pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров «Ахьӡ-Аԥша» аорден     I аҩаӡара ианеишьеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпрсс. Жьҭаарамза 1 рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуан ирласу ашахматқәа рзы  ачемпионат-2023. Уи рхы аладырхәит 60 - ҩык, урҭ рахьынтә фҩык - аԥснытәи ашахматистцәа роуп.

Ачеимпионат аихшьаалақәа рыла, аҵыхәтәантәи атур аҟынӡа иԥхьагылаз 9 кәаҭала рҟынтәи 7,5 кәаҭала иоуны аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит, убри аан дчемпионхарц азы 0,5 кәаҭала заҵәык ауп игхаз.  

Лакәатаа Сарида, 9 кәаҭала рҟынтәи  5,5 кәаҭала лоуны аҳәса рыбжьара Шәача ақалақь ачемпион ҳәа ахьӡ лоуит. Ари аиааира иабзоураны Краснодар ақалақь аҿы жьҭаарамзазы имҩаԥысуа ирласу ашахматқәа рзы Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат-2023 алахәхаразы алшара лоуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азы аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рзы адырраҭарақәа ҟазҵоз амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа зегьы русуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. 

«Аиубилеитә ныҳәатә усмҩаԥгатәқәа раарԥшразы шәара ҭакԥхықәрала шәусура азнеира иабзоураны Аиааира Амш 30-шықәса ахыҵра иазку Аныҳәа хра злоу атмосфера аԥҵареи зықьҩыла ауааԥсыра аԥсуа жәлар зегьы рзы акырӡа аҵак ду змоу ҳныҳәатә хҭысқәа ртәы реилыркаареи алыршахеит. 

Шәдырраҭарақәеи шәрепартажқәеи ирыбзоураны Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы, иара убас хыԥхьаӡара рацәала аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсны иаҭааз асасцәеи ҳкультуреи ҳатрадициақәеи рбеиареи руникалреи ртәы еилыркааит, аԥсуа жәлар  1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьрааҿы Аиааира иацу агәырӷьареи ирыцәҭахаз рҵеицәа рзы агәхьааи рыцеиҩыршартә еиԥш алшара рзаԥҵахеит, ҳтәыла азы иарбоу ахҭыс аҵакы ахьынӡаҳараку еилыркааит» , - ҳәа иаҳәоит аџьшьаратә цҳамҭа атекст аҟны.

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҵара аминистр Инал Габлиа Тамбовтәи аобласть аҟынтәи аделегациа дырԥылеит.

Аиԥылара иалахәыз анаҩстәи аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩреи ҳаԥхьаҟа аусмҩаԥгатәқәа реицынагӡареи рзы еиқәшаҳаҭхеит.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсуа лицеи-интернат аҿы  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра ахьӡала тамбовтәи аҵааҵлақәа быжьба еиҭарҳаит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амедиахолдинг «ТАТМЕДИА» 16-шықәса ахыҵит.  

«Аԥснымедиа» Роберт Џьопуа «ТАТМЕДИА» аҟынтәи иколлегацәа амедиаеилазаара 16-шықәса ахыҵра инамаданы дрыдныҳәалеит.

«Аԥсныпресс» аусзуҩцәа рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала, Акционертә Еилазаара «Татмедиа» аколлектив  амедиаеилазаара 16-шықәса ахыҵра рыдысныҳәалоит! Зегьы агәабзиара, аизҳазыӷьара, арҿиаратә гәҭакқәа зегьы рынагӡараҿы ақәҿиарақәа рзеиӷьасшьоит!», – ҳәа иазгәеиҭеит Роберт Џьопуа.

Цәыббрамза 21, 2023 шықәсазы «Аԥснымедиеи»  «Татмедиеи» аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Акционертә Еилазаара «Татмедиа» аилазаараҿы иҟоуп 98 инарзынаԥшуа араионтәи ақалақьтәи ареспубликатәи агазеҭқәа,  17 журнал, 19 телеканал, арадиоканалқәа 14, Аинтернет аҳа аҟны 81 саит, аинформациатә агентра «Татар-информ».

Аҟәа. Жьҭаарамза  2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы  иналукааша Аԥсни Урыстәылеи ауаажәларра-политикатә усзуҩ, азиндырратә наукақәа рдоктор, апрофессор Тарас Мирон-иԥа Шамба диижьҭеи   85- шықәса аҵра инамаданы  I Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа «Амилаҭтә зинтә системақәеи ҳаамҭазтәи адунеиеиҿкаареи» аатит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 3 рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

Аиԥылара алахәылацәа аҩганктәи аизыҟазаашьақәа, арегионалтәи жәларбжьаратәи апроблематика иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәараны иҟоуп.

Иара убас, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Аслан Гаглоеви адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоееви злаху х-форматкны иҟоу аиԥылара – Аԥсны-Урыстәыла-Аахыҵ Уаԥстәыла мҩаԥысраны иҟоуп.  

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Валентина Матвиенко Лаша Ашәба аҳәынҭқарратә ныҳәа идылныҳәалеитУА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы  Валентина Матвиенко Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи адепутатцәеи Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идылныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак ахьӡала Шәаргьы шәколлегацәагьы ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи ахьыԥшымреи рымш.

Аԥсны атәылауаа рзы ари арыцхә аҵак ду амоуп, аҳәынҭқарра аҿиареи асуверенитети ирсимволуп. 30 шықәса раахыс ареспублика шьаҿа ӷәӷәала аҭышәынтәалареи аизҳазыӷьареи, ауааԥсыра рыԥсҭазаашьа аиӷтәреи рымҩа иануп.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәарҭоит. Ашәба Лаша Аиааира 30 шықәса ахыҵра амш азы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

Ҳаҭыр зқәу 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!

 

Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар! 

 

 

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш!

1993 шықәса цәыббрамза 30 – ҳара ҳзы аҵак ду змоу рыцхәуп. Аҭоурыхтә ҵакы змоу ари амш иацуп 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ахьанҭара зыжәҩа иқәызхыз рызгәдура.

Ампыҵахаларатә ақыртуа архәҭақәа рҿагыларааан иааԥшит Аԥсны жәлар ргәамчи реидгылареи, ҳаибашьцәа - ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәеи еиуеиԥшым арегионқәа рыҟнытә иааны урҭ иарӷьажәҩаны ирыдгылази рфырхаҵареи ргәымшәареи. 

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра ҟалеижьҭеит 30-шықәса ҵит.  Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.  

Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Иҭахаз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Жәлар Реизара –Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәпалба, аибашьра аветеранцәеи иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.