Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз аибашьцәа-афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц азы арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Арепублика Аофициалтә Хаҭарнакра ахада Гарри Кәпалба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, аруаа, ақалақь ауааԥсыра, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа афронтқәа рҿы еибашьуан 55 нызықьҩык ҳџьынџьуаа. 17 нызықьҩык инареиҳаны аибашьра дәы аҟынтәи изыхнымҳәӡеит. 22-ҩык «Асовет Еидгыла Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵоуп.