
pressadmin-2
Аслан Бжьаниа Москва еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара зҵо астудентцәа дырԥылеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь ахь иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Москва еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара зҵо астудентцәа дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Ахада-иотель аконференц-зал аҟны имҩаԥысуаз аиԥыларахь иааит 150 инарзынаԥшуа астудентцәа. Аиԥылара аартуа, Аслан Бжьаниа иазгәе итеит, астудентцәа Урыстәыла аҳҭнықалақь аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра хаҭарнакра шазыруа, дара рҵараҟны ирымоу алҵшәақәеи аихьӡарақәеи рыла Аԥсназы агәаанагара шышьақәгыло. «Иахьа Москва әара ихьыԥшым, исуверентәу аҳәынҭқарра хаҭарнакра азыжәуеит. Аԥсуа жәлар хаҭарнакра рзыжәуеит. Аҵара шышәҵо, шәхымҩаԥгашьа зеиԥшрахо еиԥш, қәҿиарақәас ишәымоу иаҿырԥшны ишьақәгылоит акырџьара ҳапсадгьыл – Аԥсна аганахьала ирымоу азыҟазаашьа. Иреиӷьу урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара ахьышәҵо шәара адырра ҵаулақәа шәоуеит, урҭ аҩныҟа шәаныхынҳәлак, Аԥсны аҿиараҟны хархәара роуеит.
Анаҩс, Ахада аҳәынҭқарра аргылараҟны ихадоу ахырхарҭақәа дрылацәажәеит. Аԥсны аҭоурых иааркьаҿны дналацәажәаны, Аслан Бжьани астудентцәа акырӡа зҵазкуа азҵаара – аԥсуа ҳәынҭқарра аҵакы иазхьаирԥшит.ь «Акыр иаԥсоу астудентцәа! Иахьа уажәраанӡа ҳҿаԥхьа иқәгылоуп аҵак ду змоу азҵаара, уи аҭак ҳара зегьы аӡәа-ӡәала ҳхымҩаԥгашьа ҳәаақәнаҵоит, актәи акурс астудент инаиркны ахада иҟынӡа: изаҳҭахуи ҳара аҳәынҭқарра абриаҟара ахҭынҵаны? Аҭак аҟаҵара агьымариоуп иагьыуадаҩуп – аҳәынҭқарра аԥсуа милаҭ, аԥсуа жәлар аиқәырхара, аҿиара алзыршо мыругоуп. Ари ҳара ҳаҩноуп. Аҩны змам итәы еилкаауп», - иҳәеит Ахада.
Аҳәынҭқарра ахада иара убас иазгәеиҭеит ҳазҭагылоу ҳаамҭазы иҟоу иглобалтәу адунеишьақәгылашьаан аҳәынҭқарратә ргылара апроцесс ахьынӡауадаҩу.
«Аԥсны апостсоветтә наӡааӡараҟны аԥыхра аполитика раԥхьа изнырыз атәылақәа ируакуп – ари ҳтәыла ЕАР алахәцәа рсиаҟны ианыҟам, адоментә хатәы хьӡи аҭелтә коди анамам, абанктәи, аҳазалхратәи, авиациатәи кодқәеи уҳәа убас егьырҭгьы аҳәынҭқаррабжьаратәи аекономикатәи усеицура ирласны амҩаԥгара алзыршо, насгьы изырманшәало, ахарџьқәа еиҳа изырмаҷуа анамам. Аха ҳара иҟам амеханизмқәа рыхәҭак архынҳәра ҳалшеит иҳадгыло, ҳаиашьаратә Урыстәыла алшарақәа ҳацырхырааны» - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада астудентцәа ирзеиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә ргылара стратегиа алхра методикас иҟоу, ҷыдала, иаҵшьны иҳәеит зеиҭашьақәыргылара алымшо ахархәагақәа реиқәырхара иамоу аҵакы, ауаатәҩсатә капитал аҿиара аԥыжәара шамоу атәы.
Аслан Бжьаниа астудентцәа адырра риҭеит аҳәынҭқарратә аппарат аусура ахаҭабзиара аиӷьтәра шаҭаху, иара аусура ахырхарҭа амилаҭтә економикеи, аинвесторцәеи, ауаажәларреи рмаҵзура иадҳәалазар шакәу. Убри аан, Ахада игәаанагарала, аҳәынҭқарра аргылараҿы ахадаратә ҭыԥ ааннакылоит аԥсуа жәлар иуникалтәу рҷыдарақәа.
Аслан Бжьаниа Москва еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара зҵо астудентцәа дырԥылеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь ахь иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Москва еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара зҵо астудентцәа дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Ахада-иотель аконференц-зал аҟны имҩаԥысуаз аиԥыларахь иааит 150 инарзынаԥшуа астудентцәа. Аиԥылара аартуа, Аслан Бжьаниа иазгәе итеит, астудентцәа Урыстәыла аҳҭнықалақь аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра хаҭарнакра шазыруа, дара рҵараҟны ирымоу алҵшәақәеи аихьӡарақәеи рыла Аԥсназы агәаанагара шышьақәгыло. «Иахьа Москва әара ихьыԥшым, исуверентәу аҳәынҭқарра хаҭарнакра азыжәуеит. Аԥсуа жәлар хаҭарнакра рзыжәуеит. Аҵара шышәҵо, шәхымҩаԥгашьа зеиԥшрахо еиԥш, қәҿиарақәас ишәымоу иаҿырԥшны ишьақәгылоит акырџьара ҳапсадгьыл – Аԥсна аганахьала ирымоу азыҟазаашьа. Иреиӷьу урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара ахьышәҵо шәара адырра ҵаулақәа шәоуеит, урҭ аҩныҟа шәаныхынҳәлак, Аԥсны аҿиараҟны хархәара роуеит.
Анаҩс, Ахада аҳәынҭқарра аргылараҟны ихадоу ахырхарҭақәа дрылацәажәеит. Аԥсны аҭоурых иааркьаҿны дналацәажәаны, Аслан Бжьани астудентцәа акырӡа зҵазкуа азҵаара – аԥсуа ҳәынҭқарра аҵакы иазхьаирԥшит.ь «Акыр иаԥсоу астудентцәа! Иахьа уажәраанӡа ҳҿаԥхьа иқәгылоуп аҵак ду змоу азҵаара, уи аҭак ҳара зегьы аӡәа-ӡәала ҳхымҩаԥгашьа ҳәаақәнаҵоит, актәи акурс астудент инаиркны ахада иҟынӡа: изаҳҭахуи ҳара аҳәынҭқарра абриаҟара ахҭынҵаны? Аҭак аҟаҵара агьымариоуп иагьыуадаҩуп – аҳәынҭқарра аԥсуа милаҭ, аԥсуа жәлар аиқәырхара, аҿиара алзыршо мыругоуп. Ари ҳара ҳаҩноуп. Аҩны змам итәы еилкаауп», - иҳәеит Ахада.
Аҳәынҭқарра ахада иара убас иазгәеиҭеит ҳазҭагылоу ҳаамҭазы иҟоу иглобалтәу адунеишьақәгылашьаан аҳәынҭқарратә ргылара апроцесс ахьынӡауадаҩу.
«Аԥсны апостсоветтә наӡааӡараҟны аԥыхра аполитика раԥхьа изнырыз атәылақәа ируакуп – ари ҳтәыла ЕАР алахәцәа рсиаҟны ианыҟам, адоментә хатәы хьӡи аҭелтә коди анамам, абанктәи, аҳазалхратәи, авиациатәи кодқәеи уҳәа убас егьырҭгьы аҳәынҭқаррабжьаратәи аекономикатәи усеицура ирласны амҩаԥгара алзыршо, насгьы изырманшәало, ахарџьқәа еиҳа изырмаҷуа анамам. Аха ҳара иҟам амеханизмқәа рыхәҭак архынҳәра ҳалшеит иҳадгыло, ҳаиашьаратә Урыстәыла алшарақәа ҳацырхырааны» - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада астудентцәа ирзеиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә ргылара стратегиа алхра методикас иҟоу, ҷыдала, иаҵшьны иҳәеит зеиҭашьақәыргылара алымшо ахархәагақәа реиқәырхара иамоу аҵакы, ауаатәҩсатә капитал аҿиара аԥыжәара шамоу атәы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихраҿа агаразы аҽырыҩрақәа мҩаԥысуеит Бзыԥтәи аипподром аҿы.
Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Бзыԥтәи аипподром аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихраҿа агаразы аҽырыҩрақәа мҩаԥысуеит. Аицлабрақәа рымш апрограмма аҿы иарбоуп 1000, 1200, 1600 (2 ҽырыҩрак), 2000, 2400, 3200 метра рҟынӡа инаӡо адистанциақәа рыла быжь-ҽырыҩрак.
Аҽырыҩрақәа рнаҩс аҽыбӷаҟазацәа ахәаԥшцәа иддырбоит аҽылашьапылампыли аҵәеигәыдҵареи реиԥш иҟоу аҽыспорттә еиндаҭларақәа рҿы рҟазара.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала Хомс ақалақь аҿы имҩаԥгаз атеррористтә жәылара инадҳәаланы адашшылара ҟанаҵеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала Хомс ақалақь аҿы имҩаԥгаз атеррористтә жәылара инадҳәаланы адашшылара ҟанаҵеит.
Адашшылараҟны иаҳәоит:
«Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәыӡбоит Хомс ақалақь аҿы арратә коллеџь иазырхаз атеррористтә акт. Гәалсра дула ирыдашшылоит Шьамтәылатәи Арабтә республика аиҳабыра, ажәлар, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи. Ахәрақәа змоу иаарласны агәабзиара рзеиӷьаҳшьоит», - ҳәа иаҳәоит адышшыларатә шәҟәы аҿы.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ихраҿа агаразы аҽырыҩраҿы аиааира агеит аҽыбӷаҟаза Алим Батуев дзықәтәаз аҽыҩ «Радеда».
Аҟәа. Жьҭаармза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿытә спорт азы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихраҿа» агаразы атурнир мҩаԥысит жьҭаарамза 8 рзы Бзыԥтәи аипподром аҿы.
Аҽыбӷаҟазацәа еиуеиԥшым адистанциақәа рҿы быжь-еиԥхныҩларак мҩаԥыргеит, иара убас аҵәеигыдҵара, аҽытә шьапылампыл, уҳәа аицлабрақәа мҩаԥган, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Аусмҩаԥгатә 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аҽытә спорт аспортсменцәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала иалагеит.
1000 метрак рҟынӡа инаӡоз адистанциала аиԥхныҩлараҿы ҩы-шықәса зхыҵуа, ашьацқьа злоу, Аԥсны ииз аҽыҩқәа рыбжьара, Асовет Еидгыла аспорт азҟаза Иури Бараҭелиа игәалашәара азы аԥхьахә агаразы аицлабраҿы раԥхьа иааит аҽыбӷаҟаза Михаил Симанкин дзықәтәаз «Принцесса» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ. Аҽы аԥшәма – Ахиллес Ашәба; аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза Ҭемыр Чхабелиа дзықәтәаз, «Виторгана» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ. Аҽы аԥшәма – Дауҭ Дасаниа. Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыбӷаҟаза Иури Озган дзықәтәаз, «Терс» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ. Уи аԥшәма – Ахра Нодиа.
Аԥхьахәтә фонд – 100 нызықь мааҭ.
1200 метра рҟынӡа инаӡо адистанциала аиԥхныҩлараҿы ҩы-шықәса зхыҵуа, ашьацқьа злоу, Аԥсны ииз аҽыҩқәа рыбжьара, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Иаԥхьахә агаразы аицлабраҿы зегьы раԥхьа иааит аҽыбӷаҟаза Иури Озган дзықәтәаз, «Аԥсила» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, аԥшәма –Ҭенгиз Ԥлиа; аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит аҽыҩӷаҟаза Џьубеи Аҩӡба дзықәтәаз «Родина» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, аԥшәма – Беслан Барганџьиа; ахԥатәи аҭыԥ аннакылеит аҽыбӷаҟаза Витали Агрба дзықәтәаз, «Валда» ҳәа ахьӡ ҷыда змоу аҽыҩ, аԥшәма – Ислам Арӡынба.
Аԥхьахәтә фонд – 150 нызықь мааҭ.
Даур Ақаҩба адирижиор Давид Терзиан 50-шықәсатәи ииубилеи идиныҳәалеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура аминистр Даур Ақаҩба Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр адирижиор Хада, Аԥсны жәлар рартист Давид Терзиан 50-шықәсатәи ииубилеи инамаданы дидныҳәалеит.
Иара аиубилиар агәабзиареи арҿиаратә қәҿиарақәеи изеиӷьаишьеит.
«Шәара шәнапхгарала акамертә оркестр – Аԥсны агәадураны иҟалеит. Зыквалификациа ҳараку апрофессионалцәа аус ахьыруо, арепертуар ду змоу аоркестр, ари зегьы шәусура ламысцқьала азнеира иабзоурахеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Даур Ақаҩба.
Аминистр Аԥсны асимфониатә оркестр ду шеи-ҭарҿиахо, уи ареспублика ахьӡ шыҭнаго азы агәыӷра ааирԥшит.
Давид Терзиан аминистр адныҳәаларазы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.
Аԥсны иалагеит ҭагалантәи аррахь ааԥхьара.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иалагеит ҭагалантәи аррахь ааԥхьара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аофициалтә саит. Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа инақәыршәаны, жьҭаарамза 1 инаркны арратә маҵзура ахь ааԥхьара рыҭахоит арратә ԥхьатәара иҟам, арратә уалԥшьа анагӡара иаҵанакуа, 18 шықәса инаркны 27шықәсанӡа зхыҵуа Аԥсны атәылауаа.
Аррахь ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, аҩныҵҟати аусқәа Рминистрра, агәабзиарахьчара Аминистрра, аҵара Аминистрра.
Аслан Бжьаниа Ареспублика Башкортосҭан Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәраны дыҟоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жьҭаарамза 11 рзы Ареспублика Башкортосҭан Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәраны дыҟоуп.
Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 6., 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадара Ахеилак изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥигеит, ирылацәажәеит адәныҟатәии аҩныҵҟатәии аполитика азҵаарақәа.
Жәҩык арҵаҩцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭырҭә хьӡы рыхҵоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭырҭә хьӡы рыхҵоуп жәҩык арҵаҩцәа.
Аусԥҟа инақәыршәаны, арҵаҩратә усураҟны рлагалеи, арҵареи, еизҳауа абиԥара реиҵааӡареи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп: