АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жьҭаара.2023

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза 2024 шықәса анҵәамҭазы аусура иалагоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза 2024 шықәса анҵәамҭазы аусура иалагоит, атехниатә ԥыррақәа  рашәарамзазы ихацыркхоит. Абри азы аԥшьаша, ажьырныҳәамза 19 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциа аҿы адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада еизаз агәра диргеит  ҳазҭоу амыз иалагӡаны ауаажәларра ишеилдыркаахо иарбан урыстәылатәи аилазаароу Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ареконтрукциа амҩаԥгара азы аинвестициатә контракт анапаҵыҩра иалахәыз.   

Аусура алагара аҽҳәара  акәзар, уи, афорс-мажәортә ҭагылазаашьақәа рыҟалара аԥырхагамхар, ишазԥхьагәаҭоу ала иаанхоит.  

«Атехникатә ԥыррақәа рымҩаԥгара ҳара ҳҿы рашәарамза иахымгакәа ихацыркхоит, аҳаирбаӷәаза аусура алагара  - ԥхынҷкәынмза 31, 2024 шықәса рзы. Уи иаԥырхагахар зылшо афорс-мажортә факторны иҟоу акызаҵәык – уи, Анцәа иумҳәан, еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҿы аибашьратә хҭысқәа даҽа масштаб аиур», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада аҳаирбаӷәаза атәыла абиуџьет ахарџь ала имҩаԥыслаӡом, уи аинвестициатә хархәагақәа рыла имҩаԥыслоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аинвестор иара убас ихатә хархәагақәа рыла ҩ-фымцастанцеиҵаки аҳаирбаӷәаза ахь  инагоу ацҳақәеи амҩақәеи реиҭашьақәыргылара ҭакԥхықәраны идҵахоит.

В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргылара азы Аиқәшаҳаҭра  анапаҵыҩра Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны рашәарамза 16, 2023 шықәазы имҩаԥысит. Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови.  

 

 


Read 163 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.