АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Лаҵара.2024

Гагра ақалақь аҿы Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 21 рзы Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа еиԥш, Гагра ақалақь аҿгьы Кавказтәи аибашьра иалаӡыз – амҳаџьыраа ргәаладыршәеит.

XIX ашәышықәсазы аԥсуаа еидкыланы мчыла Османтәи аимпериа ахь рахгара раԥхьа иахьыҟала амшын иаԥныз аҵакырақәа рҿы ауп. XIX ашәышықәса раԥхьатәи ажәашықәсақәа рзы иҭацәит Гагра, Аҟәа, Гәылрыԥшь араионқәа, анаҩс атәыла егьырҭ араионқәагьы ҭацәуа иалагеит.  Амҳаџьарра иақәшәеит аԥсуа жәлар рыдагьы урҭ хылҵышьҭрала ирзааигәоу  ажәларқәагьы: ачеченцәа, ауаԥсаа, даӷьсҭанаа, уҳәа убас егьырҭгьы. Амҳаџьырра иахҟьаны зынӡа иқәӡааит аубла жәлар.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә асааҭ 18:00 рзы Агаҿатә парк аҿы аҿар аԥсуеи адыгеи бираҟқәеи аҵәыџьмцеи кны рықәсрала иалагеит.   Ашколхәыҷқәа Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рымаҭәа рышәҵаны амҳаџьыраа рбаҟа аганахьала идәықәлеит.

Гагра араион Ахадара анапхгаҩцәа, арҵаҩцәа, аҳәынҭқарратә струтурақәа русзуҩцәа, ашколхәыҷқәа, астудентцәа, арепатриантцәа, ақалақь асасцәа амҳаџьыраа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Иара уааҵәҟьа амитинг мҩаԥысит. XIX ашәышықәазы имҩаԥысуаз атрагетиатә хҭысқәа ирызкын еиҿкааз афотоцәыргақәҵагьы.

Амитинг ашьҭахь амшын аҟәара аҿы ари атрагедиатә рыцхә иацу алахьеиқәҵареи агәаҟреи аԥсадгьыл агәхьаагареи рсимволра зуа амца ду еиқәырҵеит.  

 

 


Read 127 times - Амҽыша, 26 Лаҵара 2024 13:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.