АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Абҵара.2023

Апрофильтә парламенттә Еилакы аҩбатәи аԥхьараҿы атәыла абиуџьет ахь аиҭакрақәа рыдкыларазы ажәалагала ҟанаҵоит.

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы аҿы абҵарамза 8 рзы «2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭарақәа ралагаларазы» азакәан апроект  иахәаԥшит. Аилак инарҭбаау аилатәара мҩаԥигон уи ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.  

Абҵарамза 2 рзы актәи аԥхьараҿы ирыдыркылаз  азакәан апроект,  Аԥсны  Аҳәынҭқарра  2023 шықәсазы Ареспубликатә  биуџьет  ихадоу апараметрқәа аиҭакрақәа ралагалара азԥхьагәанаҭоит.  

Аилацәажәара  ашьҭахь  Аилак аҿы иарбоу азакәан апроект Апарламент изаамҭанытәиу аилатәара ахь анагара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.  

Аконтрольтә Палата ахантәаҩы Каха Пертаиа   2024 шықәсазы Аконтрольтә Палата аныҟәгара азы абиуџьеттә харџьынҵа апроект рыдигалеит.    Аилак аҿы иарбоу апроект иақәшаҳаҭхеит, Апарламент изаамҭанытәиу аилатәара ахь анагӡаразы аӡбамҭа рыдыркылеит. 


Read 259 times - Ахаша, 08 Абҵара 2023 21:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.