Шәара зегьы хаҭа-хаҭала афырхаҵареи агәымшәареи ртәы зҳәо аҭоурых шәахәҭакуп. Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит хьыӡла-ԥшала аибашьраҟны иҭахаз, ҳхырхәоит ҳфырхацәа иԥшьоу рфырхаҵара ахьӡала, аибашьра иалҵны иааз рыхьӡала аҭынч ԥсҭазаара аргыларазы.
Ари аныҳәа ду ҳарҭ зегьы ҳаиднакылоит, ҳ-Аԥсадгьыл азы гәадурала иарҭәуеит ҳагәқәа. Ҳаиҳабацәа иаҳзааргаз Аиааира иахьагьы аихьӡара ҿыцқәа ҳгәы азҭанаҵоит, уи иабзоураны ауадаҩрақәа ҳариааины ԥхьаҟа ҳцоит.
Аиааира амш аҽны зегьы гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ҩнаҭацыԥхьаӡа ахирра, аҭынчра! Аиааирақәа ҳацзааит есқьынгьы ҳнапы злаҳкуа аус бзиақәа рыҟны!
Аиааира ду амш шәадныҳәалазааит!»