АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Жьҭаара.2023

Алиса Гыцба еиҿылкааз II Жәларбжьаратәи аконкурс афинал жьҭаарамза 24 – 25 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 24 – 25 рзы Аҟәа ақалақь, Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысуеит  Алиса Гыцба лыхьӡ зху II Жәларбжьаратәи аконкурс афинал.

Аиааира агаразы еицлаблоит 29-ҩык асолистцәеи аинструменталтә ансамбльқәа быжьбеи. Аконкурс ҩ-номинациак рыла имҩаԥысуеит: «Академиатә авокалтә нагӡара», «Ансамбль аҟазара».  Аконкурсантцәа рфиналтә зыӡырҩрақәа рахь анеира хәыда-ԥсадоуп.

Аконкурс жьҭаарамза 26 рзы, аҳамҭақәа ранашьара ацеремониеи агала-концерти рыла ихыркәшахоит. Уи рхы аладырхәраны иҟоуп алауреатцәеи ажиури алахәылацәеи, иара убас Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика жәлар рартист Заурбек Гәыгкаев инапхгарала Владикавказ иҟоу Мариинтәи атеатр аоркестр аҿгеи Аԥсны жәлар рартист Давид Терзиан напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестри.

Аконкурс ажиури аилазаараҿы иҟоуп еицырдыруа амузыкантцәеи ашәаҳәаҩцәеи: Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алеқсандр Гиндин, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Иана Иванилова, жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреат Басиниа Шульман, Аԥсны жәлар рартистка Нинель Бжьаниа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Виктор Абрамиан-Ешба, Урыстәыла зҽаԥазтәыз артистка, Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцба.

Алица Гыцба еиҿылкаауа II Жәларбжьаратәи амузыкатә конурс 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30- шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеит 15-шықәса аҵреи ирызкуп.


Read 275 times - Ашәахьа, 23 Жьҭаара 2023 13:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.