АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Лаҵара.2024

Аҟәа ақалақь аҿы Кавказтәи аибашьраан иҭахази амҳаџьырра иагаз ашьхарыуа жәларқәа рхаҭарнакцәеи ргәаладыршәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Кавказтәи аибашьраан иҭахази амҳаџьырра иагаз ашьхарыуа жәларқәа рхаҭарнакцәеи ргәаладыршәеит. Лаҵарамза 21, 2024 шықәса рзы 160 шықәса ҵит Аурыс-Кавказтәи еибашьра нҵәеижьҭеи. Ари аибашьра иахҟьаны XIX ашәышықәсазы зықьҩыла аԥсуаа Рыԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылеи Ааигәа Мрагылара еиуеиԥшым атәылақәеи рахь ихҵәаны имцар ада ԥсыхәа рмоуит.

Ахәылбыҽха Ҭырқәтәыланӡа изымнаӡази уаҳа зышьҭахьҟа изымхынҳәызи рыхьӡала агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҟынтәи Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу амҳаџьыраа ргәалашәара абаҟа аҟынӡа аҿар аԥсуеи адыгеи бираҟқәеи аҵәыџьмцеи кны рықәсрала иалагеит.

Аԥснытәи адраматә театр аҿы еизаз идырбан атеатралтә қәгылара.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб,  Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба,  Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз амҳаџьыраа рхылҵышьҭрақәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа, ақалақь ауааԥсыра, асасцәа Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҿы игылоу амҳаџьараа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкны Амҳаџьырқәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа анышьҭарҵа ашьҭахь Нарҭаа рымца еиқәырҵеит, агәалашәаратә цәашьы «Ашьамаҟа» адыркит.

Агәалашәаратә церемониа ашәҭрқьақьақәа амшын рыхҵарала ихыркәшахеит.

Уаанӡа ари амш азгәарҭон лаҵарамза 31 рзы, аха  2011 шықәса инаркны уи лаҵарамза 21 рзы иазгәарҭоит.  

Лаҵарамза 31, 1990 шықәса рзы Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы ишьақәдыргылеит агәалашәаратә хаҳә. Цәыббраза, 2010 шықәса рзы ахаҳә аҭыԥан аԥснытәи амҳаџьрцәа –  XIX ашәышықәсазы имҩаԥысуаз Кавказтәи аибашьра ду иалаӡыз ргәалашәара азы абаҟа дыргылеит. Абаҟа аџьаз иалху аҽыҩи аҽыуаҩи рсахьа аанарԥшуеит. Аҽыуаҩ хыхь ишьҭыху анапи иҭаҷкуми аиҭарҿиара ашьҭазаара ауп иаанаго.  Аскульптура автор – еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхыҩ, аскульптор Геннади Лакоба. 

Аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа иахьа адунеи 50 тәыла рҟны инхоит. Реиҳараҩык — Ҭырқәтәыла. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа мҳаџьырцәа рхылҵышьҭрақәа, XIX ашәышықәса,  80-тәи ашықәсқәа рзы аҭырқәа ӷбақәа зықьҩыла аԥсуаа ахьыӡхыргоз аҭыԥ, Қефқен аҳабла азааигәара амшын аԥшаҳәа аҿы есышықәса ашәҭ шьыҵәрақәа ааганы ишьҭарҵоит.

Амҳаџьыраа  реиҳараҩык аҳаԥқәа рҿы инхар акәхон. Араҟа реиҳараҩык ахьҭеи амлеи аҿкы чымазарақәеи ирыхҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит. Аха акыр амыҟәмабарақәа рыхганы ирулакгьы зыԥсы еиқәхазгьы ҟалеит, урҭ ирылшеит иагьа иуадаҩзаргьы ҿыц атәым жәҩан аҵаҟа анхара алагара. Кефқен иҟоуп аҭоурыхтә аԥсуа ԥсыжырҭа. Уи иара убас «арашҵлақәа зхагылоу аԥсыжрҭа» ҳәагьы иашьҭоуп. Аԥсуаа Ҭырқәтәыла ишаанхазгьы, ишьақәгылаз аҭоурыхтә ҭагылазаашьа ӷәӷәала адраматә ҟазшьа шаҵазгьы, ирылшеит рбызшәа, рытрадициақәа, рымҭышьҭратә нхашьа, рмилаҭтә ҟазшьаҷыдара, рменталитет аиқәырхара. Ауаа аландшафт ала Аԥсны иаанрыжьыз рқыҭақәа иеиԥшу аҭыԥқәа рҿы анхара рҽазыршәон. Ҭаацәацыԥхьаӡа, биԥарак аҟынтәи даҽа биԥарау ашҟа ииасуеит рҭоурыхтә Ԥсадгьыл ахь, Аԥсныҟа ахынҳәра  азы агәазыҳәара.

 

 

 

 

 

 

 


Read 153 times - Асабша, 25 Лаҵара 2024 19:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.