АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Абҵара.2023

Апроект «Аинвалидра змоу ахәыҷқәа рреабилитациа азы ҳаамҭазтәи аеффективра злоу аметодқәа» Аԥсны анагӡара алыршахоит.

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 12 – 16, 2023 шықәсазы аинвалидра змоу ахәыҷқәа рыцхырааразы агәыҳалалратә фонд  «Движение вверх» (ақ. Москва, Урыстәыла) амедицинатә реабилитациа ацентр «Экзарта» (ақ. Нижни Новгород, Урыстәыла), иара убас  амедицнатә реабилитациа азы Жәларбжьаратәи академиа рыцхыраарала Аԥсны имҩаԥгахоит асоциалтә ҵакы змоу аҵаратә проект «Аинвалидра змоу ахәыҷқәа рреабилитациа азы ҳаамҭазтәи аеффективра злоу аметодқәа» анагӡара мҩаԥгахоит.

«Апроект ҷыдала Аԥсны амедицинатә еилазаара ахаҭарнакцәа рзы  еиқәыршәоуп, уи аинвалидра змоу ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи  амедицинатә цхыраара рыҭареи аԥышәеи адыррақәеи рыла аимадареи иазырхоуп», – ҳәа иазгәаҭоуп апроект апресс-релиз аҿы.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны алекциақәа, амастер-классқәа, иара убас аҳақьымцәа рзы еиԥш аинвалидра змоу ахәыҷқәа рҭаацәеи рзы хазхаҭалатәи аконсультациақәа рымҩаԥгара азԥхьаҵәаҭоуп.  

Урҭ мҩаԥыргалоит амедицинатә реабилитациа иазку Урыстәыла иреиӷьу ацентрқәа иреиуоу ацентр аспециалистцәеи аекспертцәеи.   

Апроект аусмҩаԥгатәқәа Ҵандрыԥшь аҳаблеи Аҟәа ақалақьи рҿы имҩаԥыслоит.

«Апроект иалаху маха-шьахалатәи ареабилитациатә медицина, ареабилитациа азы аспециалистцәа рылшарақәа, иара убас ахәыҷы иреабилитациа аҿы уи иҭаацәа рыпсихологиатә ҭагылазаашьа инанагӡо ароль атәы еилыркаауеит», - ҳәа иазгәаҭоуп апроект апресс-релиз аҿы.

Апроект алахәхара –  ареабилитациа аусхы аҿы аекспертцәа, апсихологцәа, амедицинатә ҵараиурҭақәа рыстудентцәа, аинвалидра змоу ахәыҷқәа рҭаацәа рыбжьара ҳаамҭазтәи ареабилитациа аметодқәа рзы актуалра злоу азҵаарақәа рыла адискуссиақәа рымҩаԥгареи ԥышәала аимадареи рзы ауникалра злоу лшараны иҟоуп.

Апроект алахәылацәа зегьы амедицинатә реабилитациа азы Жәларбжьаратәи академиа иатәу «Ареабилитолог ибиблиотека» ахь ҷыдала анаӡаразы алшара роуеит.

Апроект ахыркәшамҭаз имҩаԥысуеит апресс-конференциа. Араҟа амедицинатә реабилитациа ацентр «Экзарта» зыхьӡ нагоу, иԥхьагылоу аекспертцәа имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа реихшьаалақәа ҟарҵоит.


Read 225 times - Ахаша, 08 Абҵара 2023 18:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.