесторовтәи Молдавтәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски диԥылеит. 

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аҿы иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла аҷыдалкаатә хаҭарнак Витали Ианковскии Приднестровие адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиеви, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

Имҩаԥысыз аиҿцәажәараан аԥсны-приднестровтәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааира агареи Ахьыԥшымреи Рымш иазкны атематикатә усмҩаԥгатәқәагьы уахь иналаҵаны.

Аҟәа. Цәыббрамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы Аҟәа ақалақь аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.  

Аҟәа ақалақь Ахадара амуниципалтә усбарҭа «Ақалақьргыларапроект» адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа ишеиҭаиҳәаз ала, уажәы анышәынҭрахаҳәқәеи амемориали рҿы иану аҩырақәа рырҿыцра иазку аусурақәа мҩаԥысуеит.  

Аҟәа. Цәыббрамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлр Реизара-Апарламент аҿы Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәнҭқарратә Дума адепутат, амилаҭқәа русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Акомиетет алахәыла Анастасиа Удальцовеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥалара иара убас рхы аладырхәит адепутат Инар Гыцбеи Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниеи.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.