pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара амшынтә ҵакырақәа  аҳәаа рыбжьазаареи рзы акомиссиа аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Аилатәара иалахәыз амшынтә ҵакырақәа аҳәаа рыбжьазаара ацәаҳәа ашьақәыргылара аметодика, иара убас аҳәынҭқарратә ҳәаа ацәаҳәақәа атопографиатә хсаалақәа рарбара азҵаарақәеи  ирылацәажәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Афотоцәыргақәҵа аартреи ашәҟәы “Аԥсны! Арӡынба! Ахақәиҭра!” аӡыргареи мҩаԥысит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны. Аусмҩаԥгатә Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 78-шықәса аҵра иазкын.

Аекспозициа иалалеит  100 инареиҳаны Владислав Арӡынба дызну афотосахьақәа. Урҭ  рхыԥхьаӡараҿы иҟан уаанӡа џьаргьы ицәыргақәҵамызгьы. Урҭ Аԥсны ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩцәа рхатәы архивқәа рҟынтәи иааган.  

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа лажәақәа рыла, ацәыргақәҵа Аҳәынҭқарра Актәи Ахада инаигӡоз аполитика, иара убас ҵарауаҩык иаҳасабала дызнысыз иԥсҭазааратә мҩа шьахәлаҵәҟьа ианыԥшуеит.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа иреиуоу, С. П. Дбар (ақалақь Гәдоуҭа)  ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҳәынҭқарратә музеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырба  2008 шықәсазы Владислав Арӡынба изкыз  раԥхьаӡатәи афотоцәыргақәҵа анеиҿкааз атәы шылгәалашәо атәы еиҭалҳәеит: «Ҳара 2008 шықәсазы актәи ацәыргақәҵа анеиҿаҳкаауаз, Владислав Григори-иԥа иԥсы ҭан. Кьасоу Ҳагбеи сареи ацәыргақәҵа альбом изнаҳгеит, иара Аԥсны ахақәиҭразы иҭахаз зегьы рфотоальбом ҟаҵатәын ҳәа иҳәеит».

Гәыгәыца Џьыкырба Владислав Арӡынба Аԥсны аҭоурыхи аибашьра аҿы аиааира агареи рҿы иааникылоз иҷыдоу ароль инаҵшьны иазгәалҭеит. «Ҳара усҟан ҳаиқәзырхаз Владислав Арӡынба игәаӷьреи еицамкреи игәамчи роуп», -ҳәа илҳәеит лара.

Аизга «Аԥсны! Арӡынба! Ахақәиҭра! аҭыжьра аидеиа авторцәас иҟоуп Гәыгәыца Џьыкырбеи Кьасоу Ҳагбеи.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба акурортә сезон аламҭалазы Гәылрыԥшь араион ахь аусуратә ныҟәара мҩаԥигеит. Аминистр араион ахада Саид Ҳаразиа диԥылеит.

Аиԥылара иара убас иалахәын аминистр ихаҭыԥуаҩцәа  Асҭамыр Барцыци Дмитри Занҭариеи араион ахада ихаҭыԥуаҩ  Беслан Цвинариеи.

Аминистр атуризм аусхкы аганахьала Гәылрыԥшь араион апотенциал ду шамоу азгәеиҭеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 15 рзы Гәылрыԥшь араион ашҟа иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба В. Г.Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза даҭааит.

Атуризм Аминистрра аҳаирбаӷәаза аусура алагара имаҷымкәа агәыӷрақәа аднаҳәалоит.

«Атуристцәа рааразы рымҩа армариарала, ҳара Гәылрыԥшь араиони, иааизакны Аԥсны иаҭаауа урҭ рхыԥхьаӡара аизырҳара ҳақәгыӷыртә еиԥш алшара ҳауеит», – ҳәа иазгәеиҭеит аминистр.

Гәылрыԥшь араион адгьылхархәареи архитектуреи рыҟәша анапхгаҩы Даур Шьоуа аминистр изҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәса. Апсныпресс.  Лаҵарамза 15 инаркны ганрацәалатәи автомашьынатә агәаҭара-аужьҭратә пункт «Адлер» аҿы Аԥсны иалҵны Урыстәылаҟа ицо, Аԥсны ашәҟәы иҭагалоу автомашьынақәа хымԥада рыбгаԥсаҟаҵара аполисқәа рыҟазаара гәарҭоит.   

Аԥснытәи аномерқәа змоу автомашьынақәа зтәу рзы ари аҭакԥхықәра 2002 шықәса раахыс  иалагалоуп.

«Атранспортә хархәагақәа зтәу ртәылауаҩратә ҭакԥхықәра ихымԥадатәиу абгаԥсаҟаҵара азы»  афедералтә Закәан инақәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаа ахысраан атранспорттә хархәага аԥсҟы зку аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа иҟарҵо адҵа ала ихымԥадатәиу абгаԥсаҟаҵаразы аполис, мамзаргьы жәларбжьаратәи абгаԥсаҟаҵара асистемақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны атраспорттә хархәагақәа зтәу ртәылауаҩратә хархәагақәа рыбгаԥсаҟаҵаразы аиқәшаҳаҭра агәаҭаразы ирырҭар ауп.   

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аоппазициатә мчрақәа рыла атәыла анапхгарахь иҟаҵахо адҵақәеи аҽԥынкыларақәеи реиҳарак  аекономика, ахәҭакахьала аенергетикатә усхкы иадҳәалоуп.

Аоппозициа атәыла анапхгара ихьанҭаӡоу аенергокризиси миллиардла аҳәанҭқарра иаиуз азарали зырҿиаз акриптовалиута арҳара алегализациа аҿы ахара рыднаҵоит, иара убас аекономика, ахатәы ҭыжьра, аекспорт рыҟамзаара, уҳәа уи зегьы иахҟьаны амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рзы ихымԥадатәиу абиуџьет ахь алагалақәа рмаҷхара ҽыԥныҳәас иҟарҵоит.

Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лаҵарамза 11 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы аминистрцәа Реилазаара, апрокуратура Хада, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахаҭарнакәа алархәны имҩаԥысыз Аҳәынҭқарра Ахада инаигӡо акурс иадгыло аполитиатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи реиԥылара аҿы иарбоу азҵаарақәа рзы инарҭбааны аҳасабырба ҟалҵеит.  

 

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 18 рзы Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы амузеиқәа хԥа рҿы акциа «Аҵх а музеи аҟны» мҩаԥгахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла акультура Аминистрра.

«Аҵх амузеи аҟны» – жәларбжьаратәи акультуратә акциоуп, уи раԥхьаӡакәны иаԥшьыргеит Франциа 1999 шықәсазы. Ари ауха амузеиқәа жәпакы рахь анеира хәыда-ԥсадоуп. 2015 шықәсазы ари акциа Аԥсны имҩаԥган Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аԥшьгарала.

Адунеи аҟны еицазгәарҭо акциа «Аҵх амузеи аҟны» иалахәхоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-аԥша амузеи, Дырмит Гәлиа имемориалтә музеи.

В.Г.Арӡынба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аатуеит асааҭ 16:00 рзы. Амузеи аҟны аҭааҩцәа рзы ҷыдала иазырхиоуп апрограмма.

Апрограммаҿы иҟоуп ахореографиатә коллективқәеи астудиақәеи «Ритмы Кавказа», «Апсны», «Диоскурия», «Иаирума», иара убас ашәаҳәаҩцәа ҿарацәеи злахәу аконцерт. Уи ашьҭахь Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рзы 1992-1993 шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьреи Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибиографиеи рдырразы авикторина мҩаԥгахоит Авикторина аихшьалақәа рыла ишахоит аҳамҭақәа.

Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҿы асааҭ 18:00 инаркны аусура иалагоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30 - шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәаҵа. Иара убас Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рԥылареи, ААУ апрофессор Мзиа Кәыҵниа Аԥсны аҭоурых иазкны ллекциеи аетнолог Марина Барцыц ареспублика иԥшьоу аҭыԥқәа ирызку ллекциеи рзыӡыҩразы алшара ҟалоит.  Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭаз «Апоезиатә сааҭ» мҩԥгахоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рҿыгылара аҟәша аусзуҩцәа ҿырҳәала еиԥш шәҟәылагьы имаз атауар азы адырра ҟазымҵаз Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ дааныркылеит.  Инапылаеидара агәаҭараан уи идырбалеит иагьимырхит –  7 800 цыра рҟынӡа аҭаҭын аалыҵ.

Иарбоу административтә ус ала аматериалқәа зегьы аусеилыргара аҳәаахәҭара ала Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аусеилыргареи аҭҵаареи рыҟәша ахь идәықәҵоуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Маи 14 – иналукааӡаша аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада, аҵарауаҩ-мрагылараҭҵааҩ ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба имшира ауп. Иԥсы ҭазҭгьы, иахьа ихыҵуан 78 шықәса.

Шьыжьы инаркны Владислав Григори-иԥа ҳаҭырла дыргәаладыршәарц, анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц азы иқыҭа гәакьа аҿы иҟоу Имемориал ахь инеиуеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа. 

Аԥсны анапхгара Ешыра иҟоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит. Уи игәалашәара ҳаҭыр ақәырҵарц уахь инеит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра иалоу, атәыла ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа.

Владислав Григори-иԥа Арӡынба диит 1945 шықәса маи 14 азы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан. Абра имҩаԥысит уи ихәыҷра, ишколшықәсқәа.

1962 - 1966 шш. Владислав Арӡынба Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт, аҭоурыхтә факультет аҿы аҵара иҵон. Уи даналга ашьҭахь  Асовет Еидгыла анаукақәа Ракадемиа Мрагылараҭҵаара Аинститут аспирантура дҭалеит.  Аспирантура қәҿиарала даналга ашьҭахь, Владислав Арӡынба иара убри аинститут аҿы  1969 шықәса инаркны 1988 шықәанӡа аус иуан. Азиа Маҷ акультуреи аҭоурыхи, ахәҭакахьала ахатқәеи ахеттқәеи рыҭҵаара инапы алакын. 1985 шықәсазы иара адоктортә диссертациа ихьчеит, 1987 шықәсазы Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа Ажәытә Мрагылара акультуреи аидеалогиеи рсектор анапхгаҩыс дҟаҵан.

Владислав Арӡынба 40 инареиҳаны анаукатә усумҭақәа дравторуп, амонографиа «Ажәытә Анатолиа амифқәеи ақьабзқәеи» уахь иналаҵаны.

Владислав Григори-иԥа Арӡынба – асоветтә, аԥсуа аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, СССР жәлар рдепутат, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада – ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы.

1988 шықәсазы Владислав  Арӡынба Д.Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи аҭоурыхи ринститут адиректорс далырхуеит. Иара убри ашықәсан иара Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далырхуеит, 1989 шықәсазы - Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далххоит. Уаҟа иара автономтә еиҿкаарақәа рҳәынҭқарратәи рзинтәи астатус азы акомиссиеиҵа напхгара аиҭон, Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум алахәылас дҟалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны хәҩыуаак ҭахеит.

«Ахәылԥаз маи 13 азы Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭан автомашьына Таиота аныҟәцаҩ, 1994 ш. азы ииз, аԥсҟы измырманшәалеит, иаԥхьаҟа иаауаз амашьына даҿаланы абетон аанда дасит. Абри иахҟьаны ԥшь-ҩык апасаџьырцәеи аныҟәцаҩи араионтә хәышәтәырҭахь инаган, иара убраҟа рыԥсҭазаара иалҵит. Иҭахаз зегьы 25 шықәса инаркны 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз ракәын»,-ҳәа Аԥсныпресс акоррепондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион амилициа аҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.

«Ари трагедиоуп. Уажәы аҭыԥантәи ахәышәтәырҭа аҿы ҳаҟоуп. Аҳақьымцәа автомашьына Toyota иҭаз рыхәҩык шҭахаз азы адырра ҟарҵеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Зосма Гыцба.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.