
pressadmin-2
Аслан Бжьаниа Хомс ақалақь аҿы иҟалаз атеррористтә акт инамаданы Башар Асад дидышшылеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Хомс ақалақь аҿы иҟалаз атеррористтә акт инамаданы Башар Асад дидышшылеит.
«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Зыԥсадгьыл ахьчаразы иҩагылаз аҿари зхыԥхьаӡараҿы аҳәсеи акагьы зхарамыз ахәыҷқәеи ыҟаз аҭынч уааԥсыреи рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз ари агәымбылџьбаратә акт авторцәеи анагӡаҩцәеи ӷәӷәала ирықәыӡбоит.
Аслан Бжьаниа Рашид Нургалиев иира Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев иира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Рашид Гумар-иԥа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәира Амш! Шәара шәыԥсҭазаара аофицер гәымшәа изы иҿырԥшыганы иҟоуп. Еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыҟны Шәара ҭакԥхықәра дула шәрызнеиуан шәнапы ианыз аҳасабтәқәа, есқьынгьы алҵшәа дуқәа раарԥшра шәылшон. Шәара шәҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчара шәшазыҟоу, шәыпрофессионализм, азҵаарақәа рыӡбараҟны хьаҳәа-ԥаҳәарада аус шәазнеишьа хамеигӡарада Аԥсадгьыл амаҵзуразы иҿырԥшыга бзиоуп. Иара убри иабзоураны Шәара Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟа еиԥш уи анҭыҵгьы ахьӡ-аԥша шәҽаԥсашәтәит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Иирамш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Иирамш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә текст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!
Милаҭрацәала еилоу Аԥсны жәлари Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгареи рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәира Амш.
Шәара аиашазы, адунеитә мҽхаки аҭоурыхтә ҵаки змоу ԥхьагылаҩуп. Шәара шәнапхгарала Урыстәыла адунеии ашәарҭадареи, ихадоу жәларбжьаратәи азинқәа рыпринципқәеи рыхьчараҟны иналукааша ароль назыгӡо, Мчызмоу тәылак аҳасабала аиҭеира алшеит.
Акультура аминистр Даур Ақаҩба Давид Терзиан ииубилеи идиныҳәалеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 7 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр адирижиор Хада, Аԥсны жәлар рартист Давид Терзиан 50-шықәса ихыҵуеит.
Акультура аминистр Даур Ақаҩба Давид Терзиан ииубилеи идиныҳәалеит.
«Иналукааша, ганрацәала иҟоу шәҟыбаҩ, шәусуралшара ду, шәыԥсҭазаара здышәҳәалаз шәусура ламысла анагӡара, Шәара шәзанааҭ аҿы ақәҿиара дуқәа шәзаанагеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москва ақалақь аҿы дыҟоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москва ақалақь аҿы дыҟоуп. Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи аекспорттә Центр даҭааит, иара убас УАеЦ адиректор Хада Вероника Никишина дылԥылеит.
Иахьаҵәҟьа, Урыстәылатәи Аекспорттә Центри Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аԥсни Урыстәылеи ахәаахәҭратәи аекономикатәи реизыҟазаашьақәа арӷәӷәара аусхкы аҿы русеицура ихадоу аформақәеи ахырхарҭақәеи аҭагылазаашьақәеи алызкаауа аилибакааразы амеморандум рыбжьарҵеит.
Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Вероника Никишинеи Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани.
Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны Афырхаҵа, ИТАР-ТАСС афотокорреспондент Андреи Соловиов имемориалтә ӷәы шьақәдыргылеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Аинрал В. Аршба имҩала игылоу аҩны №47 ахаҿратә ган аҿы, Аԥсны Афырхаҵа, ИТАР-ТАСС афотокорреспондент Андреи Соловиов дахьҭахаз аҭыԥ азааигәара амемориалтә ӷәы шьақәдыргылеит. Андреи Соловиов В.Аршба имҩеи В.Арӡынба имҩеи (ԥыхьатәи Октиабртәи Кирови рымҩақәа) реихысырҭа аҿы ақырҭуа снаипер ихы дагеит. Уи ҟалеит цәыббрамза 27, 1993 шықәсазы, Аԥсны аминистрцәа Реилазаара ахыбра ақырҭуа еибашьцәа рҟынтәи ахақәиҭтәраан.
Иара абраҵәҟьа, аҩны азааигәара иаартын Андреи Соловиов Аԥсны иҟаиҵаз иусумҭақәа рфотоцәыргақәҵа.
Амемориалтә ӷәы аартра арыцхә алхра машәыршақә иҟамлаӡеит. Жьҭаарамза 7 рзы Андреи Соловиов иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 70 шықәса.
Андреи Соловиов игәалашәара анаунагӡатәра апроект нагӡан Аԥсны ажуналистцәа Реидгыла ала. Убри аан ацхыраара ҟанаҵеит Аҟәа ақалақь Ахадареи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакреи.
Агәалашәаратә ӷәы аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, ТАСС арегионалтә жәабжьқәа рредакциа анапхгаҩы Андреи Цицинов, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, Аҟәа ақалақь ахыда ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ажурналистцәа.
Амитинг ааиртит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг. Уи еизаз зегьы, Аԥсны Афырхаҵа, афотокорреспондент Андреи Соловиов игәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәа зхы алазырхәыз, иара убас амемориалтә ӷәы ашьақәыргылара азы аидеиа анагӡараҿы ацхыраара ҟазҵаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Ари иҳаҩсыз жәамш рыла аҩбатәи усмҩаԥгатәуп. Андреи Соловиов иԥсра амш мышкы шагыз, цәыббрамза 26 рзы, Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы ҳара имҩаԥаагеит абри афотоцәыргақәҵеи агәалашәара ахәылԥази. Аибашьраан уи дызбахьаз, иҿцәажәахьаз зегьы иара идҳәалаз аҭоурыхқәа еиҭарҳәон», - ҳәа иҳәеит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
Адреи Соловиов дшыргәалашәо атәы еиҭарҳәеит ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи арратә оператор Гарри Арсҭааи.
Сергеи Шамба ИТАР-ТАСС афотокоррепондент иҭахара асакралтә ҟазшьа аман ҳәа иазгәеиҭеит. Уи ашьҭахь сааҭк мҵыҵкәан абылра иаҿыз аминистрцәа Реилазаара ахыбра иахашәыршәырит Аԥсны абираҟ.
Агәаҭарақәа раан 197 цыра амаининг-аппаратқәа рымхра мҩаԥысит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Наӡаӡе амҩала, ԥыхьатәи аҭаҭынтә фабрика иахьаҵанакуа, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәа рыцны аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан аус зуаз амаининг-ферма рыԥшааит.
Афымцацәаҳәақәа ирҿакын акриптовалиута арҳара иазку 146 аппарат. Изакәанымкәа ахархәара зауаз афымцамч амчхара 292 кВт/с. рҟынӡа инаӡоит
Иарбоу аиқәыршәагақәа рыԥшәма, Гәдоуҭа араион Жәандәрыԥшь ақыҭан инхо Аршба Таир Владимир иԥа иганахьала административтә зинеилагара азы аԥкаанҵа еиқәыршәоуп. Акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рымхра мҩаԥгоуп. Урҭ аамҭалатәи ашьҭаҵарҭахь инагоуп.
Ҭеимураз Хишба Амилаҭтә туристтә еилазаара атрансферқәа рмашьынарныҟәцаҩцәа аџьшьаратә шәҟәқәа ранеишьеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба Амилаҭтә туристтә еилазаара атрансферқәа рныҟәцаҩцәа Гагра араион аҿы аԥсабаратә рыцҳара аныҟала аамҭазы атранспорттә еиқәыршәара ахьалдыршаз азы аџьшьаратә шәҟәқәа ранеишьеит.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра ажурналист ҿарацәа рконкурс «Взгляд - 2023» алахәхаразы азыҳәамҭақәа рыдкылара иалагеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра ажурналист ҿарацәа рконкурс «Взгляд - 2023» алахәхаразы азыҳәамҭақәа рыдкылара иалагеит.
Аконкурс рхы аладырхәыр рылшоит:
– аконкурс алахәхаразы азыҳәамҭа алаҵара аамҭазы 18 шықәса зхыҵхьоу ахаҿқәа;
– ареспубликатә акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа, аинтернет амассатә информациа ахархәагақәа, аинформациатә агентрақәа рҿы аус зуа ажурналистцәа, аблогерцәа, афотокорреспондентцәа, иара убас апрофильтә ҵараиурҭақәа рыстудентцәеи егьырҭ акатегориақәа ирыҵанакуа атәылауааи;
Аконкурс ахь ирыдыркылоит 2023 шықәсазы ареспубликатә ҭыжьымҭақәа, амассатә информациа ахархәагақәа ринтернет-саитқәа, мамзаргьы аинформациатә агентрақәа рҿы икьыԥхьыз аусумҭақәа, 2023 шықәсазы иҟаҵаз аблогқәа рматериалқәа, иара убас икьыԥхьымызгьы уахь иналаҵаны.
Акомедиа «Миллионк аӷьычразы иҟаҵатәузеи» афырхацәа аԥсышәала ицәажәеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Еицырдыруа асахьаркыатә фильм «Миллионк аӷьычразы иҟаҵатәузеи» афырхацәа аԥсышәала ицәажәараны иҟоуп.
«Ҳара ҩ-сериак змоу аԥштәы змоу асахьаркыратә фильм «Миллионк аӷьычразы иҟаҵатәузеи» адублиаж аҟаҵара хҳаркәшеит. Афильм аҿы арольқәа рыбжьы ахырҵеит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр актиорцәеи Аҿартә театр актиорцәеи – Роман Сабуа, Адгәыр Џьениа, Фрида Леиба, Гарик Аџьынџьал, уҳәа егьырҭгьы», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажо иҳәеит акинорежиссиор Виачеслав Аблоҭиа.
Уажәы асериарацәазмоу амультипликациатә фильм «Лео и Тиг» адублиаж иадҳәалоу аусура мҩаԥысуеит. Уи рхы аладырхәуеит 14-ҩык актиорцәа. Аԥсышәала атекст еиҭеигоит Виачеслав Аблоҭиа, аматериал аредакциа ҟалҵоит Гәында Кәыҵниа.
«Миллионк аӷьычразы иҟаҵатәузеи» - арежиссиор Уилиам Уаилер икомедиатә фильм ауп. Ароль хадақәа нарыгӡоит – Одри Хепберни Питер О'Тули. Афильм ҭыхын 1966 шықәсазы акинокомпаниа World Wide Productions (ЕАА) аҿы.
«Лео и Тиг» — урыстәылатәи анимациатә ахәыҷтәы сериал ауп. Уи аԥҵан анимациатә студиа «Паровоз» аҿы.