Аҟәа. Абҵарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса жәымз рыла Аԥсны иахьаҵанакуа абанктә хсаалагақәа зку рыла имҩаԥгаз атранзакциақәа реицҵалыҵ 26,3 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аԥсны Абанк аофициалтә саит аҟны. 2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, имҩаԥгаз аоперациақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 16% (3,6 млрд) рыла еизҳаит.
Зынӡа ахсаалагақәа «АԤРА» ала имҩаԥгаз атранзакциақәа 38,4% рҟынӡа инаӡоит, ашәаратә система «МИР» ахсаалагақәа рыла – 33,5%, жәларбжьаратәи ашәаратә системақәа рыхсаалагақәа рыла – 28,1%.
Урыстәылатәи абанктә хсаалагақәа рыла Амилаҭтә шәаратә Система «АԤРА» аҿы имҩаԥгаз аоперациақәа рымҽхак 2023 шықәса жәымз ирылагӡаны 22,6% (3,0 млрд. мааҭ) рыла иазҳаит. Уи 16,1 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан «МИР» ахсаалагақәа рыла ашықәс алагамҭа инаркны имҩаԥгаз аоперациақәа 8,8 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи 74,8% (3,8 млрд. мааҭ) рыла 2022 шықәсатәи арбагақәа раасҭа еиҳахеит.
2023 шықәса жәымз ирылагӡаны Аԥсны абанктә хсаалагақәа рыла атуарқәеи амаҵзурақәеи рыхәԥсақәа ршәара 9,9 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уи 125% рыла иҳаҩсыз ашықәс азы арбага аасҭа еиҳауп. (4.4 млрд. мааҭ).
Абанктә хсаалагақәа АԤРА «World» зку рыла ареспублика анҭыҵ 2023 шықәса жәымз рыла инагӡаз аоперациақәа 78 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны 24 млн. мааҭ рыла еиҳауп.
Ашәаратә система «МИР» ахсаалагақәа рҟынтәи ахсаалагақәа «АԤРА» ахь аԥарақәа рыиагарақәа (P2P) аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы 189 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. (2022 шықәсазтәи арбага аасҭа 90,9% рыла еиҳауп).
Амилаҭтә шәаратә Система «АԤРА» иалаху абанкқәа ҳазҭоу ашықәс жәымз рыла ишьақәдыргылеит 536 POS-терминали 25 АТМ-банкомати.
Жьҭаарамза 1 азы Амилаҭтә шәаратә Система «АԤРА» атерминалтә инфраструктура 4 000 шьақәгылага иреиҳахеит.