АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Мшаҧы.2024

Аслан Бжьаниа: милаҭ еилыхла жәларык ауаа рнырҵәара ариашара зымуа усуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аерманцәа ргеноцид амш аҽны аерман жәлар рыхьӡала адышшылара ҟаиҵеит.

«Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит аерман жәлар рҭоурых аҟны итрагедиатәу арыцхә – Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш. Аерман жәлар ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит. Адунеи зегьы аҟнеиԥш, ҳаргьы иахьа иаҳгәалаҳаршәоит ХХ ашәышықәса алагамҭазы ихамшҭыхәны иҟалаз ахлымӡаах – аерманцәа ргеноцид, харада  индырҵәаз ауаа ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит.

Аԥсны жәлар ари атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара ирыцуп, ҳтәылаҟны дара рхатә хьааиԥш ирыдыркылоит жәларык рхьаа. Аԥсны агәаанагара аҽаԥсахӡом — милаҭ еилыхла жәларык ауаа рнырҵәара ариашара зымуа усуп.  Ауаатәыҩса ирылшо зегьы ҟарҵароуп ари аҩыза агыгшәыгра ахааназы даҽаџьара иҟамларц азы.

Ари аҩыза ахҭысқәа ауаа рҭоурыхтә гәалашәараҿы иаанымхар залшаӡом.

Рхәыҷқәеи дареи рыԥсҭазаарақәа еиқәырхо аерманцәа Аԥсныҟа иааит. Агеноцид иацәынхаз аерман жәлари урҭ рхылҵшьҭрақәеи Аԥсынтәыла ҩныс, иара убас иҿыцу ԥсадгьылны ирзыҟалеит. Урҭ иахьа аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиара иалахәуп», — ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада ишәҟәаҿы.

Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу аерман диаспора гәыкала дрыдышшылеит, ирзеиӷьаишьеит аҭынчреи аизҳазыӷьареи.

 


Read 84 times - Ахаша, 24 Мшаҧы 2024 21:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.