pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахақәиҭра Ашҭаҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра иазку апарад аҽазыҟаҵара мҩаԥысит.

Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Давид Бжьаниа, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра иазку апарад  иалахәхоит  20 рҟынӡа аршьаҟатә колоннақәа.

Давид Бжьаниа иажәақәа рыла, апарад иалахәхоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра хазы игоу арратә ҟәшеиҵақәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра амчратә структурақәеи ахылаԥшырҭақәеи, ахәҭакахьала, Аҳәынҭқарратә Хьчара Амаҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, иҷыдоу азкызаара змоу Ацентр хаҭалатәи аилазаарақәа, иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә Усбарҭа абыжьбатәи урыстәылатәи арратә база ахаҭарнакцәеи  Алада Уаԥстәыла атәылахьчара аршьаҟатә колоннеи.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аветерантә партиа «Амцахара» аҳәамҭа аланарҵәеит.

«Аоппозициа иадгыло амассатә информациа ахархәагақәеи егьырҭ аинформациатә ресурсқәеи рпубликациақәа рҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи атәыла араионқәа рактивқәеи реиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо еиуеиԥшым ахәшьараҭаратә згәаҭарақәа ҟарҵоит.  

Аԥсны адәныҟполитикатә Хылаԥшырҭа ахада имҩаԥиго аиԥыларақәа Ҳаԥсадгьыл акәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ашәарҭара атәы дирдыруеит изыӡырыҩцәа, хаҭала Аԥсни агәыларатә тәылақәеи реизыҟазаашьақәа дырзааҭгылоит. Инал Арӡынба ҳауаажәлар иҟоу ашәарҭарақәа рзы адырра риҭоит.

Апартиа «Амцахара» ахаҭарнакцәеи егьырҭ аибашьра аветеранцәеи злахәыз аиԥыларақәа рҿы, Инал Арӡынба иахьа даҽа аамҭак еиԥшымкәа ҳажәлар аҩныҵҟатәи аполитикатә еиҿагыларақәа мап рыцәкны,  аӡәк еиԥш еидгыланы атәыла аекономикатә ҿиара азы ирылшо зегьы ҟарҵароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 16 рзы Пицунда ақалақь, аныхабаа аҿаԥхьа иҟоу ашҭаҿы имҩаԥысит Аԥсны иаарыхәуи иҭыжьууи  ақыҭанхамҩатә аалыҵ ацәыргақәҵатә хәаахәҭра. Аусмҩаԥгатә ақыҭеи  ақыҭанхамҩеи  рыҿиара Ацентр ала  еиҿкаахеит.

Аҭыжьыҩцәа ишазгәарҭо ала, дара рзы ацәыргақәҵатә хәаахәҭра – раалыҵ аҭиразы алшра шьахәны иҟоуп.

«Сара уажәадагьы ацәыргақәҵатә хәаахәҭра схы аласырхәхьеит, уи азы алшара ансоулак хымԥада сҽаласырхәуеит. Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа излауо ала лассы-лассы иҩаԥгалатәуп, избан акәзар, ҳара аҟыбаҩ злоу ауаа рацәаны иҳамоуп, дара зегьы рхала раалыҵ рзыҭиӡом, ацхыраара рҭахуп», - ҳәа лгәаанагара лҳәеит акыцӡры азы аҟаза Сабина.

Ацәыргақәҵатә хәаахәҭра аҭааҩцәа ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа иҷыдоу атмосфера аԥырҵоит ҳәа иазгәарҭон.

Ҳара ҳаиасны ҳашцоз иаабеит ари аҩыза аусмҩаԥгатә шымҩаԥысуаз. Ҳаангылан ҳааит. Ҳара ари даара ҳгәалаҟазаара шьҭнахит. Напыла иҟаҵоу аинтерес зҵоу амаҭәарқәа рацәоуп, ҳара иааҳхәахьеит даара иԥшӡоу арнамент зну амҿтәы мҳаҵә, иҵегьы џьара акы ааҳхәап ҳәа гәы иаанагоит», - ҳәа еиҭалҳәеит Пицунда ақалақь аҿы инхо Асида ҳәа зыхьӡу аԥҳәызба. Уи иазгәалҭеит ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа гәахәара дула ишрыдыркыло аҭыԥантәи ауааԥсыра рыдагьы ақалақь иаҭаауа асасцәагьы.  

Сынтәала ари ақыҭеи ақыҭанхамҩеи рыҿиара Ацентр ала абар шьҭа ҩынтәны еиҿкаахо ацәыргақәҵатә хәаахәҭра ауп. Актәи ацәыргақәҵатә хәаахәҭра Афон Ҿыц ақалақь аҿы имҩаԥысит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 17 рзы Брианск ақалақь ахада Марина Дбари Бриансктәи ақалақь ахадара аиҳабы Алеқсандр Макарови  ақалақь Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы иааз ҳаҭыр зқәу асасцәеи аиашьаратә қалақьқәа рделегациақәеи официалла рԥылара мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Аҟәа ақалақь Ахадара аусбаҩ Ирина Шьониа Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба  Брианск ақалақь Амш инамаданы иааишьҭыз адныҳәалара даԥхьеит.

«Ақалақь ауааԥсыра реизҳазыӷьара ахьӡала ҳара аусеицура ацҳақәа бжьаҳҵоит, адыррақәа рыла, акультурала, аԥышәеимадара, уҳәа еиҿаҳкаауеит. Акыр ҳаҭыр ҳзақәуп аиҩызаратәи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа. Ари амш азы азин сышәҭозар, Брианк ақалақь аҭычреи аизҳазыӷьареи азеиӷьасшьар сҭахуп! Ари аныҳәа зеиӷьаҟам ала имҩаԥысааит!» - ҳәа иаҳәоит Аҟәа ақалақь иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иваново ақалақь аҟынтәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааз, 1972 шықәса рзы ииз Риабчиков Игорь Иури-иԥа Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭа азааигәара аӡы дагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

«Ацхырааразы аԥсеиқәырхаҩцәа ирыдҵаалеит Игорь Риабчиков Аԥсны зыԥсы ицызшьоз иҭынхацәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы амаҵзура Аусбарҭа аусзуҩцәеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ирласны ақәҿыҭразы иҷыдоу Аотриад аруаа рыцны, Аҳәынҭстандарт аспециалистцәа алархәны   имҩаԥыргаз аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан Ҭҟәарчал ақалақь азааигәара абнара иахьаҵанакуа аус зуа амаининг-ферма рыԥшааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Агәаҭара амҩаԥгара аамҭазы афымцала аиқәаршәаразы иаҿакын акриптовалиута арҳара иазку 148 цыра аппарат. Ааигәанӡа ахархәара змаз афымцамч амчра - 100,3 кВ/с.рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа аҽыааӡаҩ Даур Агәхаа иҽыҩ Абхазиан Сонг ашьацқьа злоу англыз ҽыжәла иаҵанакуа, хы-шықәса зхыҵуеи еиҳабууи аҽыҩқәа рзы Гранит II аԥхьахә агаразы имҩаԥысыз аҽырыҩраан, 1600 метра рҟынӡа инаӡо адистанциа аҿы ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.   

Аҽырыҩрақәа мҩаԥысит цәыббрамза 16 рзы Павловтәи аипподром аҿы.

Аҟаза-аҽыбӷаҟаза - Џьубеи Аҩӡба, азыҟаҵаҩ - О. Самохина.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  I Жәларбжьаратәи атуристтә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Занҭариа Мангистаустәи аобласть атуризм аубарҭа аиҳабы Маулен Габдулкалиев диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.

Аусуратә еиԥылараҿы аганқәа атуризм аусхкы  аҿы аусеицурацы иҟоу алшарақәа ирылацәажәеит.  

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәсатәи аԥсуа-адыгатә литературатә фестиваль «Риҵатәи арифмақәа» Аҟәа ақалақь, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿы иаатит.

Афестиваль адыгатәи апоет, ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Заур Налоев диижьҭеи 95-шықәса аҵра иазкны Аԥсны акультура Аминисттра ацхыраарала еиҿкаахеит.

«Риҵатәи арифмақәа» - акультуратә еимадарақәа реиқәырхара, аԥсуа-дыга жәлар рмилаҭтә литература аҿиара, уҳәа зегь реиҳа идуу ахықәкқәа зҽаԥхьа иқәзыргыло, зегь реиҳа икамертәу афестиваль ауп.

Афестиваль рхы аладырхәит Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Вахтанг Абҳазоу, Инна Ҳаџьымба, уҳәа хыԥԥхьаӡара рацәала апоезиа абзиабаҩцәа.  

Апроект «Риҵатәи арифмақәа» автор - Зарина Канукова, адыгатәи апоетесса, адраматург, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩ.

Зарина Канукова уаанӡа ари афестиваль Аԥсни Ҟабарда-Балкариеи ралахәхара мацарала имҩаԥысуан, уажәы акәзар, уи рхы аладырхәуеит Адыгееи Ҟарачы-Черқьессиатәи апоетцәагьы.

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭан  30 шықәса рыла раԥхьаӡа акәны ауааԥсыра рдиспансеризациа мҩаԥысуеит.

Асабша, цәыббрамза 16 рзы, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба адиспансеризациа шымҩаԥысуа хаҭала агәаҭаразы ашьха иаԥну ақыҭа даҭааит.  

Агәабзиарахьчара Аминистрра ала Ԥсҳәы ақаҭахь идәықәҵахеит амобилтә бригада. Уи аилазаараҿы иҟоуп аҟәатәи амедицинатә усбарҭақәа апрофильтә специалистцәа, урҭ адиагностикатә ҭҵаарақәа зегьы рыхкқәа нарыгӡоит.

Аҭыԥ аҿы ахирургиа, амаммологиа, аонкологиа, атравмотологиа, аортопедиа,  оториноларингологиа, апедиатриа, офтальмологиа, неврологиа, акардиологиа, атерапиа, аурологиа, агинекологиа, уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рганахьала ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭан. Ауааԥсыра рчымазара ашьақәыргылара азы ақыҭахь иара убас иааргеит еиҭаҵуа арентген аппарат, аультрабжьытә диагностика аппарат.

Ԥсҳәы инхо ауааԥсыра ихымԥадатәиу аҭҵаарақәа рымҩаԥгара азы ршьа рылырхит, уи аҳаирплан ала аҳҭнықалақь алабораториа ахь идәықәҵахеит.

Амобилтә хәышәтәырҭа даҭааит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.