АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Мшаҧы.2024

Жәларбжьаатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара азҵаарақәа ирылацәажәеит акоординациатә штаб аилатәара аҿы.

Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Бабышьра ақыҭан иҟоу Владислав Арӡынба ихьӡ зку Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргылара азы комплексла аусурақәа рымҩаԥгара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит акоординациатә штаб аилатәара аҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәанба ихантәаҩрала имҩаԥысуаз аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба.

Аилатәара иалахәыз аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи уи аусура аиҭахацыркреи  рзы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа шымҩаԥысуа иалацәажәеит.

В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ареконструкциа аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аусура аиҭахацыркреи анаҩстәи ахархәареи рзы аинвестициатә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит. Иахьазы аԥырратә дәаҿы нап аркуп аԥырра-тәарҭатә цәаҳәақәа рырҽеира, иара убас аҿықәқәа ррыцқьара.

Аинертә материалқәа рышьҭаҵарҭақәеи ацементбетонтә зауади рыргылара азы абаза аиқәыршәара мҩаԥысуеит. Аргыларатә маҭәахәқәа ихадоу аагаҩцәа алкаауп.   Аҳаирбаӷәаза аҵакыраҿы аҵлақәеи ачықьқәеи ррыцқьара мҩаԥысуеит. Ҳаԥхьаҟа ахархәара змауа ажәытә хыбрақәа рықәгаразы аусурақәа цоит. Аҭахкаагақәа рышьақәыргылара мҩаԥысуеит. 

 

 


Read 93 times - Ахаша, 24 Мшаҧы 2024 22:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.