pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Ирен Смыр/. Цәыббрамза 19 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы афильм «Ацуҭа амилицинер Ҷыҷын» иҿыцу, ахәбатәи асериа аӡыргара мҩаԥысит.  

«Ацуҭа амилицинер Ҷыҷын» – ари ихыҭҳәаау аԥсуа қыҭа «Кәымпыл-кәап» аҟынтәи амилицинер иԥсҭазаара атәы зҳәо ателесериал ауп.

Афильм аҿы ахәаԥшцәа ирбар рылшоит аԥсуаа рынхашьа иузаҟәымҭхо иадҳәалоу  иазҷыдоу аԥсуа аҵабыргра.  

Афильм арежиссиор, асценари автор –  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра аоператор Михаил Братухин. Афырхаҵа хада ироль наигӡоит асценари ацавтор, актиор Џьамбул Чхапелиа.

 

 

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура Хада аусеилыргара аҟәша Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз Афонд амазара аимҵәаразы аусеилыргара аматериалқәа реизгара хнаркәшеит.

Ари аусеилыргара аҿы  иаарԥшуп анапхыцәгьара аҳасабала амаҵуратә ҭагылазаашьа ахархәарала ззеиԥш еицҵалыҵ 62 млн  689  нызықь 562,6 мааҭ рҟынӡа инаӡо Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз Афонд амазара аимҵәара  иадҳәалоу аепизодқәа быжьба.

Аусеилыргара ала игәҩароу ахаҿқәаны иқәгылоуп: Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз ԥыхьатәи аминистр Дбар Б.А, Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «РемСтрой2012» адиректор  Лакербаиа А.Г., арепатриациа Афонд атехникатә хылаԥшра анџьныр Ақаҩба  Д.Р., Ареспубликатә унитартә Наплакы  «Анхарҭа-хархәаратә Усбарҭа» адиректор Ахба З.В., АУН «Анхарҭа-хархәаратә Усбарҭа» анџьныр Хада Ԥшанаа Д.Х., хазхаҭалатәи аусдкылаҩ Ҵәыџьба Иа.Д.

Аԥаратә хархәагақәа рымпыҵакра мҩаԥысуан анардкыларатә еиқәшаҳаҭрақәа рынагӡараан:

Нанҳәамза 19, 2013 шықәса азы – Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭа  иҟоу Акоттедџьтә еиланхарҭа адәахьтәи аӡымҩангагақәеи ацрыӡмҩангагақәеи рышьақәыргылара» аҿы иарбан зеицҵалыҵ 169 271 мааҭ рҟынӡа инаӡо аԥаратә хархәагақәа;

Мшаԥымза 28, 2017 шықәсазы  – «Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭа  иҟоу Акоттедџьтә еиланхарҭа адәахьтәи аӡымҩангагақәеи ацрыӡмҩангагақәеи рышьақәыргылара» азы анардкыларатә еиқәшаҳаҭра иарбаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 29 120 220 мааҭ рҟынӡа инаӡон;

Ԥхынгәымза 10, 2017 шықәсазы  – Гәылрыԥшь араион, Маҷара ақыҭа, Далтәи амҩа ала иҟоу Акоттедџьтә еиланхарҭа аҿы игылоу аҩнқәа №7, 8, 9 аҿы аиланхарҭа ҩынқәа рыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азы иарбан 18 961 мааҭ;

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа цәыббрамза 12 рзы ареспубликаҟны аҵариуратә усҳәарҭақәа аҵарашықәс ҿыц разыҟаҵара иазку аҳасабырбатә еилацәажәара мҩаԥигеит.

Аилацәажәара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аԥсны Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аҵараируа аусхк знапы иану Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, Аҵара аминистр Инал Габлиа, асоциалтә зҵаарақәа рзы араионқәа рхадацәа рхаҭыԥуаа, аҵараиура ақалақьтәии араионтәии аҟәшақәа реиҳабацәа.

Аҵара аминистр Инал Габлиа Ахада иҟны аҳасабырба ҟаиҵеит аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы астатистика инамаданы. Уи иҟаиҵаз адыррала, аҵарашықәс ҿыц азы – 2023 шықәса цәыббрамзазы ашкол ахь ицеит 2 500 –ҩык актәи акласс аҵаҩцәа, аҳәынҭқарратә хәыҷбаҳчақәа рыҟны ирыдыркылеит 1500 –ҩык ахәыҷқәа, ААУ иахыԥхьаӡалоуп 650 –ҩык ашколқәа раушьҭымҭацәа, Урыстәылаусацзура аквотала УА аҵараиурҭақәа рахь идәықәҵоуп – 84 –ҩык абитуриентцәа, АА Аҵара аминистрра  аганахьала иреиҳау аҵараиурҭақәеи аколлеџьқәеи рахь ишьҭуп 15-ҩык абитуриентцәа:   Белгородтәи аҳәынҭқарратә университет ахь - 3-ҩык; IT-аколлеџь Сириус ахь – ҩыџьа (2), Нижегородтәи аҳәынҭқарратә нџьныр-економикатә университет – 10-ҩык.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, цәыббрамза  19 рзы, араионқәа Рхадарақәа аҵара аҟәшақәа алархәны Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭа ала еиҿкаау амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара азы Акциаа Ҭҟәарчал ақалақь аҿы иацҵахеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апрес-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, ашколхәыҷқәа Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа рыцны апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәит. Азинлеишәа ашьақәыргылара азықәԥаҩцәа ҽарацәа амашьынарныҟәцаҩцәа рахь амҩатә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц азы ааԥхьара ҟарҵоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭа аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа рыцны имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, Узбекьысҭан атәылауаҩ Иусупов Муҳаммад Худоиназар-угли идырбалеит иагьимырхит икристалху анаркотиатә маҭәашьар.  Аекспертцәа ишышьақәдыргылаз ала, Муҳаммад Иусупов иҵәахны иман 117,783 грамм рҟынӡа инаӡо «метадона» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭашьар. Абри азы адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсышәалагьы аурысшәалагьы изымцәажәо Узбекьысҭан атәылауаҩ Муҳаммад Иусупов аиҭагаҩ ицхыраарала еиҭеиҳәеит аԥара арҳара мацара хықәкыс ишимаз.

Аҟәа ақалақь аҿы Муҳаммад Иусупов иҭаацәеи иареи аамҭала иахьаанкылаз аҭыԥ аҿы имҩаԥгаз аимдараан, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа аихшаратә материали аелектронтә капангеи рыԥшааит.   

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба ихантәаҩрала Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аҽазыҟаҵара азы Акомиссиа аҳәынҭқарратә усмҩаԥгатәқәа еиқәыршәаны ишьақәнарӷәӷәеит.  

Акомиссиа аилазаараҿы иҟоуп   аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ирылаху 20 инареиҳаны ахылаԥшырҭақәа рнапхгаҩцәеи рхаҭарнакцәеи.

 

Цәыббрамза  27 рзы имҩаԥгахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыплан:

Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша Амемориал, асааҭ 09:00 рзы – ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥгахоит;

Аҟәа ақалақь, Лакоба имҩа, аҩ.№ 11, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада, асааҭ 13:00 рзы – ацәыргақәҵа «Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира аиубилеи»;

Аҟәа ақалақь, Р. Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониа, асааҭ 17:00 рзы – аныҳәатә концерт «Аҟәа»;

Цәыббрамза 30 рзы имҩаԥгахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыплан:

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә Усбарҭа аусзуҩцеи Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша  аоперативтә усзуҩцәеи атәым мазара аӷьычраҿы игәҩароу Дранда аҳабла инхо Лагәлаа Џьано Оҭар-иԥа дааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.   

Џьано Лагәлаа Маҷара ақыҭан асасааирҭатә ҩны дыҩналаны, ҩ-фотоаппарати  ԥарала 5400 мааҭи ӷьычны дыбналеит.

Џьано Лагәлаа иҟаиҵаз ацәгьоура азы дҿақәшаҳаҭхеит, иигаз амазара имхуп.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аусеилыргатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 155, ахәҭа 3 инақәыршәаны ихацыркыз аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны аус аилыргара мҩаԥнагоит Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа.  Ацәгьоураҿы игәҩароу аҩнытә баандаҩтәра изалхуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы Апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы ақәҵарақәа ҩба рыпроектқәа ирыхәаԥшит:,

– «Аԥсны Аиааира агареи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа жәажәижәаба шықәса ахыҵра – цәыббрамза 30, 2023 шықәса инамаданы амнистиа рылаҳәара азы»

– ««Аԥсны Аиааира агареи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа жәажәижәаба шықәса ахыҵра – цәыббрамза 30, 2023 шықәса инамаданы амнистиа рылаҳәара азы» Аԥсны Жәлар Реизара -Апарламент Ақәҵара анагӡара алыршара азы».

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 25 азы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекаҿы иаатуеит X Жәларбжьаратәи арт-фестиваль «Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа».  

Ари афестиваль Аԥсны акультуратәи ауаажәларратәи ԥсҭазаара аҿы шьҭа традициала имҩаԥысуа усмҩаԥгатәны иҟалеит.

««Афестиваль амҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟоуп – ашәҟәыԥхьара, ашәҟәқәа, алитературатә ҟазара аиҳарак аҿар реилазаара аҟны апропагандеи апопулиаризациеи; аинтеллектуалтә ҿиара азы зегьы раасҭа иманшәалоу иақәнагоу аҭыԥ аҳасабала абиблиотекақәа  рпопуляризациа», - ҳәа иаҳәоит апресс-релиз аҿы. 

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 18 рзы  аҟыбаҩ ду злаз аҵарауаҩ-афизик, Леон иорден занашьоу Адгәыр Шьалуа-иԥа Инал-Иԥа (30.11.1952 – 18. 09.1993) данҭаха амш 30 шықәса ахыҵит.

Адгәыр Инал-Иԥа диит абҵарамза 30, 1952 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы еицырдыруа аҵарауаа Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥеи Мира Константин-иԥҳа Хотелашвили рҭаацәараҿы.

1976 шықәсазы иара далгеит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә Университет афизикатә факультет. Иара убри ашықәсан Аҟәатәи афизика-техникатә Институт (СФТИ) аҿы анџьныр-физик имаҵураҭыԥ аҿы аусура далагеит.  

1979 – 1983 шш. – анаукатә усзуҩ еиҵбы, аплазма адиагностика апроблема аҭҵаара инапы алакын. Аамҭак ала иара Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет афизика-математикатә факультет аҿы арҵаҩратә усура мҩаԥигон.

1983 – 1987 шш. – Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститут (МИКИ) астажиор, анаҩс аспирант, акомета Вега аҭҵаара апрограмма далахәын, анаҩс Марс амҩалаҩ (аспутник) - Фобос аҭҵаара апрограмма ала аҭҵааратә гәыԥ далагалан.

1987 шықәсазы Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститут (МИКИ) аспирантура далгеит,  афизикатә експеримент атехника, афизикатә приборқәеи акосмостә ҭҵаарақәа рзы афизикатә ҭҵаарақәа равтоматизациеи аусхкы аҿы дыспициалистны дҟалеит.

Адгәыр Инал-Иԥа активла дызлахәыз Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститут (МИКИ) алабораториа аусзуҩцәа рыла еибыҭаз, анаҩс аԥышәара иахгаз акосмостә маҭәар ашьаҭа злашьақәгылоу аилкаара азы аиқәыршәагақәа, 1990 шықәсазы Марс амҩалаҩ (аспутник) ахь идәықәҵаз амҩалаҩ  - «Фобос» аҿы ишьақәыргылахеит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, мызқәак рышьҭахь иарбоу амҩалаҩ аимадара еиԥҟьеит.  Аха, Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститут (МИКИ) аҿы иарбоу аиқәыршәага аиӷьтәра азы аусурақәа ирыцҵан. Аионтә бзарбзан ахархәарала акосмостә маҭәар ашьаҭа злашьақәгылоу аилкаара азы ашьақәыргылага аԥҵара Адгәыр Инал-Иԥа икандидаттә диссертациа ашьаҭаны иҟалеит.

1987 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа, ААУ акафедра анаукатә усзуҩны дшыҟаз, Адгәыр Инал-Иԥа аамҭакала  Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститут (МИКИ) аҿы акыр аамҭа зҵазкуаз анаукатә маҵураныҟәарақәа ихы алаирхәан. Адгур Инал-Иԥа ААУ Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститути (МИКИ)  анаукатә еимадара рыбжьаҵара азы аус иуан, убас ала ААУ Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа Ринститути (МИКИ) аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара алыршахеит, уи, ахәҭакахьала, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы афизика аганахьала анаукатә усура амҩаԥгаразы ихымԥадатәиу ҳаамҭа иақәшәо аиқәыршәагақәа раиура азы зеиӷьаҟам алшарақәа аԥнаҵон.

Рацҳарас иҟалаз, иаалырҟьаны иалагаз аԥсуа-қырҭуа еибашьра иахҟьаны, арҭ агәҭакқәа рынагӡара залмыршахеит. Адгур Инал-Иԥа ила аҩынтә-ионнтәи амасс-спектрометриа амикромодельҟаҵара амҩаԥгара азы аексперименталтә аппаратура аусдулара мҩаԥган. Иарбоу амаруга акосмостә маҭәарқәа рышьақәгылашьа аилкааразы   акосмос аҿы реалла иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы ахархәара азԥхьагәаҭан.

1991 шықәсазы Адгәыр атема: «Фобос ишыҟоу аилкааразы адистанциатә гәаҭара иазку алаборатортә модельҟаҵара» («Лабораторное моделирование дистанционного ионного зондирования поверхности Фобоса») ала зеиӷьаҟам ала акандидаттә диссертациа ихьчеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.