
pressadmin-2
Апианинорҳәаҩы Сергеи Жилин «афилармониа ахәаԥшцәа рыршанхара» хықәкыс имоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥсны Sputnik амультимедиатә пресс-центр аҿы, ахәаша, ԥхынгәымза 14 рзы имҩаԥган ԥхынгәымза 14 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысраны иҟоу аконцерт иазкны апианинорҳәаҩы-авертуоз, акомпозитор, аранжировкаҟаҵаҩ, абенд-лидер Сергеи Жилин ипресс-конференциа.
Амузыкант ишеиҭеиҳәаз ала, агәыԥ «Земля, ветер и огонь»» аҳаҭыр иазкны имҩаԥгахо аконцерт апрограмма аҿы ритм-енд-блиуз, соул, фанк, џьаз, диско, рок астильқәа рыла арҿиамҭақәа ахәаԥшцәа ирыдгалахоит.
Гәылрыԥшь араион аҿы 2023 шықәсазы амхыцәаӷәақәа рымҽхак - 800 гектар рҟынӡа инаӡеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион Ахадараҿы имҩаԥысыз анҭыҵтәи аилатәара аҿы ақыҭанхамҩеи афатә-ажәтәи рзы араион Ахадара Аусбарҭа аиҳабы Рафик Григориан Аҳәынҭқарра Ахада иҿаԥхьа 2023 шықәса актәи азбжа азы имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.
Аусбарҭа ахада агәра ганы дыҟоуп Гәылрыԥшь араион ақыҭанхамҩатә потенциа ду шамоу.
«Гәылрыԥшь араион аҿы 2023 шықәсазы амхыцәаӷәақәа рымҽхак - 800 гектар рҟынӡа инаӡеит, убри аан 600 гектар рҟынӡа аџьықәреи ала илаҵоуп, ауҭраҭых ала - 150 гектар, акартош ала - 20 гектар, акарпыжәи ашьынкеи рыла - 20 гектар, аҟәыд, аҟабақ, ацыца рыла - 10 гектар. Аамҭакала 86,21 гектар рҟынӡа 1992-93 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахази аинвалидцәеи рҭаацәа рзы аџьыкәреи алаҵаразы амхурсҭақәа ааԥынтәи ацәаӷәарақәа мҩаԥгоуп. (120 нхамҩа) Уи иақәхарџьхеит 419 239 мааҭ. Гәылрыԥшь араион ахарџь ала 86 гектар иреиҳаны ицәаӷәан», - ҳәа еиҭеиҳәеит иара.
Гәылрыԥшь араион аҿы афымцамч азы ашәатәқәа руал 70 млн. мааҭ иреиҳауп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион аҿы афымцамч азы ашәатәқәа руал 70 млн. 132 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ҳәа анҭыҵтәи аилатәара аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа адырра ииҭеит Гәылрыԥшь араион Афымцастанциа аиҳабы Зураб Ханагәуа.
Зураб Ханагәуа ахархәара зауз афымцамч азы ашәатәқәа реизгара 23,2% рҟынӡа инаӡоит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳазҭоу ашықәс фымз ирылагӡаны Гәылрыԥшь араион аҿы ахархәара зауз афымцамч азы иахыԥхьаӡалоу ашәатәы 91 млн. 292 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә ишәоуп – 21 млн. 159 нызықь», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Зураб Ханагәуа.
Уи иажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшыз ашықәс азы аизгара апроцент 29,3% рҟынӡа инаӡон.
«Фымз рыла ахархәара зауз афымцамч азы аиуристтә хаҿқәа рыла иҟаҵоу ашәатәқәа 71.6% рҟынӡа инаӡоит. Иахыԥхьаӡалоуп 13 млн. 946 нызықь мааҭ, ишәоуп – 9 млн. 979 нызықь мааҭ, ауал - 3 млн. 967 нызықь мааҭ. Фымз рыла ахархәара зауз афымцамч азы хазхаҭалатәи ахаҿқәа рыла иҟаҵоу ашәатәқәа - 14,5 % рҟынӡа инаӡоит. Иахыԥхьаӡалоуп - 77 млн. 345 нызықь мааҭ, ишәоуп - 11 млн. 180 нызықь мааҭ, ауал – 66 млн. 165 нызықь мааҭ », - ҳәа адырра ҟаиҵеит Зураб Ханагәуа.
Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, араион аенергосистема ахархәаратә ҭагылазаашьа арманшәалареи акурорттә сезони аӡынтәи аамҭахәҭеи разыҟаҵара азы ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжа иалагӡаны имҩаԥган 50 километр рҟынӡа инаӡо афымцамҩангагатә цәаҳәақәа реиқыршәара, 35 цыра аҿыхгақәа ԥсахын, звольҳараку акабельқәа еиҭашьақәыргылан.
«143 инарзынаԥшуа амҿтәы шьаҟақәа аихабетонтә ала иԥсахуп. Араион ауааԥсыра фымцалашарала реиқәыршәара ахаҭабзиара аиӷьтәра азы инацҵаны ишьақәыргылан 14 трансформатор, иԥсаххеит 15 иблыз атрансформаторқәа, 35 км. рҟынӡа инаӡо афамцамҩангагақәа рыԥсахит, уҳәа аусурақәа мҩаԥган», - ҳәа иҳәеит Зураб Ханагәуа.
2023 шықәса актәи азыбжазы Гәылрыԥшь араион аҿы 22 цәгьоура ҟалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса фымз ирылагӡаны араион аҿы 22 рҟынӡа ацәгьоурақәа ҟалеит, урҭ рахьынтә иаартхеит 21, убас ала араион аҿы ацәгьоурақәа раартра 97,7% рҟынӡа инаӡоит, ҳәа араион Ахадараҿы имҩаԥгаз аилатәара аҿы Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Резо Гәылариа.
Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ашәҟәы иҭагалахеит 23 рҟынӡа ацәгьоура, урҭ зегьы аартуп.
«Сынтәа ашәҟәы иҭагалаз 22 цәгьоура рҟынтәи ҩба - ҷыдала иуадаҩу рахь иаҵанакуеит, руак аартуп. Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ҷыдала иуадаҩу ацәгьоурақәа хәба ҟалеит , урҭ зегьы аартуп», - ҳәа еиҭеиҳәеит иара.
Аслан Бжьаниа: Гәылрыԥшь араион алшара дуӡӡақәа амоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион Ахадараҿы Гәылрыԥшь араион актив алархәны 2023 шықәса актәи азбжазы аусура аихшьаалақәа ирызкны анҭыҵтәи аизара мҩаԥигеит.
Актив аусура иалахәуп аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аекономика аусбарҭа анапхгаҩы Алхас Аӡынба.
Араион Администрациа 2023 шықәса актәи азбжазы аусура иазкны ажәахә ҟаиҵеит Администрациа Ахада Саид Ҳаразиа. Уи иааигаз арбагақәа рыла, 2023 шықәса актәи азбжазы Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа анагӡан 104% рыла. Планла иарбаз 116 млн.мааҭ рыҟнытә ааимҭақәа идыртәеит 120 млн.мааҭ. Урҭ рахьтә ахатә хашәалақәа идыртәеит 43 млн. мааҭ, аплан аҟны иарбаз 39 млн. мааҭ раан.
Аҟәа араион аҿы афымцамч ахархәаразы ашәатәқәа реизгара 50% рыла иазҳаит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа 2023 шықәса актәи азыбжазы имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵо дықәгылеит.
«Аҟәа араион абиуџьет ахашәалатә хәҭа 2023 шықәса актәи азбжазы планла иартәоит 126 млн. мааҭ, ахатәы хашәалақәа - 64,4 млн. мааҭ, планла иарбоу 49,8 млн. мааҭ раан, адотациақәа - 20,6 млн. мааҭ, планла иарбоу 61,7 млн. мааҭ аан, 41 млн мааҭ абиуџьет иамоуӡеит, асубсидиақәа – 14,2 млн. мааҭ», - абас иҟоуп Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иааигаз арбагақәа.
Уи иара убас иҳәеит Аҟәа араион аҟны афымцамч азы иҟоу арбагақәа ртәы. «Еизгоуп 9 миллион мааҭ: 7,3 миллион мааҭ ршәеит хазхаҭалатәи ахаҿқәа, 1,7 миллион — аиуристтә хаҿқәа. Азеиԥш уал иартәеит 45,8 миллион мааҭ, – ҳәа иҳәеит иара, аизгарақәа 50% рыла ишазҳаз азгәаҭаны. – Ҵыԥх абри аамҭазы еизган 4,5 млн мааҭ», - ҳәа иҳәеит иара.
Аслан Бжьаниа Аҟәа араион актив алархәны анҭыҵтәи аизара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа араион актив алархәны Администрациа 2023 ш. актәи азбжа аусура иазкны анҭыҵтәи аизара мҩаҧигеит.
Актив аусура иалахәуп Аҧыза-минмстр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аиҳабыра алахәцәа, адепутатцәа.
«Аҟәа араион абиуџьет ахашәалатә хәҭа 2023 ш. актәи азбжазы планла иартәоит 126 млн мааҭ, ахатәы хашәалақәа - 64,4 млн мааҭ, планла иарбоу 49,8 млн мааҭ раан, адотациақәа - 20,6 млн мааҭ, планла иарбоу 61,7 млн мааҭ аан, 41 млн мааҭ абиуџьет иамоуӡеит, асубсидиақәа – 14,2 млн мааҭ», - абас иҟоуп Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иааигаз арбагақәа.
Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 2023 шықәса актәи азыбжазы 104% рыла инагӡахеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 2023 шықәса актәи азыбжазы 104% рыла инагӡахеит, ҳәа имҩаԥгаз инарҭбаау аусуратә еилатәара аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа адырра ииҭеит араион ахада Саид Ҳаразиа.
«Аплан ала ишьақәырӷәӷәаз 116 млн. мааҭ рҟынтәи фактла иалагалаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 120 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Урҭ рахьынтә ахатәы хашәалахәқәа – иазԥхьагәаҭаз 39 млн мааҭ раан иалагалахеит 43 млн. мааҭ», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Саид Ҳаразиа.
Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ ақыҭан иҟоу икьакьоу абзазаратә црыҵқәа рышьҭаҵарҭа ҳазҭоу ашықәс нанҳәамзазы аусура иалагоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ аҟны абзазаратә црыҵқәа рышьҭаҵарҭаҟны аргыларатә усурақәа шцо гәаиҭоит. Аобиект аҟны аусурақәа ирылагеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Шьаҭанкылатәи аргыларазы аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аусуразы. Ари аусмҩаԥгатә афинансзоужьра 2 шықәса ҳәа еихшан. Ҳазҭагылоу аамҭазы аргыларатә усурақәа актәи рыхәҭа хыркәшахоит. 12 гектар зҵазкуа ашьҭаҵарҭа ацрыҵқәа рзы ажра мыругала еиқәыршәоуп, аихшарҭа цәаҳәа шьақәыргылоуп, арыцқьагатә ргыламҭақәа рзы амыругақәа ҿаҵоуп.
Апарламент апрофилтә Еилакы аилатәараҿы аԥсуа бызшәа аиқәырхара апроблемақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи ауаажәларратә еиҿкаара «Ахеиқәырхара» алахәылацәеи аҵарадырреи анаукеи абызшәатә политикеи адинхаҵареи амассатә информациа ахархәагақәеи рзы Апарламент аилак инарҭбаау аилатәара аҿы аԥсуа бызшәа аиқәырхара иадҳәалоу апроблемақәа ирылацәажәеит.
«Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа азы» Азакәан аныҟоу аамҭазы аԥсуа бызшәа ала ицәажәо рхыԥхьаӡара ессааира еиҵахо иаауеит, уи аинформациатә хархәагақәа русура аҿы, аҳәынҭқарратә напхгара аусбарҭақәа русура аҿы, иара убас аусшәҟәқәа реикәыршара аҿы, иара убас адәахьтәи аӡырга, уҳәа рҿы ахархәара еиҳа-еиҳа иԥсыҽхоит», - ҳәа иазгәарҭон иқәгылоз ражәахәқәа рҿы.