АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Абҵара.2023

Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аконтрабаҭтә сигареҭқәа рыиагара аԥхьырҟәҟәаара рылдыршеит.

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Краснодартәи аҳазылхыҩцәа 2600 пачка инарзынаԥшуа асигареҭ изакәанымкәа Урыстәылантәи Аԥсныҟа раагара аԥхьырҟәҟәаара алдыршеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә ҳазылхратә Маҵзура апресс-маҵзура.  

Ганрацәалатәи автомашьынатә аужьҭра-гәаҭаратә Пункт Адлер аҳазылхратә ԥыԥшырҭа аусзуҩцәа изакәанымкәа аҭаҭын аалыҵ аиагаразы зҽазызшәоз ҩ-машьынак ааныркылеит.

Автомашьына HYUNDAI амобилтә инспекциа-гәаҭаратә комплекс ахархәарала аҳазылхратә гәаҭараан, абензинмқьаҭи аԥсахга гьежьи ахьыҟоу аҭыԥ азааигәара атәым маҭәахәқәа рыҟазаара шалшо арбан.

«Иарбоу атранспорттә хархәга агәаҭараан аҭаҭын аалыҵ зҭаз имаӡоу аҭаҵәахқәа аарԥшхеит, – ҳәа иҳәеит Краснодартәи аҳазылхырҭа Ганрацәалатәи автомашьынатә аужьҭра-гәаҭаратә Пункт Адлер аҳазылхратә ԥыԥшырҭа аиҳабы  Алеқсеи Быков. – Асигареҭқәа рыхәҭак амашьына аҵа ахҟьа абжьара иҟаз, зыԥшра еиҭакыз абензинмқьаҭ иҭаҵәахын, егьи – асанҭыр змамыз аԥсахга гьежьы аҩныҵҟа иҭан». Ари амашьынала  1100 пачка асигареҭ аиагара рҽазыршәеит.

Иара убри аҽныҵәҟьа иаанкылан даҽа машьынак DAEWOO NEXIA. Уи Аԥснынтәи иааит.  Аҳазылхратә гәаҭараан ари амашьына ашьҭахьтәи атәарҭа аҿы аҳазылхыҩцәа ирбеит агенератор, уи акорпус  апластик иалхын, аҩныҵҟа уи механизмқәак амаӡамызт. Иарбоу агенератор аҩныҵҟа иҭаҵәахын  500 пачка инарзынаԥшуа аигареҭ.  Амашьына аидараҭыԥ иҭан иарку афымцашкаф, уи анаадырты ашьҭахь аҩныҵҟа ишҭаз рбеит  даҽа 1000 пачка асигареҭ.

Иааизакны автомашьынақәа рҟынтәи иԥшааны иҭыган 2600 пачка инарзынаԥшуа, иҷыдоу адыргаҭареи урыстәылатәи акцизтә маркақәеи змамыз асигареқәа. Аҭаҭын аалыҵқәеи урҭ изакәанымкәа аҳәаа иахыганы аиагаразы рхы иадырхәаз автомашьынақәеи рымхра мҩаԥгоуп.  Урыстәыла административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 16.3, ахәҭаҷ  16.1, ахәҭа 2 инарықәыршәаны административтә зинеилагарақәа рзы аусеилыргарақәа хацыркуп.


Read 206 times - Ахаша, 08 Абҵара 2023 17:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.