Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿы Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит.
Уи рхы аладырхәит еиуеиԥшым ажанрқәа рартистцәеи арҿиаратә коллективқәеи. Амҳаџьыраа рытрагедиа иқәгылара азикит Аԥснытәи адраматә театр актиор Даур Арухаа. Иара Рушьбеи Смыр ипоема «Семра» ацыԥҵәахеи Баграҭ Шьынқәба аԥсуа бызшәахьы еиҭеигаз Гьаргь Чачба ԥсра зқәым иажәеинраалеи «Уарада» даԥхьеит.
Сариа Аиба ашәа «Атәым жәҩан аҵаҟа» налыгӡеит.
Еизаз минуҭктәи аҿымҭрала Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит.
Авокалтәии ахореогафиатәи аномерқәеи Оҭар Хәынцаиа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркетр инанагӡоз амузыкатә композициақәеи ахәаԥшцәа идырбан.
Амҳаџьырааи аԥсадгьыли ирызку ашәақәа наигӡеит Омар Сангәлиа.
Баграҭ Шьынқәба иажәеинраала ала акомпозитор Иван Лакрба ииҩыз амҳаџьыраа ргарашәа «Шьышь нани» нарыгӡеит Аԥсны жәлар ратистцәа Виолетта Маани Лиудмила Гәымбеи.
Ильда Кәычбериа Дырмит Гәлиа изкны Миха Лакрба иажәеинраалала иҩыз ашәа налыгӡеит. Ари ашәа сынтәа ҷыдала амҳаџьыраа ргәалашәара ахәылԥаз азы иҩын.
Аԥсны Ауаажәларратә Палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба амҳаџьыраа ргәалашәара иазкны Аԥснытәи адраматә театр аҿы 1990 шықәсазы имҩаԥгаз ахәылԥаз лгәалалыршәеит.
«Азал аҿы еизеит хыԥхьаӡара рацәала аҿар. Ус ргәырҽанӡамкәа алашара ыцәеит. Игеит Виолета Маан иссиру лыбжьы. Лара амҳаџьыраа ргарашәа «Шьышь наани» аҳәара далагеит. Азал уи лыцырҳәо иалагеит. Уи угәы амԥшаар ауамызт, угәаҵанӡа инеиуан, еиуеиԥшым ацәаныррақәа узцәырнагон», – ҳәа илҳәеит лара.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз асцена ахь ихаргалеит амҳаџьырра иахҟьаны Аԥсны ааныжьны ихҵәаны ицаз ажәлақәа рыжәла-шьҭратә символқәа зну абираҟқәа.
Анаҩс аҿар абираҟқәа кны атеатр аҿаԥхьа иҟоу аплошьад ахь идәылҵит. Уаантәи Амҳаџьырқәа рбаҟа аҟынӡа, аԥсуеи адыгеи бираҟқәеи аҵәыџьмцеи кны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаратә мшы иалахәыз рыиасра иацлеит.