Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 79-шықәса ахыҵра инамаданы, Владимир Путин Азеирбаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Казахсҭан, Киргизиа, Ҭаџьыкьысҭан, Туркмениа, Узбекьысҭан, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, иара убас Қырҭтәылеи Молдавиеи рхадацәа рыхьӡала адныҳәаларатә цҳамҭақәа дәықәиҵеит.
Адныҳәаларақәа рҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада, ҳара иуадаҩӡаз аибашьра ашықәсқәа рзы аџьамыӷәа цәгьа рыхганы Аиааира зырааигәоз зегьы – хацәнымырха афронтқәа рҿы еибашьуази атыл аҿы аџьабаа ду збози ҳаҭыр дула ҳшырзыҟоу ааҳарԥшуеит, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Даараӡа акыр аҵанакуеит ҳара зегьы иаҳзеиԥшу аҭоурых аицакреи ахашҭреи алмыршара. Жәаҳәарада, ихымԥадатәиуп усҟан тәылакны зҽеидкылыны иҟаз ажәларқәа рыбжьара иҟаз аиҩызареи аидгылареи аицхыраареи зеӷьаҟам атрадициақәа реиқәырхара. Убри ауп усҟан ҳабацәеи ҳабдуцәеи имариаӡамыз арратә ԥышәарақәа зегьы рыхганы анацизм аиааира рылзыршаз», – ҳәа иазгәеиҭеит Урыстәылатәи аҳәынҭқарра ахада.
Владимир Путин Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа раан иӡрыжәыз аиашьаратә еиҩызара ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара иашьагәыҭны ишыҟало азы агәрагара ааирԥшит.
Аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рхадацәа рахь ихы рханы, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи атылусуҩцәеи ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, агәамчи ашықәснҵыра дууи.