Аслан Бжьаниеи Нонна Дорофеевеи иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иргаз Аиааира иамоу аҭоурыхтә ҵакы.
Аветеран лыҿцәажәараҟны Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иазгәеиҭеит, ҳаԥхьаҟа 100 шықәса лхыҵра аиубилеи шазгәарҭараны ишыҟоу, уи аветеран илзеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара.
«Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәылшамҭақәа рзы, шәфырхаҵаразы», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада аветеран ҳамҭас илиҭеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа, ашәҭқәа, иара убас аԥара.
--