АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Лаҵара.2024

Очамчыра ақалақь аҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз ргәаладыршәеит.

Аҟәа.  Лаҵарамза  9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа  аҿы Аиааира агара Амш 79-шықәса ахыҵра азгәарҭеит Очамчыра ақалақь аҿы.

Ашьыжь 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.  Уи рхы аладырхәит араион Ахадара анапхгара, еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа ақалақь ауааԥсыра, ақалақь иаҭааз асасцәа.

Аныҳәатә митинг аҿы Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа еизаз зегьы аныҳәа рыдиныҳәало иазгәеиҭеит:  «Сара исҭахуп ҳара зегьы ҳагәқәа рҿы ахаангьы иҿымцәаарц ҳабацәеи ҳабдуцәеи ҳанацәеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи иҟарҵаз афырхаҵара агәалашәара. Ҳара иҳамоуп ҳгәадура здаҳҳәалаша. Ҳара ҳҭоурых еиқәҳархароуп, избан акәзар ҳара –аиааира згаз жәларуп. Ауаа зегьы иахьа ирзеиӷьасшьар сҭахуп аҭычреи аизҳазыӷьареи».

Амитинг ашьҭахь, Аконституциа Ашҭа азааигәара  еизаз зегьы рзы адәаҿтәи акрыфара еиҿыркааит.  Ахәыҷы-қәыԥштә коллективқәа инарыгӡеит арратә аамҭақәа рзы иаԥҵаз ашәақәа.


Read 250 times - Асабша, 11 Лаҵара 2024 16:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.