Аҟәа. Лаҵарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Михаил Мишустин Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра ахантәаҩыс дахьышьақәдырӷәӷәаз идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа, Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩыс шәахьышьақәыдырӷәӷәахаз шәыдысныҳәалоит.
Гәахәарыла иҳадаҳкылеит Аҳәынҭқарратә Дума Шәара ишәынаҭаз адгылареи агәрагареи.
Агәра ганы ҳаҟоуп Шәара шәԥышәеи шзанааҭтә дырра ҳараки ирыбзоураны аԥсны-урыстәылатәи анапхгарабжьаратәи аусеицура ҳаԥхьаҟа хра злоу аҿиара шаиуо.
Ҳара аҩганктәи аизыҟазаашьақәа ахырхарҭақәа зегьы рыла анагӡаратә мчра аусбарҭақәа русеицура арҿиара ҳазхиоуп.
Гәыкала ишәзеиӷьасшьоит шәнапы злаку аҭакԥхықәра ду злоу аусура аҿы аихьӡарақәеи аманшәалареи.
Ҳаҭырла Шәара шәахь А. Анқәаб».