АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Абҵара.2023

Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Самшитовая роща» ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра ахь азашра ахәаԥшразы Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аӡбаратә еилатәара амҩаԥгара арыцхә шьақәыргылоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абжьаҟазаратә ӡбарҭа Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Самшитовая роща» ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра ахь азашра ала аус №АС-62/2023 ахәаԥшразы аӡбаратә еилатәара амҩаԥгара арыцхә шьақәнаргылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аофициалтә саит.  

Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Самшитовая роща» ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра ахь ашәахтә усбарҭа иаднакылаз аӡбамҭа азинмчы  аԥыхразы азыҳәамҭа ахәаԥшразы аӡбаратә еилатәара абҵарамза 29, 2023 шықәса, 11 сааҭи 00 минуҭи рзы имҩаԥгахоит.

Азыҳәамҭа ахәаԥшра аӡбаҩ Алиса Чамагәуа лхантәаҩрала имҩаԥгахоит. 

    


Read 211 times - Ахаша, 08 Абҵара 2023 17:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.