pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 22, 2023 шықәсазы Гь.А.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы акомиссиа аилатәараҿы аконкурс аихшьаала ҟаҵан.

Аконкурс аҿы ицәырган 2020 шықәса инаркны  2022-нӡа иҭыжьыз аҭҵаарадырратә усумҭақәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Апарламент ахантәаҩы Алан Алборов Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Алан Иура-иԥа! Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала хаҭала Шәареи Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент адепутатцәеи Аахыҵ Уаԥстәыла Амш шәыдысныҳәалоит!

Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар цәыббрамза  20, 1990 шықәсазы иалнахыз амҩа шәреспублика ҳаамҭазтәи аҭоурых шьақәнаргылеит. Иҳаҩсыз   ашықәсқәа рзы Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика анапхгареи ажәлари асуверенитети ахьыԥшымреи рахь инагаз амҩаҟны изыниоз ауадаҩрақәеи ашәарҭарақәеи ириааины иаадырԥшуан ԥгара змам акреи аидгылареи.  

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны анукақәа Ракадемиа апрезидент, академик, Урыстәылатәи анаукақәа Ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла, Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа афилологиатә наукақәа рдоктор Зураб  Џьапуа «Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ». 

Уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Ахада Алан Гаглоев.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аинтеллигенциа Аидгылара апрезидиум алахәылацәеи атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи реиԥылара мҩаԥысит аԥшьаша, цәыббрамза 21 рзы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Аиԥылараҿы ирылацәажәеит Аԥсны адәныҟатәи аполитикеи Алада Кавказ ашәарҭадареи ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы.
Аиԥылараҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Аԥсны аинтеллигенциа Аидгылареи рыбжьара еиҳа активла аусеицура алыршара иазку апланқәа алкаахеит. 

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Лагәлаа Руслан Виачеслав-иԥа аиустициа аминистр ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵара азы ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Лагәлаа Руслан Виачеслав-иԥа диит цәыббрамза 8, 1987 шықәсазы Белорусстәи Асоциалтә Советтә Республика Гроднентәи аобласт Лидтәи араион Дитва аҳабла аҿы.  

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Асоциалтә ҳақәа рҿы Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ԥыхьатәи абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ Татиана Гәылиа Аслан Бжьаниа  2009 -2010 шш Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахь «иалагалара» ҟалазшәа аинформациа алалырҵәеит.  

Аслан Бжьаниа «далагалазу», мамзаргьы закәан шьаҭала Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩ иаҳасабала дрыдыркылоу ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, Урыстәыла иҟоу ԥыхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахба абас аҭак ҟаиҵеит:

Аҟәа. Цәыббрмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахьа, цәыббрамза 25, асааҭ 15:00 рзы, Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан ақыҭеи  ақыҭанхамҩеи рыҿиара Ацентр ахәбатәи аексперименталтә плошьадка аатуеит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспонднт адырра ирҭеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҿиара Апрограмма Аҟәатәи аофис аҿы.

Аплошьадка амратә панельқәа рыла еиқәыршәоуп, иара убри ала уи ауникалтә ҟазшьа аанахәоит. Ари – Аԥсны аиԥш-зеиԥшу уаҳа зда ыҟам плошьадкоуп.  

Аҭыԥантәи арԥхарҭа аҿы голубика, амалина, акакан, алаҳа, аца, аурыс аца, уҳәа аҵиаақәа реиҭаҳатәқәа рааӡоит. Ашәыр хкқәа зегьы рыдгалара ақыҭеи ақыҭанхамҩеи рыҿиара Ацентр аспециалистцәа  рыла имҩаԥгоуп.  Урҭ Ҭырқәтәыла, Италиа, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи Аԥсныҟа иааган.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, «Москва Аҩны» аҿы аурыс бызшәа рызҭо арҵаҩцәа рзы «Аурыс бызшәа алагарҭатә школ аҿы: иҿыцу аҵаратә лшарақәа» атема ала ҩымш ирҭагӡоу алектори Аҟәа ақалақь Москва Аҩны аҿы имҩаԥысуеит. Аусмҩаԥгатә аурыс бызшәала арҵареи аурыс бызшәа аҵареи ацхырара аҭара иазку акультура-ҵарадырратә комплекс аҳәаақа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.

Аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара рхахьы иргеит Москва ақалақь Анапхгара, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартаменти аидгьылуаа Москватәи Рыҩни.

Аумҩаԥгатә аартуа, аидгьылуаа Москватәи Рыҩны аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара азы аҟәша аиҳабы Мариа Шапина, Москва ақалақь Анапхгара, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартаменти аидгьылуаа Москватәи Рыҩни аурыс бызшәа аҵареи урысбызшәала арҵареи адгылара аҭара иазку аакультура-ҵарадырратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ахшыҩзышьҭра ду арҭоит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.

«Иахьа еиҿкаау алектори аурыс бызшәа аиқәырхареи аӡыргареи аларҵәареи рзы аусмҩаԥгатәқәа ркомплекс иалоуп. Аиԥш-зеиԥшу аусмҩаԥгатә мҩаԥысхьеит Ареспублика Белорус. Ҳазҭоу ашықәс хыркәшахаанӡа ԥыхьатәи Асовет Еидгыла атәылақәа руак аҿы даҽа усмҩаԥгатәк амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп», - ҳәа илҳәеит лара.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 22 рзы Аҟәа ақалақь аҿы  самбо азы XX Жәларбжьаратәи аицлабрақәа «Аиааира Ахраҿа» амҩаԥгара хацыркхеит.

Жәларбжьаратәи атурнир аибашьцәа-аинтернационалистцәеи  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара  30-шықәса аҵреи иазкуп.

Атурнир рхы аладырхәуеит Аԥсны, Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Ростовтәи аобласть, Адыгеиа, Лугансктәи Жәлартә Республика рҟынтәи  300-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.  

Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит 2008-2010, 2011-2012, 2013-2014 шықәсқәа рзы ииз арԥарцәеи 2008-2010, 2011-2013 шықәсқәа рзы ииз аҭыԥҳацәеи. 

Аицлабрақәа мҩаԥгахоит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура Аминистрра 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазку зметраж кьаҿу  адокументалтәи асахьаркыратәи афильмқәа рконкурс ахь ицәыргаз 19 фильм рҟынтәи 6-усумҭак алнахит.  

Аконкурс аихшьаалақәа рыла х-документалтә фильми х-сахьаркыратә фильми  алкаахеит.

«Ҳара иаҳзаашьҭын аконкурс алахәхаразы 19 зыҳәамҭа, уи ас еиԥш иҟоу аформат азы даара ибзиоуп. Ҩ-етапк рышьҭахь иалаҳкааит аиааира згаз афильмқәа фба. Уи – Манана Кококсқьыр, Фатима Кәыҭелиа, Елеонора Гилоиан иҭырхыз адокументалтә фильмқәеи Ҭенгиз Џьопуа, Даур Ладариа, Сабина Харџьелиа иҭырхыз асахьаркыратә фильмқәеи роуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.