АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жьҭаара.2023

Апарламент аҿы афымцаенергетикатә усхкы аҿы иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба  Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада  Ҭемыр Џьынџьали уи актәи ихаҭыԥуаҩ Ҭенгьыз Гырџьынбеи алархәны имҩаԥигаз аиԥылара аҿы афымцаенергетикатә усхкы аҿы иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.

Ари азҵаара алацәажәара иара убас рхы аладырхәит Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩцәа Фазлыбеи Аҩӡба, Асҭамыр Ашәбеи Ашот Миносиани.

Апарламент Аиҳабы аенергетикцәа аԥсшәа раҳәо Ҭемыр Џьынџьал иахь ихы рханы иазгәеиҭеит: 

«Ҳара аҭакԥхықәра зду, ареспублика аенергетикатә усхкы аҿы иҟоу апроблемақәа ртәы зеиӷьаҟам ала издыруа ауаҩы иаҳасабала шәаадыруеит.Иахьа араҟа анаплакы аҿы иҟоу изаамҭанытәиу аҭагылазаашьеи апроблемақәеи ртәы иаартны ҳалацәажәар ҳҭахуп. Иҳаҩсыз ашықәс азы абиуџьет ашьақәырӷәӷәара аетап аҿы Апарламент иарбоу аекономика аусхкы иназыцҵоу ахархәагақәа ралаҵара азы аӡбамҭа аднакылеит. Урҭ рхархәара шымҩаԥысуа атәы еилаҳкаар ҳҭахын».

Лаша Ашәба, адепутатцәа, ареспублика ауааԥсыра зегьы реиԥш, ахьҭақәа ҟалар ашьҭахь атәыла аенергетика аҿы аҭагылазаашьа шышьақәгылашьаз иаиуо азы агәҭынчымра рызцәырҵуеит.

Ҭемыр Џьынџьал Ареспубликатә Унитартә Наплакы  «Амшынеиқәафымцамч» лаҵарамза 2023 шықәса ирҭагӡоу аамҭахәҭа азы аусура атәы инарҭбааны далацәажәеит.

Аиԥылара аҿы аенергетикатә усхкы иадҳәалоу азҵаарақәа ркомплекс  иалацәажәеит, ареспублика афымцанхамҩа аҭагылазаашьагьы уахь иналаҵаны, ахархәара зауз афымцамч азы ашәатәқәа реизгара, иҟоу амчхарақәа реиҭашьақәыргылара, уҳәа убас ирацәаны.


Read 197 times - Ашәахьа, 23 Жьҭаара 2023 15:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.