Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет амиссиа ахада Чынгыз Раиымбековеи Кавказ иахьаҵанакуа хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара азҵаарақәа рзы Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет ахаҭарнак Аниес Котуи идикылеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит аҿы.
Амиссиа ахада лаҵарамза 29 рзы Сҭампыл ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу хганктәи акоординациатә механизм изаамҭанытәиу аилатәара аламҭалазы имҩаԥысуа ари аиԥылара иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аниес Коту аԥыза-министр аҵыхәтәантәи жәымз рыҩныҵҟа 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара аганахьала имҩаԥгаз аусура атәы изеиҭалҳәеит.
Лара иазгәалҭеит хабарда ибжьаӡыз анышә иамадахар ахьалшо аҭыԥқәа рыԥшаара аганахьала аихьӡарақәак шыҟоу азгәалҭеит. Уи азы аинформациа зегьы Аԥсны аҭыԥантәи амчра аусбарҭақәа рахь инашьҭуп. Ҭыԥқәак рҿы аусурақәа ирылагахьеит.
Аниес Коту аԥыза-министр диҿцәажәо, Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа зегьы аԥшаара апроцесс иадыԥхьалазарц азы иалшо зегьы шыҟанаҵо, насгьы иконкрету алҵшәақәа шыҟало азы агәыӷра шрымоу азгәалҭеит.
Алеқсандр Анқәаб Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет ахаҭарнакцәа Амиссиа ареспублика аҿы имҩаԥнаго аусура азы иҭабуп ҳәа раҳәо Аԥсны анапхгара аганахьала ганрацәалатәи ацхыраара иазхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Ҳара ҳзы Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа аус ацура аҵак ду амоуп. Атәыла анапхгара шықәсырацәалатәи ҳусеицура ацҵара иазҿлымҳауп, аиҳарак, аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ауаа рыԥшаара аганахьала. Иаҳдыруеит, Амиссиа ари аусура ахшыҩзышьҭра ду шанаҭо, уаанӡа ишьақәырӷәӷәаз аформатқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраареи адгылареи рыҟаҵара ҳазхиоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.