Аҵарадырреи анаукеи акультуреи аинформациатә политикеи рзы Алада Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа акомитет алахәылас иҟоу Левон Галустиан иара иколлегацәа зыдгалара мҩаԥыргаз аинциативақәа рыхәаԥшра ихы алаирхәит. Иарбоу аинициативақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан азеиԥшҵараиурҭақәа рҿы ахәыҷқәа рыкрыфара аиҿкаареи амшьамбатә лагерқәа рзы ахархәара зауа ирласны ишьақәыргылахо аконструкциақәа рыла иргылахо аобиектқәа рахь азԥхьанҵақәа реиқәыршәареи рганахьала анормативтә еиҿкаара, иара убас ибжьаратәу азанааҭтә ҵараиура апрограммақәа рыла ахықәкытә ҵара ахь адкылара, арҵагашәҟәқәа, ашәҟәыҭрақәеи аиҵбыратә классқәа рҿы итәоу рзы ашәырақәеи ршәарҭадара анормақәа рықәныҟәареи, уҳәа убас ирацәаны азҵаарақәа.
Нарсоу Салаҟаиа асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи рзы Алада Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа (ЮРПА) Акомитет аилатәара ихы алаирхәит. Акомитет аҭаацәа рыхьчара, абреи анреи ахәыҷреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа, атәанчаҩратә закәанԥҵара аиӷьтәра, агәабзиарахьчара асистема акадртә еиқәыршәара, аҳәынҭқарратә социалтә цхыраара аҟаҵара, акьыбачымазара змоу атәылауаа хәшәыла реиқәыршәара азҵаара, уҳәа убас егьырҭ азҵаарақәагьы рыла аԥшьгарақәак рыла аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Вахтанг Голанӡиа дызлахәыз аграртә зҵаарақәеи аԥсабарахархәареи рзы Алада Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Акомитет аилатәара аҿы адепутатцәа иахәаԥшит, адгыларагьы арҭеит аԥшьгарақәеи ааԥхьарақәеи жәпакы. Урҭ аӡытәи абнатәи аизыҟазаашьақәа, ҷыдала ахьчара иаҵанакуа аԥсабаратә ҵакырақәа, аԥсыӡкра аусхкы, хылаԥшрада иаанхаз ақыҭанхамҩатә ԥстәқәа, апистицидқәеи агрохимиатә маҭәашьарқәеи реикәыршара, иҷыдоу ажәлааӡаратә зонақәа рганахьала аҳәынҭқарратә хылаԥшра амҩаԥгара, шамахамзар уаҳа џьара иуԥымло, аиаӡаара ашәарҭара иҭагылоу адгьыл ԥсылақәа рыхьчареи арыцтә ҵиаақәа аазрыхуа адгылара рыҭареи абылтәи адизельтә былтәи рыхәԥса аҭышәынтәалареи уҳәа ирыдҳәаланы анорма-зинтә шәҟәынҵақәа реиқәыршәареи рыдкылареи ахымԥадатәра иадҳәалоуп.