АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жьҭаара.2023

Аҟәатәи Аӡфымцатә Станциа азааигәара аршьаҟатә минақәа рыԥшааит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аӡфымцатә Станциа иахьаҵанакуа автомҩа аҟаҵараан  ирыԥшааит  Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра  аахыс иаанханы иҟаз аршьаҟатә минақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

«Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ақәыӷәӷәаратә аршьаҟага мина (ПМН2) – 7-цырак, асоветаамҭатәи аԥҽыхацырҟьатә имҩақәҵоу аршьаҟатә мина (МОН)-100 – 2- цырак, аԥҽыхацырҟьатә  аԥынгыламцатә  аршьаҟатә мина — иахыкәыршаны ақәыршәаратә лшара змоу иҭыԥо аршьаҟатә мина (ОЗМ-72) - 2 цырак, иара убас урҭ  ркомпектациатә хәҭақәеи», - ҳәа иазгәаҭоуп адырраҭара аҿы.

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апиротехникатә ҟәша аусзуҩцәа аҭыԥ ахь инеины иԥжәо амаҭәашьарқәа реиҵыхра мҩаԥыргеит.


Read 188 times - Ашәахьа, 23 Жьҭаара 2023 14:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.